АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА | АԤСАЛОМ 33—36 (34—37, АдҾ)
Иегова уиқәгәыӷла, абзиара ҟаҵала
«Урыҵамшьыцын аиакәым ҟазҵо»
36:1, 2 (37:1, 2, АдҾ)
Иалумыршан ацәгьа зуа аамҭала ирымоу ақәҿиара Анцәа имаҵ аура уахнагар. Адоуҳатә зылԥхарақәеи ахықәкқәеи улаԥш рықәкыз
«Нцәа Ҳазшаз уиқәгәыӷла, абзиара ула»
36:3 (37:3, АдҾ)
Агәра ганы уҟаз Иегова иарбанзаалак алакҩакреи агәҭынчымреи риааира дышуцхраауа. Иара уизиашаны уаанхарц дуцхраауеит
Активла Анцәа Иаҳра иазку ажәабжь бзиа ауаа ирыларҵәала
«Иегова иҟны агәырӷьара ԥшаала»
36:4, АдҾ
Абиблиа аԥхьареи уи азхәыцреи рзы аамҭа алхла. Уи аамҭазы Иегова еиҳа еиӷьны иабадырра хықәкыс иумаз
«Умҩа Нцәа Ҳазшаз имада»
36:5, 6 (37:5, 6, АдҾ)
Агәра ганы уҟаз Иегова иарбанзаалак ауадаҩра аиааира дышуцхраауа
Ииашаны ухы мҩаԥгала аҿагылареи ашьҭашәарыцареи уанрықәшәо, мамзаргьы ацәгьа анузырҳәо
«Нцәа Ҳазшаз иҳәатәаҿы уҟаз, уагьиқәгәыӷла»
36:7—9 (37:7—9, АдҾ)
Агәырӷьара умызхуа, Иеговеи уареи шәеизыҟазаашьақәа бжьызхуа аӡбарақәа удумкылалан
«Адгьыл ртәхоит асыс мҟаа иаҩызоу»
36:10, 11 (37:10, 11, АдҾ)
Асыс мҟаа еиԥш уҟәымшәышәны уаанхала, ахынраалара аарԥшуа, узықәшәо аиашамра Иегова ианықәиго уазыԥшыз
Удинхаҵара уцеиҩызшо ацхыраара рыҭала, насгьы Анцәа ҳазқәиргәыӷыз адунеи ҿыц шааигәоу ргәаларшәо згәы каҳаны иҟоу ргәы ҟаҵала
Амессиантә Аҳра азылԥхарақәа рацәаны иаанагоит