АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
Ашьҭашәарыцарақәа ирықәшәо ақьырсианцәа рзы Анцәа иҳәара ухоумыршҭлан
Абиблиаҿы заа иҳәан Анцәа имаҵ аура ҳаҟәыҵырц азы Аҩсҭаа дышҳашьҭашәарыцало (Иоанн 15:20; Аат. 12:17). Ишԥаҳалшо ашьҭашәарыцарақәа ирықәшәо ҳагәрахаҵара ҳацеиҩызшо ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ҳрыцхраар? Дара рзы Анцәа ҳиҳәалар ҳалшоит. Избанзар «ауаҩ иаша игәцаракратә ныҳәара иалшо шьарда ирацәоуп» (Иак. 5:16).
Ҳзызиҳәалар ҳалшозеи? Ҳара Иегова ҳиҳәалар ҳалшоит ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи агәымшәара риҭарц азы (Ис. [Иса] 41:10—13). Иара убас ҳара Иегова ҳиҳәалар ҳалшоит аиҳабыра ҳажәабжьҳәаратә ус ибзианы иазыҟазарц, иҭынчу аԥсҭазаара анаҩсгьы имҩаԥаҳгаларц азы (1 Тим. 2:1, 2).
Павели Пиотри ианрышьҭашәарыцоз, ақьырсианцәа урҭ рыхьӡ ҳәаны Анцәа иҳәон (Аус. 12:5; Рим. 15:30, 31). Иахьа ашьҭашәарыцарақәа ирықәшәо зегьы рыхьӡ ҳаздыруам, аха иҳалшома урҭ реизара ма ртәыла аӡбахә ҳҳәар, дара рзы Анцәа ҳаниҳәо?