Амаҵзураҿы иҳамоу аҟазара еиӷьаҳтәуеит. Адомофон ала ажәабжьҳәара шаҭаху
Уи зхадоу. Адомофон ала ажәабжьҳәара ҳара ашәара ҳазцәырнагар алшоит. Ҳҽацәаҳахьчар шԥаҳалшо уи ауадаҩра аус бзиақәа рахь иҳамоу агәацԥыҳәара ҳацәнамырӡырц? Иаҳхамышҭлароуп зны-зынла адомофон ала ажәабжьҳәара — ари шьоукы рҟынӡа ажәабжь бзиа анагаразы лшара заҵәык шакәу (Рим. 10:14). Аԥышәа иаҳнарбоит адомофон ала ажәабжьҳәара алҵшәа бзиа шамоу. (Уахә. 2011 шықәсазы иҭыҵыз «Есышықәсатәи аҭыжьымҭа», ад. 65—66, насгьы 2000 шықәсазы иҭыҵыз «Есышықәсатәи аҭыжьымҭа», ад. 54, абз. 3.) Ҳрыхәаԥшып анаҩстәи алабжьарақәа.
Ухы иархәа амза аҩныҵҟа абри алабжьара:
Аҭаацәаратә мҵахырхәара аан адгаларақәа уҽырзыҟаҵа, уи иалахәу рызқәа еирханы ицәажәалароуп.