АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА | МАТФЕИ 1—3
«Жәҩантәи Аԥсҳара ааигәахеит»
Иоанн имаҭәеи иҭеиҭԥши иаадырԥшуан ԥсҭазаара мариала дшынхоз, насгьы Анцәа имаҵ аура мацара ихы шазышьҭыз.
Иоанн иаҭәашьан зеиԥшыҟам аҳаҭыр — Иисус изы амҩа архиара. Уи азы иара ахамеигӡара аарԥшра дазхиан.
Имариоу аԥсҭазаара еиҳаны Анцәа имаҵ аура иҳацхраауеит, убри аҟынтә еиҳаны агәырӷьара ҳзаанагоит. Абар ҳаԥсҭазаара армариара шҳалшо:
Аԥсҭазааразы ишәҭахыҵәҟьоу шәазхәыц.
Баша аԥара нышәымхлан.
Ишәнаало абиуџьет шьақәшәыргыл.
Ишәҭахым амаҭәарқәа ықәыжәга.
Шәуалқәа шәшәа.
Аусура иазышәкуа аамҭа шәырмаҷ.
Иоанн иифоз амаҵеи абнатә цхеи ракәын
Иарбан хықәку инасыгӡар сылшо, сыԥсҭазаара сырмариар?