АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
Имариоу аԥсҭазаара Анцәа ирҳаракра иҳацхраауеит
Иахьа аԥсҭазаара аруадаҩра мариоуп. Еиуеиԥшым амаҭәарқәа раахәареи, рыхә ашәареи, рхархәареи, рхылаԥшреи, рыхьчареи имаҷымкәа ҳаамҭеи ҳамчи ҳамырхуеит. Иисус имариаз аԥсҭазаара мҩаԥигон, убри аҟынтә амазара Анцәа имаҵ аураҿы иԥырхагамызт (Матф. 8:20).
Ишԥаулшо еиҳаны амаҵ ауразы уԥсҭазаара армариара? Ишәылшома шәҭаацәараҿы ак аԥсахра, аӡәы пионерс амаҵ аура далагарц азы? Упионерзар, уазхәыц: иалуршама иузгәамҭаӡакәа амазара уԥсҭазаара аруадаҩыртә? Имариоу аԥсҭазаара мҩаԥго Иегова имаҵ анаҳуа, анасыԥи агәахәареи ҳамазаауеит (1 Тим. 6:7–9).
Ианҵа уԥсҭазаара армариаразы иҟауҵар улшо.