Ҟазарыла арҵаразы аҽазыҟаҵара аҭахуп
Иисус ҩынтә иреиҵамкәа наӡаӡатәи аԥсҭазаара иазкны азҵаара ирҭахьан, аха ириҭоз аҭакқәа еиԥшымызт, избанзар азҵаара изҭоз рҭахрақәа дрызхәыцуан (Лука 10:25—28; 18:18—20). Убри аҟынтә Абиблиа аҵараҿы ҳазхысуа аматериал бзианы иаҳдыруазаргьы, заа ҳҽазыҟаҳҵалар ахәҭоуп изҳарҵо ҳизхәыцны. Изеилымкаар алшозеи, мамзаргьы зыдкылара ицәыцәгьахозеи? Иарбан Абиблиа аҟынтә иаагоу жәеинраалақәоу зыԥхьара ахәҭоу? Шаҟа бзац ҳахысыр аԥсоузеи? Заа ҳзызхәыцхьоу аҿырԥши, аматериал иеилыркаареи, дзырхәыцша азҵаарақәеи Абиблиа зҵо ауаҩы ицхраауеит аинформациа адкылара. Ауаҩы игәаҿы аиашара еиззырҳауа Иегова иоуп, убри аҟынтә иара ҳиҳәалар ахәҭоуп азылԥхарақәа ҳаиҭарц ауаҩы Абиблиа ирҵара ҳҽаназыҟаҳҵо, насгьы иара доуҳала деизҳаларц азы ҳҽазышәарақәа дырзылԥхаларц, иара убас изҵо ихаҭагьы дицхрааларц (1 Кор. 3:6; Иак. 1:5).