Адгаларақәа рыхкқәа
Абиблиа аҵара ишалагатәу ииун амза раԥхьатәи асабшазы
«Ҳара иахьа иааркьаҿны ҳалацәажәоит аинтерес зҵоу абри аҩыза азҵаара. [Ирба «Дышԥазыҟоу Анцәа аҭаҭынахара?» захьӡу аброшиура аҵыхәтәантәи адаҟьаҿы иану актәи азҵаара.] Шәара шәгәы ишԥаанаго?» Уазыӡырҩы аҭак. Уалацәажәа азҵаара анаҩс иану аматериал, насгьы ҵаҟа иаагоу жәеинраалак иадамзаргьы. Аброшиура идгаланы, уиацәажәа ҿыц шәеиқәшәарц, анаҩстәи азҵаара аилыргаразы.
Аброшиура «Дышԥазыҟоу Анцәа аҭаҭынахара?»
«Есышықәса аҭаҭынахара иахҟьаны 6 000 000 раҟара ауаа ԥсуеит. Шгәы ишԥанааго, иҟаҵатәузеи иԥсуа рхыԥхьаӡара маҷхарц азы? [Уазыӡырҩы аҭак.] Аӡәырҩы ауаа ирылшеит ари ашьцылара акажьра, Анцәа аҭаҭынахара дшазыҟоу ахьеилыркааз иабзоураны. Иаҳҳәап, абри абиблиатә жәеинраала шьоукы азнархәыцит аҭаҭынахара аҭаҭын иахо мацара шракәым изԥырхагоу. [Уаԥхьа 1 Коринфаа 10:24.] Ари аброшиураҿы иануп аҭаҭынахара иазкны Анцәа игәаанагара ауаҩы аҭаҭынахара даҟәыҵырц игәазҭанаҵар шалшо».
Аброшиура «Дызусҭада аҩыза бзиаҵәҟьа?»
Аинтернет абзоурала иахьа уаанӡа еиԥшымкәа аҩызцәа рыԥшаара мариахеит. Иарбан ҟазшьақәоу, шәара шәгәаанагарала, илазар акәу аҩыза бзиаҵәҟьа? [Уазыӡырҩы аҭак.] Абар аиҩызара аганахь ала Абиблиа иану лабжьарак. [Уаԥхьа Иаков 1:19.] Ари аброшиураҿы еилыргоуп ихадоу ԥшь-принципк. Урҭ ҳара егьырҭ ҳарҩызахарц рҭаххартә еиԥш аҟалара иҳацхраауеит.