АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
Ианшәышьҭашәарыцо шәгәырӷьала
Ақьырсианцәа иахьрышьҭашәарыцо џьаршьаӡом (Ин 15:20). Ашьҭашәарыцарақәа ахьааи агәҭынчымреи ҳазцәырыргар шалшогьы, ҳара урҭ ҳанрықәшәо уеизгьы агәырӷьара ҳамазар ауеит (Мф 5:10—12; 1Пт 2:19, 20).
УАХӘАԤШ АВИДЕОНҴАМҬА «ҲГӘЫРӶЬОИТ, ҲҬАГЫЛАЗААШЬАҚӘА ЗЕИԤШРАЗААЛАКГЬЫ. АШЬҬАШӘАРЫЦАРАҚӘА», АНАҨС ҴАҞА ИААГОУ АЗҴААРАҚӘА РҬАК ҞАҴА:
Иаҳнарҵозеи аиашьа Баженов иҿырԥшы:
- есыҽны Абиблиа аԥхьара шаҟа ихадоу иазкны? 
- ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рҟынтә ацхыраара ҳаулар шаҟа ихадоу иазкны?a 
- еснагь Анцәа иҳәара шаҟа ихадоу иазкны? 
- Аҳра ашәақәа рҳәара шаҟа ихадоу иазкны? 
- ҳагәрахаҵара аӡбахә аҳәара шаҟа ихадоу иазкны? 
a Ҳара иҳалшоит зыгәрахаҵаразы иҭаку ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рзы Анцәа ҳиҳәалар. Урҭ рзы Анцәа ҳаниҳәо рыхьӡқәагьы ҳҳәалар ауеит. Аха урҭ аишьцәеи аиҳәшьцәеи рзы асаламшәҟәы ҳҩызар, афилиал ала ашьҭра алшара ыҟаӡам.