Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • km 11/15 ад. 2
  • Аудионҵамҭақәа ҳхы ишаҳархәаша

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Аудионҵамҭақәа ҳхы ишаҳархәаша
  • Иԥшьоу ҳмаҵзура 2015
  • Иеиԥшу аматериал
  • Урзыӡырҩуама уара Абиблиа аудионҵамҭақәа?
    Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2023
  • Амлакра аҟынтә аиқәхара
    Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2020
  • Асаит jw.org ажәабжьҳәараҿы ҳхы иаҳархәоит. «Абиблиатә зҵаарақәа рҭак»
    Иԥшьоу ҳмаҵзура 2014
  • Шаҟа ахә ҳаракны иушьозеи Анцәа Иажәа?
    Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2019
Шәахәаԥш еиҳаны
Иԥшьоу ҳмаҵзура 2015
km 11/15 ад. 2

Аудионҵамҭақәа ҳхы ишаҳархәаша

1. Ҳхы иаҳархәалар ҳалшозеи икьыԥхьу апубликациақәа рыдагьы?

1 Аӡәырҩы ауаа ҳсаит иаҭаауеит, насгьы гәахәарыла ирыԥхьоит уа иану ажәаа хаақәеи ажәа иашақәеи (Еккл. [Эккл.] 12:10). Аха иаҳҳәар ҳалшозеи аудионҵамҭақәа рзы? Ухы иаурхәома урҭ? Дара рыбзоурала ҳара иҳалшоит ҳсаит аҿы иҟоу аинформациа азыӡырҩра. Хәарҭас иааргар алшозеи аудионҵамҭақәа?

2. Ишԥаҳалшо аудионҵамҭақәа ҳхы иаҳархәалар хаҭалатәи аҭҵаареи аҭаацәаратә мҵахырхәареи раан?

2 Хаҭалатәи аҭҵаареи аҭаацәаратә мҵахырхәареи рзы. Амҩа ҳанықәу, мамзаргьы есыҽнытәи аусқәа ҳанырҿу ҳарзыӡырҩлар ҳалшоит Абиблиеи, ажурналқәеи егьырҭ апубликациақәеи раудионҵамҭақәа. Уи ҳацхраауеит аамҭа ииашаны ахархәара (Ефес. 5:15, 16). Аҭаацәаратә мҵахырхәара аинтерес аманы иҟаларц азы уи анымҩаԥыжәго зны-зынла апубликациақәа раудионҵамҭақәа шәырзыӡырҩлар алшоит шәхатә екземплиар ала. Хаҭалатәи аҭҵаараан аудионҵамҭақәа алҵшәа бзиа инаҭар илшоит аԥхьара еиӷьызтәыр зҭаху, мамзаргьы даҽа бызшәак зҵо ауаҩы.

3. Хәарҭа ззаанагар алшози аудионҵамҭақәа ҳахьынхо аҭыԥаҿы?

3 Амаҵзуразы. Ажәабжь ахьаҳҳәо аҭыԥқәа рҿы аӡәырҩы ауаа аԥхьаразы аамҭа ҳамам ҳәа рҳәоит, аха урҭ аудионҵамҭақәа рзыӡырҩра рҭаххар алшоит. Зны-зынла ҳара ҳрықәшәоит даҽа бызшәак ала ицәажәо ауаа, урҭ ажәабжь рхатәы бызшәала ианраҳалак еиҳа ибзианы иазыӡырҩуеит (Аус. 2:6—8). Жәларқәак ркультураҿы аӡырҩра акраҵанакуеит. Иаҳҳәап, хмонг ажәлар ркультураҿы иаԥуп аҭоурыхтә жәабжьқәа абиԥарак аҟынтә даҽа абиԥарак рахь аиагара. Африка инхо ажәларқәа аӡәырҩы ркультураҿы ауаа гәыкала иазыӡырҩуеит хәарҭа узҭо ажәабжьқәа.

4. Ишԥаҳалшо ажәабжьҳәараҿы аудионҵамҭақәа ҳхы иаҳархәалар?

4 Иҟалап, шәахьынхо аҭыԥаҿы ажәабжьҳәараан аудионҵамҭа аҿакны аԥшәма ихатәы бызшәала иазырӡырҩра ақәҿиара аанагар. Иҟалап, аӡәы иҭаххар аелектронтә ԥошьҭала аудиопубликациақәа аиура. Мамзаргьы ҳара иҳалшоит аудиопубликациақәа CD иҭаҩны аинтерес аазырԥшуа ауаа рыҭара, зны-зынла икьыԥхьу апубликациақәагьы рыцҵаны. Ишеибгоу иҟоу аелектронтә шәҟәқәа, аброшиурақәа, ажурналқәа, насгьы абуклетқәа ауаа ианраҳҭо урҭ аҳасабрбаҿы иаҳарбар ҳалшоит. Аудионҵамҭақәа ҭыжьуп хаҭалатәи аҭҵаараҿы ахархәаразы, насгьы Аҳра иазку аиашара рыларҵәаразы (1 Кор. 3:6).

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра