Ҷыдалатәи ааԥхьара
1. Ианбалаго 2014 шықәсазы имҩаԥысуа аконгресс иазкны ааԥхьара акампаниа?
1 Иаҳҳәап уара иуҭахуп уҩызцәеи ууацәеи рзы иҷыдоу фатәык архиара, амчи ахарџьи рацәаны изго. Хымԥада, уара гәахәарала урҭ ааԥхьара руҭалоит. Иаҳҳәар ҳалшоит 2014 шықәсазы имҩаԥысуа аобласттә ма жәларбжьаратәи аконгресс доуҳатә ныҳәоуп ҳәа, уи архиара аџьабаа ду адбалан. Аконгресс иалагаанӡа хымчыбжь рыҩныҵҟа ҳара иҳамазаауеит алшара ауаа рааԥхьара. Иҳацхраауазеи ҳара гәахәарала ааԥхьарақәа рызшара?
2. Ҳгәазҭазҵозеи ҳара ихарҭәааны акампаниа аҽалархәра?
2 Акампаниа ихарҭәааны ҳҽалаҳархәразы даараӡа ихадоуп Иегова имҩаԥиго адоуҳатә ныҳәақәа хаҭала ҳара хәарҭас иаҳзаарго азхәыцра (Ис. 65:13, 14). Иара убасгьы иаҳгәалашәалозар ауп есышықәсатәи ари акампаниа иаанаго алҵшәа. Ааԥхьара заҳҭо рҟынтә шьоукы ҳәарада аконгресс ахь инеиуеит. Аха инеиуа ауаа рацәамхаргьы, ҳара гәацԥыҳәарала акампаниа ҳахьалахәу Иегова дҳаранакуеит, насгьы игәыҳалалра аанарԥшуеит (Ԥс. 145:3, 7; Аатр. 22:17).
3. Ишԥарылаҳарҵәало ҳара ааԥхьарақәа?
3 Аизара аиҳабацәа рхеилакқәа азхәыцыр ауп акампаниа аан реизара атерриториа зегьы аус шадулатәу, иагьырыӡбоит аӡәгьы дахьыҟамыз ааԥхьарақәа ааныжьтәу-иааныжьтәыму, насгьы иаԥсоу-иаԥсаму реизара атерриториа иаҵанакуа ауаа рацәа ахьеизо аҭыԥқәа рҿы ааԥхьарақәа ршара. Аԥсшьарамшқәа раан уи аҩыза алшара аныҟоу, ааԥхьарақәа ирыцҵаны ируҭалар ҟалоит аброшиура ҿыцқәагьы. Акампаниа анымҩаԥысуа аамҭазы амза раԥхьатәи асабша ақәшәозар, ари амш аҽны раԥхьаӡа иргыланы ҳара ирылаҳарҵәо ааԥхьара ауп, абиблиатә ҵара алагара акәымкәа. Акампаниа анҵәамҭазы ҳара агәырӷьара ду ҳзаанагоит Иегова еиҿикааз адоуҳатә ныҳәахь ауаа рааԥхьара гәацԥыҳәарала ҳшалахәыз аилкаара.