Ашәҟәы «Иаҳнарҵозеи Абиблиа» ҟазарыла шәхы иашәырхәала
Анцәа иажәа зҵо ауаҩы Абиблиа иаҳнарҵаҵәҟьо еиликаацыԥхьаӡа, насгьы еиликааз иԥсҭазаараҿы ихы иаирхәацыԥхьаӡа доуҳала изҳалоит, насгьы алҵшәа бзиақәа ааигалоит (Аԥсал. [1:1—3] 1:1—3). Ашәҟәы «Иаҳнарҵозеи Абиблиа» ҟазарыла ҳхы иаҳархәалар Абиблиа зҵо ауаҩы ақәҿиара иоуртә еиԥш ҳицхраар ҳалшоит. Иарбан ҷыдарақәоу уи ашәҟәы иамоу?
Алагамҭаҿы иаагоу азҵаарақәа. Ахқәа зегьы ралагамҭаҿы иаагоуп азҵаарақәа, урҭ рҭакқәа уа иануп. Урҭ азҵаарақәа ариторикатә зҵаарақәа реиԥш ҳхы иаҳархәар ҳалшоит анаҩстәи ахцәажәарахь ауаҩы аинтерес изцәыргаразы. Мамзаргьы ауаҩы ҳиҳәар ҳалшоит зҵаарацыԥхьаӡа иааркьаҿны аҭак ҟаиҵарц. Ииашам агәаанагара иҳәаргьы иаразнак думыриашан. Иҟаиҵо аҭакқәа уцхраауеит аԥхьаҟа еиҳа уззаҭгылаша аилкаара (Ажәам. [Прит.] 16:23; 18:13).
Агәылаҵа. Абиблиа зҵо ауаҩы шәызхысуа ахаҿы иану аматериал бзианы еиликаауазар, насгьы ихы иаирхәозар уиҳәар улшоит уи ахы иаҵанакуа агәылаҵа ихала даԥхьарц. Даҽазны Абиблиа аҵара анымҩаԥыжәго аамҭа алхны уиазҵаар улшоит уи агәылаҵа аҟынтә изеилымкааз ыҟоума ҳәа. Аха агәылаҵа аҟынтә аматериал, мамзаргьы хәҭак еилыргатәуп ҳәа угәы иаанагозар Абиблиа аҵараан абзацқәа шәрыԥхьаны заа ишьақәургылаз азҵаарақәа рыла уи еилшәыргар шәылшоит.
Аиҭахысразы азҵаарақәа. Ахқәа рынҵәамҭаҿы иҟоуп аиҭахысразы арамка, уаҟа иануп алагамҭаҿы иҟаз азҵаарақәа рҭакқәа. Абиблиа зурҵои уареи арамка анеилшәырго, уара иубоит ихадоу азхәыцрақәа шеиликааз, насгьы ииҵаз ауаа реилыркаара шилшо. Урыԥхьа ашьақәырӷәӷәарақәа зегьы, насгьы иаагоу ажәеинраала (мамзаргьы ажәеинраалақәа). Анаҩс Абиблиа зҵо ауаҩы уиҳәа ажәеинраалақәа ихы иархәаны ашьақәырӷәӷәара зиашоу уеилиркаарц (Аус. 17:2, 3).