Адгалара ахкы
Аброшиура «Изалшома аԥсра ашьҭахь аԥсҭазаара?»
«Ҳара иааркьаҿны ҳгәылацәа ҳрацәажәоит аӡәгьы иаҩымсуа агәырҩа ишаиааитәу иазкны. Иузааигәоу ауаҩы иԥсра аҵкыс еиҳау агәырҩа узаазго ыҟаӡам, шәақәшаҳаҭума? [Уазыӡырҩы аҭак.] Шәахәаԥш угәы ҟазҵо Абиблиа иану ари ақәыргәыӷра. [Уаԥхьа Аатра 21:3, 4.] Абиблиа агәыӷра ҳнаҭоит иаҳцәыԥсхьоу бзиа иаҳбо зны рыԥсы шҭало. Ари аброшиураҿы иануп уи шыҟало».