АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА | АԤСАЛОМ 105—108 (106—109, АдҾ)
Иегова аџьшьара ишәҭала
Избан израильаа Иегова иус дуқәа ирласны изырхашҭыз?
105:7, 13, 14 (106:7, 13, 14, АдҾ)
- Дара Иегова иакәымкәа, рхи-рыԥси, есыҽнытәи рҭахрақәеи роуп рхы ззырышьҭыз 
Ишԥаҳалшо ҳгәаҿы аџьшьара аизырҳара, насгьы уи ахьчара?
105:1—5 (106:1—5, АдҾ)
- Иегова аџьшьара зызиуҭаша уазхәыцла 
- Ԥхьаҟатәи агәыӷра ахә ҳаракны ишьала 
- Иегова уаниҳәо, иалкаау азылԥхарақәа рзы аџьшьара аарԥшла