АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
«Анцәа сара сыцхырааҩ»
Аԥсалом 51—58 (52—59, АдҾ) иаадырԥшуеит Давид иԥсҭазаараҿы ауадаҩрақәа данрықәшәоз имаз ацәаныррақәа. Аха имариамыз арҭ аамҭақәа рзы иара Иегова диқәгәыӷуан (Аԥсал. 53:6 [54:4, АдҾ]; 54:23 [55:22, АдҾ]). Уи иара убас Иегова иажәазы дирҽхәон (Аԥсал. 55:11 [56:10, АдҾ]). Еизҳарҳауама ҳаргьы ҳ-Анцәа иахь убас еиԥш иҟоу агәрагара? Иҳаԥшаауама ҳара ауадаҩра ҳанақәшәо Абиблиаҿы ацхыраара? (2 Тим. 3:16, 17). Иарбан библиатә жәеинраалақәоу иуцхрааз...
угәы каҳаны уаныҟаз?
уанычмазаҩыз?
аиашамра уанақәшәаз?
ианушьҭашәарыцоз?