АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
Амаҵзураҿы иҳамоу аҟазара еиӷьаҳтәуеит. Авидео ала идҳарҵоит
УИ ЗХАДОУ:
Авидео ауаҩы игәы аҟынӡа инеир алшоит, избанзар иагьибоит, иагьиаҳауеит. Уи ихшыҩ азышьҭны дахәаԥшыртә ицхраауеит, насгьы иибаз акыр аамҭа ихашҭуам. Асахьақәеи абжьқәеи рыла ауаа дырҵараҿы Иегова аҿырԥш бзиа ҳаиҭоит (Аус. 10:9—16; Аат. 1:1).
Аброшиура «Ажәабжь бзиа», аурокқәа 2, 3 рзы иҭыжьуп авидеонҵамҭақәа «Имоума Анцәа ахьӡ?», «Кто Автор Библии?», насгьы «Откуда мы знаем, что Библия — это книга от Бога?». Авидеонҵамҭақәа «Изаҭахузеи Абиблиа аилкаара?», «Ишԥамҩаԥысуеи абиблиатә ҵара?», «Иҟарҵозеи Аҳратә зал аҿы?» ауаҩы игәазҭарҵоит Абиблиа аҵара алагара, мамзаргьы аизарахь анеира. Ҳорганизациа иҭнажьыз фильмқәак абиблиатә ҵара анымҩаԥаҳго идҳарбалар ауеит (km-U 5/13 3).
УИ ШЫҞАҴАТӘУ:
Заа ихҩылаа амаҵзураҿы ухы иаурхәарц иуҭаху авидеонҵамҭа
Ирхиа акы-ҩба зҵаара авидеонҵамҭаҿы зҭак аагоу
Авидеонҵамҭа ирба
Ихадоу азхәыцрақәа еилшәырга
ИҞАУҴАР УЛШОИТ:
Идырба абуклет аҵыхәтәантәи адаҟьаҿы иаагоу авидеонҵамҭа «Изаҭахузеи Абиблиа аилкаара?» ахь ухьазырԥшуа QR-акод
Ирба авидеонҵамҭа «Откуда мы знаем, что Библия — это книга от Бога?», насгьы дазхьарԥш аброшиура «Ажәабжь бзиа», аурок 3