АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА | АԤСАЛОМ 51—58 (52—59, АдҾ)
«Уусқәа зегьы Анцәа инапы ианҵа»
Давид иԥсҭазаараҿы имаҷымкәа ауадаҩрақәа ихигеит. Аԥсалом 54 (55, АдҾ) аниҩуаз аамҭазы иара дрықәшәахьан...
Аларҟәра
Ашьҭашәарыцарақәа
Иламыс ахьиқәыӡбоз азы агәаҟрақәа
Ахәыҷы иԥсра
Ачымазара
Ачарҳәара
Давид игәаҟрақәа егьа иуадаҩзаргьы, иара еснагь урҭ дшыриааиша идыруан. Абар иара Анцәа идоуҳа ацхыраарала ауадаҩрақәа ирықәшәо зегьы ирабжьеигаз: «Уусқәа зегьы Анцәа инапы ианҵа».
Ишԥаҳалшо ари алабжьара иахьа ҳхы иаҳархәар?
54:23 (55:22, АдҾ)
Гәык-ԥсык ала Иегова уаниҳәо, иумоу ауадаҩрақәа зегьы изеиҭаҳәала
Анцәа Иажәеи иорганизациеи рҿы ацхыраара ԥшаала
Аҭагылазаашьа арҽеиразы, абиблиатә принципқәа инарықәыршәаны иулшо зегь ҟаҵала