Ажәабжьҳәаҩцәа рызҵаарақәа
◼ Ирыхәҭоума ажәабжьҳәаҩцәа аинтернет рхы иадырхәаларц даҽа қалақьк аҿы инхо ирзымдыруа ауаа шаҳаҭра рыҭаразы, мамзаргьы Абиблиа дырҵаразы?
Ажәабжьҳәаҩцәа аӡәырҩы аинтернет рхы иадырхәоит ажәабжьҳәаҩцәа ахьмаҷу, мамзаргьы азин ахьыҟам ақалақьқәа рҿы Абиблиа аҵара алагаразы. Џьара-џьара уи алҵшәа бзиа аанагеит. Аха иҟоуп ашәарҭара ажәабжьҳәаҩцәа ирзымдыруа ауаа аелеқтронтә ԥошьҭала, мамзаргьы ачат ала ианрацәажәо. (Уахә. 2007 шықәса ииуль мзазы иҭыҵыз «Иԥшьоу ҳмаҵзура», ад. 3.) Аишьцәеи аиаҳәшьцәеи хықәкыс ирымоу гәыкала иҟоу ауаа Аҳра иазку ажәабжь реилыркаара шакәугьы, дара нанагар алшоит иҽеим ауаа иацәхьаҵызгьы уахь иналаҵаны рацәажәарахь (1 Кор. 1:19—25; Кәал. 2:8). Уи адагьы, Аҳра аус уиаҟара иаартны, мамзаргьы зынӡаск азин ахьыҟам атәылақәа рҿы ус еиԥш иҟоу аицәажәара аиҳабыра ацклаԥшуазар алшоит, насгьы уи аҭыԥантәи аишьцәеи аиаҳәшьцәеи ирԥырхагахар ҟалоит. Убри аҟынтә ажәабжьҳәаҩцәа ирыхәҭаӡам аинтернет аҿы даҽа тәылак аҿы инхо ауаа рыԥшаара, ажәабжь бзиа рзеиҭаҳәаразы.
Иҟалап уара иформалтәым аҭагылазаашьаҿы даҽа тәылак аҟынтә аамҭала иааз ауаҩы ажәабжь изеиҭоуҳәозҭгьы. Уи ауаҩы иҩныҟа даныгьежьлак ашьҭахь дыԥшааны, изцәырҵыз аинтерес шеизурҳаша уашьҭамлан, аҭыԥантәи афилиал даҽа напхгарак унамҭазар. Еиӷьхоит еилуркаар ҳсаит jw.org аҟынтә еиҳа аинформациа иоур шилшо, мамзаргьы дахьынхо атәылаҿы иҟоу афилиал шиԥшааша. Иара убас игәазҭаҳҵар ҳалшоит дахьынхо аҭыԥ аҿы иҟоу Аҳратә зал даҭаарц. Ҳәарада тәылақәак рҿы иҟаӡам Аҳратә залқәа. Аҭыԥантәи Иегова ишаҳаҭцәа иҭаарц иҭахызар, ихарҭәааны амаӡаныҟәгаҩ иаҳҭар ҳалшоит абланк «Ҳуҳәоит, ари ауаҩы уиҭаа» (S-43), нас иара ҳсаит аҿы иҟоу агәылаҵа «Аизара» ихы иархәаны ишьҭуеит. Уи атәыла аҟны ажәабжьҳәара аус иахылаԥшуа афилиал еиҳа еиӷьны иадыруеит ирымоу аҭагылазаашьа, насгьы ауаа адоуҳатә цхыраара шрыҭалатәу. (Уахә. 2014 шықәса ииун мзазы иҭыҵыз «Иԥшьоу ҳмаҵзура», ад. 7, насгьы 2011 шықәса ноиабр мзазы иҭыҵыз «Иԥшьоу ҳмаҵзура», ад. 2.)
Иааиԥмырҟьаӡакәа ҳазҭаауа ауаҩы даҽа тәылак ахь нхара диасуазар, мамзаргьы даҽа тәылак аҿы инхо, аха аинтернет мацарала иаҳдыруа ауаҩы Абиблиа аҵара ҳицалагазар, хыхь иану анапхгара иқәныҟәатәуп. Ауаҩы имоу аинтерес еизҳарҳалар ҳалшоит, аҭыԥантәи ажәабжьҳәаҩ диԥшаанӡа. Иара убас ауаҩы уиаҟара иаартны ажәабжьҳәара азин ахьыҟам атәылаҿы дынхозар, агәҽанызаара ааҳарԥшлароуп саламшәҟәыла, ҭелла, мамзаргьы егьырҭ аелеқтронтә хархәагақәа рыла абиблиатә темақәа анеилҳарго (Матф. 10:16).