АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА | АԤСАЛОМ 44—50 (45—51, АдҾ)
Иегова згәы каҳаны иҟоу дрыгәҭасуам
Давид Аԥсалом 50 (51, АдҾ) иҩит, Нафан Давид Вирсавиа лҿы агәнаҳа шыҟаиҵаз атәы аниеиҳәа ашьҭахь. Давид иламыс даргәаҟуан, убри аҟынтә иара ахынраалара аарԥшны агәнаҳа шыҟаиҵаз иҳәеит (2 Сам. [2См] 12:1—14).
Давид агәнаҳа шыҟаиҵазгьы, Иеговеи иареи реизыҟазаашьақәа еиҭашьақәиргылар илшон
50:5, 6, 10—14, 19 (51:3, 4, 8—12, 17, АдҾ)
Давид иҟаиҵаз агәнаҳа дахьхәаанӡа, насгьы уи шыҟаиҵаз иҳәаанӡа, иламыс даргәаҟуан
Иара Анцәа иразра ахьицәыӡыз азы убриаҟара дгәырҩон, иԥыххаа зыбаҩқәа зцәа иҭаԥсоу иеиԥш ихы ибон
Иара даара иҭахын иҟаиҵаз агәнаҳа Анцәа ианаижьырц, реизыҟазаашьақәа еиҭашьақәиргыларц, насгьы ҿыц агәырӷьара иоурц
Иара ахынраалара аарԥшны Иегова диҳәон, аӡырҩра аарԥшразы агәазыҳәара иоурц
Иара агәра ганы дыҟан Иегова ишианаижьуа