АМАҴЗУРАҾЫ ИҲАМОУ АҞАЗАРА ЕИӶЬАҲТӘУЕИТ
Аконгресс ахь ааԥхьара иазку акампаниа
Есышықәса ҳара даара ҳазыԥшуп ҳдоуҳатә ныҳәа — арегионалтә конгресс. Иҟалап егьырҭгьы Иегова иқьиара рнырыр рҭахызар, убри аҟынтә ҳҽазаҳшәоит ирацәаҩны ауаа аконгресс ахь ааԥхьара рыҭара (Аԥсал. 33:9 [34:8, АдҾ]). Аизара аиҳабацәа рхеилак иаӡбоит ааԥхьарақәа еиҳа еиӷьны ишрыларҵәалатәу.
АГӘАЛАРШӘАГА
Ианбамҩаԥысуеи аконгресс?
Ианбалагои ааԥхьара рыларҵәаразы акампаниа?
Ианбамҩаԥысло ажәабжьҳәаразы аиқәшәарақәа?
Иарбан хықәкқәоу акампаниа аан инасыгӡарц исҭаху?
Ааԥхьара зысҭарц сҭахыда?
ИҲӘАТӘУЗЕИ?
Ауаҩы аԥсшәа аниауҳәалак ашьҭахь, иуҳәар улшоит:
«Ҳара ҳалахәуп адунеизегьтәи акампаниа даара ихадоу ахҭыс ахь ауаа ааԥхьара рыҭаразы. Ааԥхьараҿы иарбоуп ари ахҭыс ахьымҩаԥысуа, насгьы ианымҩаԥысуа. Уаҟа шәбара даара ҳаигәырӷьоит».
ИШԤЕИЗЫРҲАТӘУ АУАҨЫ ИААИРԤШЫЗ АИНТЕРЕС?
Ҳара ҳхықәкы иахьынӡалшо ирацәаҩны ауаа аконгресс ахь ааԥхьара рыҭара ауп, аха аинтерес аазырԥшыз ауаа азҿлымҳара рыҭара уазхиаз.
Аԥсшьарамшқәа раан ауаҩы аброшиуреи ааԥхьареи еициуҭар улшоит.