Ишиашоу иҟоу ааԥхьара
1. Ианбалаго аконгресс ахь ааԥхьара иазку акампаниа?
1 Уара уҭынхацәеи уҩызцәеи сасра иаауԥхьарц угәы иҭазар, уаамҭеи умчи азкны афатәқәа урхиоит. Ҳәарада уара урҭ гәацԥыҳәарыла ааԥхьара руҭоит. Убас еиԥш, адоуҳатә чара, иҟалараны иҟоу аконгресс, архиаразы аџьабаа ду адбалан. Аконгресс алагаанӡа хымчыбжь шагу Иегова иҳаҭәаишьаз аҳаҭыр ала, ҳара ауаа ааԥхьара рыҭара ҳалагоит. Иҳацхраауазеи ҳара гәацԥыҳәарыла ааԥхьара рыларҵәара?
2. Ҳгәазҭазҵозеи ҳара инарҭбааны акампаниа аҽалархәра?
2 Инарҭбааны акампаниа аҽалархәра азы аџьшьара аарԥшны ҳазхәыцлароуп Иегова иҳаиҭо амҩақәҵарақәа иаҳзаарго ахәарҭа (Ис. 65:13, 14). Иара убас иаҳгәалашәалароуп ари есышықәсатәи акампаниа иаҳнаҭо алҵшәа. (Уахә. арамка «Акампаниа алҵшәақәа».) Аконгресс ахь ааԥхьара заҳҭо рҟынтә шьоукы хымԥада уахь инеиуеит. Аха ус еиԥш иҟоу ауаа рацәамхаргьы, ҳара гәацԥыҳәарыла акампаниа ҳахьалахәу Иегова дарҳаракуеит, насгьы иаанарԥшуеит иара иқьиоу згәы аарту Анцәа шиаку (Ԥс. 145:3, 7; Аатр. 22:17).
3. Ишԥарылаҳарҵәало ааԥхьара?
3 Аизара аиҳабацәа рхеилак азхәыцуеит акампаниа аан атерриториа зегь аус адулара шрылшо, ирыӡбоит ауаа ахьрықәымшәаз аҩнқәа рҿы ааԥхьара ааныжьтәу-иааныжьтәыму, насгьы иаԥсоума реизара иаҵанакуа атерриториаҿы ауаа рацәа ахьыҟоу аҭыԥқәа рҿы рыларҵәара. Аԥсшьарамшқәа раан, иауазар, ааԥхьара иацҵаны ирыдаҳгалалар ҳалшоит изаамҭанытәу аброшиурақәа. Акампаниа анынҵәалак ашьҭахь, ҳара агәырӷьара ҳнаҭоит гәацԥыҳәарыла уи ҳахьалахәыз, насгьы Иегова иҳазирхиаз адоуҳатә чарахь ауаа рацәаны иахьнеиз.