АУРОК 27
Изаҭахузеи Аҳратә зал аҿы абиблиотека?
Израил
Чехиатәи Аҳәынҭқарра
Бенин
Каимантәи адгьылбжьахақәа
Ишәҭахума шәара темак ҭышәҵаар, Абиблиа еиӷьны еилышәкаарц азы? Шәара иалкаау библиатә жәеинраалак аинтерес шәымазар? Мамзаргьы шәара еиҳа еиӷьны Абиблиаҿ зыӡбахә ану ауаҩы, ақалақь, ма маҭәарк ирызкны еилышәкаарц шәҭахызар? Ма шәхатәы уадаҩрак аӡбаразы абиблиатә бжьагара шәҭахызар? Ус анакәха Аҳратә зал абиблиотека шәахәаԥш.
Аҭҵааразы акрызҵазкуа амыруга. Иҟалап шәара Иегова ишаҳаҭцәа рпубликациақәа шәхатәы бызшәала ишәымамзар. Аха иҟалап урҭ Аҳратә зал абиблиотекаҿы иҟазар. Абиблиотекаҿ апубликациақәа еснагь иацырҵоит. Ҳара ҳпубликациақәа рыдагьы, уа ишәыԥшаар шәылшоит еиуеиԥшым Абиблиа аиҭагақәа, ажәарқәеи аенциклопедиақәеи. Абиблиотека зегьы рзы иаартуп, аизара алагаанӡа, насгьы ианалгалак ашьҭахь. Уа акомпиутер ыҟазар, ҳәарада Ахьчаратә бааш аелеқтронтә библиотека (Watchtower Library) ықәыргылазаауеит. Ари акомпиутертә программа аҿы иуԥшаауеит еиуеиԥшым ҳпубликациақәа рыхкқәа. Имариоу аԥшааратә система уцхраауеит апубликациақәа зегь рҿы иуҭаху атема, ажәа, ма абиблиатә жәеинраала аԥшаара.
Аиԥылара «Хаԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи» аҿы аҵара зҵо рзы ацхыраара бзиа. Аҽазыҟаҵараан Аҳратә зал абиблиотека шәхы иашәырхәар шәылшоит. Уи дахылаԥшуеит аиԥылара «Ҳаԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи» амҩаԥгаҩ. Иара дахылаԥшуеит апубликациа ҿыцқәа ацырҵаларц, насгьы урҭ ибзианы еиқәшәазарц. Аиԥылара «Ҳаԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи» амҩаԥгаҩ, ма Абиблиа шәыцызҵо ишәирбар илшоит ишәҭаху аинформациа шыԥшаатәу. Абиблиотекатә шәҟәқәа Аҳратә зал аҟынтә адәылгара, ма азгәаҭақәа анҵара ахәҭам. Ашәҟәқәа иреиҷаҳалатәуп.
Абиблиа ишану еиԥш, «Анцәа изку адырра» аԥшааразы, «иҵәаху ахазына еиԥш» иашьҭалатәуп (Ажәамаанақәа 2:1—5). Аҳратә зал абиблиотека ус еиԥш иҟоу аԥшаарақәа рылагара ишәыцхраауеит.
Ишәыԥшаарц шәылшозеи Аҳратә зал абиблиотекаҿ?
Ишәыцхраарц зылшода абиблиотека хархәашьас иамоу шәирбарц?