Аԥхьара зцәыуадаҩу ауаа ишрыцхраатәу
1. Иарбан уадаҩрақәоу иаҳԥылар ҳалшо, аԥхьара зцәыуадаҩу ауаҩы Абиблиа аниҳарҵо?
1 Аԥхьара зцәыуадаҩу ауаа адоуҳатә зҵаарақәа рахь аинтерес аадырԥшлар ауеит, аха Абиблиа мамзаргьы егьырҭ ашәҟәқәа рыԥхьара ашәара рызцәырнагар алшоит. Убри аҟынтә абас еиԥш иҟоу ауаа ашәҟәы «Иаҳнарҵаҵәҟьозеи Абиблиа?» анрыдаагало, иҟалап уи мап ацәыркыр. Ишԥаҳалшо урҭ адоуҳатә цхыраара рыҭара? Ҳара ҳрыҿцәажәеит 20 тәыла инареиҳаны рҿы инхо аԥышәа ду змоу ажәабжьҳәаҩцәа. Ҵаҟа иаагоуп дара иҟарҵаз лабжьарақәак.
2. Иарбан публикациақәоу ҳхы иаҳархәар ҳалшо, аԥхьара зцәыуадаҩу ауаҩы Абиблиа аниҳарҵо?
2 Абиблиа аҵара иаҿу ауаҩы аԥхьара ицәыцәгьазар, мамзаргьы зынӡа дзамыԥхьозар, ухы иаурхәар ауеит аброшиурақәа «Уизыӡырҩла Анцәа» ма «Уизыӡырҩла Анцәа наӡаӡа унхала». Еиду Аштатқәа рҟынтә пионерк ауаҩы аброшиурақәа рыҩбагьы иирбоит, нас диазҵаауеит иарбан брошиуроу иара еиҳа зҵара изымариоу ҳәа. Кениа иҟоу афилиал иаанацҳауеит арҭ аброшиурақәа рыла абиблиатә ҵара амҩаԥгара алҵшәа бзиақәа шамоу, избанзар Африка изышьцылахьоу арҵаратә метод — аиҭаҳәара ауп, азҵаарақәеи аҭакқәеи рыла имҩаԥысуа ахцәажәара акәымкәа. Аԥхьашьа здыруа ауаҩы аматериал аԥхьареи аилыргареи дрықәшаҳаҭзар, аԥхьара зцәыуадаҩу ауаҩы уи ԥхеишьоит. Абиблиа зҵо маҷк аԥхьашьа идыруазар, ажәабжьҳәаҩцәа аӡәырҩы раԥхьа абиблиатә ҵара мҩаԥыргоит аброшиурақәа «Ажәабжь бзиа Анцәа иҟынтә», «Уара Анцәа уиҩызахар улшоит!», насгьы ашәҟәы «Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы» рыла.
3. Иаҳгәалашәар ҳахәҭоузеи ҳара, аԥхьашьа ззымдыруа ауаа ҳрыцхраарц ҳҭахызар?
3 Арҽхәара хадоуп. Аԥхьашьа ззымдыруа ауаа уи иацәыԥхашьозар ауеит, убри азы реиҳараҩык рхахәшьара рыцәмаҷуп. Убри аҟынтә арҭ рҩызцәа ауаа аҵабырг дырҵаразы раԥхьаӡа иргыланы иԥхамшьаларц ирыцхраатәуп. Аԥхьара зцәыуадаҩу реиҳараҩык рыхшыҩ бзиоуп, аҵара зылшо уаауп. Урҭ ишрыхәҭоу еиԥш ҳаҭырла урызныҟәала (1 Пиот. 3:15). Дара гәаҳәарала Абиблиа аҵара иацырҵоит рџьабаа шмыӡыз, насгьы адоуҳатә қәҿиарақәа шрымоу анырбо. Убри аҟынтә арҽхәара уазхиаз.
4. Ишԥаҳалшо аԥхьара зцәыуадаҩу ауаа заа рҽазыҟарҵаларц ргәазҭаҳҵар?
