Аҭҵааразы амыруга ҿыц
Адунеи ахьынӡа-наӡааӡо миллионҩыла ажәабжьҳәаҩцәа аҭҵаарақәа анымҩаԥырго, рхы иадырхәоит «Ахьчаратә бааш апубликациақәа риндекс». Аха «Аиндекс» даара инарҭбааны иҩуп аҟынтә, уи бызшәақәак рыла мацароуп ишҭыжьу. Убри азоуп изҭыжьыз «Иегова ишаҳаҭцәа рпубликациақәа рзы амҩақәҵага» 170 бызшәа раҟара рыла. «Амҩақәҵагаҿы» иаагоуп еиҳарак 2 000 шықәса инаркны иҭрыжьуа апубликациақәа рахь ахьарԥшқәа. Уи қьыԥхьӡамызт «Аиндекс» злаҩу абызшәақәа рыла, аха аелектронтә библиотека «Watchtower Library», насгьы «Ахьчаратә бааш онлаин-абиблиотека» рахь иаларҵеит. «Амҩақәҵага» уцхраауеит абиблиатә зҵаарақәа рҭак аԥшаара, насгьы зинтерес умоу аинформациа аиура, иара убас аизарақәеи аҭаацәаратә мҵахырхәареи рҽазыҟаҵара.