АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
Апрограмма JW Library ҳхы ишаҳархәалаша
АԤХЬАРЕИ АҼАЗЫҞАҴАРЕИ РААН:
Уаԥхьала Абиблиа, иара убас есыҽнытәи абиблиатә жәеинраала
Уаԥхьала «Ежегодник», аброшиурақәа, насгьы егьырҭ апубликациақәа. Ухы иархәала афункциа «Закладки»
Аизара уҽазыҟаҵала, насгьы аҭакқәа ирыҵшьла
Уахәаԥшла авидео
АИЗАРАҾЫ:
Ажәахәҟаҵаҩ дзыԥхьо абиблиатә жәеинраалақәа аартла. Ухы иархәала афункциа «История», абиблиатә жәеинраалахь ухынҳәырц азы
Икьыԥхьу апубликациақәа рацәаны аизарахь иноумгаларц азы, ухы иархәала аелектронтә хархәага. Иаҭаху аматериал заа ихҩылаа. Апрограмма JW Library аҿы иара убас иҟоуп икьыԥхьу ашәаҳәага ашәҟәы ианым ашәа ҿыцқәа
АЖӘАБЖЬҲӘАРАҾЫ:
Аинтерес аазырԥшуа ауаҩы JW Library аҿы ирба публикациак, анаҩс уицхраа уи апрограмма иара иелектронтә хархәагаҿы ақәыргылара, насгьы ирба апубликациа шыхҩылаатәу
Ухы иархәа афункциа «Поиск», абиблиатә жәеинраала аԥшааразы. Уи азы аԥшаага ацәаҳәаҿы ианҵа ихадоу ажәа
Ирба авидео. Аԥшәма ахәыҷқәа имазар, идурбар улшоит «Стань другом Иеговы» ҳәа иҟоу аҟәша аҟынтә амультфильмқәа. Ауаҩы Абиблиа аҵара аинтерес изцәырҵырц азы, ирба авидеонҵамҭа «Изаҭахузеи Абиблиа аилкаара?». Атәымтәылауаҩ иурбар улшоит ибызшәала иҟоу авидео
Ирба заа ихыуҩылааз ихатә бызшәала еиҭагоу Абиблиа аҟынтә ажәеинраала. Уи азы иԥшаа абиблиатә жәеинраала, уақәыӷәӷәа аномер, анаҩс иалх «Другие переводы»