4 Абиблиа зҵо ауаҩы аԥхьара ицәыуадаҩзар, заа иҽазыҟаиҵаларц игәазҭаҵа. Аладатәи-Африкатәи Ареспублика инхо ажәабжьҳәаҩцәа шьоукы Абиблиа зҵо ауаа ргәазҭарҵоит ибзианы иаԥхьо рҭынхацәа ма рҩызцәа рыцхыраара иаҳәаларц. Абиблиа зҵо аҽазыҟаҵара игәазҭеиҵарц Великобританиа инхо ажәабжьҳәаҩ абас ҟаиҵоит: аҵара анымҩаԥиго аамҭазы иара ихатә шәҟәы аамҭала изирҵо ииркуеит, уи ашәҟәы ианаҵшьу аҭакқәа рыԥшаара шымариоу ибартә. И́ндиантәи аиашьа Абиблиа аҵара иаҿу ирыдигалоит анаҩстәи аурок аҿы иану асахьақәа заа ирыхәаԥшырц, насгьы ирызхәыцырц.
5. Ишԥаилшо абиблиатә ҵара мҩаԥызго ачҳара аарԥшра?
5 Ачҳара аарԥшла. Иарбан публикациазаалакгьы ишәҵо ихадоу азхәыцрақәа урзааҭгылала, насгьы изҵо уицхраала урҭ рҵакы бзианы еиликаарц. Иҟалап раԥхьа абиблиатә ҵара 10—15 минуҭ ракәзар иахьымҩаԥгатәу. Знык ала аматериал рацәаны уахымслан, бзацқәак шәырхыслар азхоит. Ауаҩы дмыццакӡакәа даԥхьозар, ачҳара аарԥшла. Иегова иахь иааирԥшуа аџьшьара еизҳацыԥхьаӡа, еизҳауеит ибзианы аԥхьаразы имоу агәаҳәара. Убри аҟынтә аханатә аизарақәа рахь ааԥхьара иҭала.
6. Ишԥаицхраатәу ауаҩы аԥхьашьа иҵарц азы?
6 Ауаҩы аԥхьашьа иҵар, уи ирласны адоуҳатә қәҿиарақәа ҟаиҵоит (Ԥс. 1:1—3). Абиблиа зҵо игәы каҳауазар, иҟаиҵахьоу ақәҿиарақәа игәаларшәаны, игәы шьҭухыр улшоит. Агәра ирга иџьабаа Иегова дшазылԥхо, насгьы игәазҭаҵа Анцәа ицхыраара даҳәаларц (Ажәам. 16:3; 1 Иоан. 5:14, 15). Великобританиа инхо ажәабжьҳәара шьоукы Абиблиа зҵо ргәазҭарҵоит ԥхьаҟа ицаларц азы ирыцхраауа имариоу ахықәкқәа ықәдыргылаларц: раԥхьа алфавит аҵара, анаҩс абиблиатә жәеинраалақәа рыԥшаареи рыԥхьареи, аҵыхәтәаны зтекст мариоу апубликациақәа рыԥхьара. Ауаҩы аԥхьашьа аҵаразы уицхраарц уҭахызар ишаԥхьатәу ирбара мацара азхаӡом, аха аԥхьара бзиа ибартә иҟаҵатәуп.
7. Избан аԥхьара зцәыуадаҩу ауаа аҵабырг рзеиҭаҳәара мап зацәаҳамкуа?
7 Аԥхьашьа ззымдыруа ауаа Иегова иатәамбакәа дрыхәаԥшӡом (Иов 34:19). Иара дызхәаԥшуа ауаа рыгәқәа роуп (1 Ашықәс. 28:9). Убри аҟынтә аԥхьара зцәыуадаҩу ауаа аҵабырг рзеиҭаҳәара мап ацәумкын. Иҟоуп раԥхьатәи ашьаҿақәа раан ухы иаурхәар улшо еиуеиԥшым амыругақәа. Ԥыҭрак ашьҭахь ауаҩы Аҩыра иану инарҵауланы еиликаарц азы, ашәҟәы «Иаҳнарҵаҵәҟьозеи Абиблиа?» ахь уиасыр ауеит.
Аԥхьашьа ззымдыруа ауаа уи иацәыԥхашьозар ауеит, убри азы реиҳараҩык рхахәшьара рыцәмаҷуп. Убри аҟынтә арҭ рҩызцәа ауаа аҵабырг дырҵаразы иԥхамшьаларц ирыцхраатәуп