АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
Иисус ишьҭа ухыланы уцала
Иисус ҳара ҳзы дҿырԥшуп ауадаҩрақәеи ашьҭашәарыцарақәеи рыхгараҿы (1 Пиотр 2:21—23). Иара дладырҟәуан, аха ахаан аҭак ҟаиҵомызт, уи ахгара даараӡа ишицәыцәгьазгьы (Марк 15:29—32). Ицхраауази Иисус уи ахгара? Иара ӷәӷәала дазхиан Иегова игәҭакы анагӡара (Иоанн 6:38). Иара убас «иаҭәаз агәырӷьара» еснагь илаԥш ахын (Аур. 12:2).
Ҳхы шԥамҩаԥаҳго ҳагәрахаҵаразы ианҳашьҭашәарыцо? Ииашаҵәҟьоу ақьырсианцәа ацәгьара рзызуа цәгьарала аҭак ирҭаӡом (Рим. 12:14, 17). Ауадаҩрақәа ҳанрықәшәо Христос ҳаиҿыԥшуазар, уи агәырӷьара ҳзаанагоит, избанзар Анцәа даҳзыразхоит (Матф. 5:10—12; 1 Пиотр 4:12—14).
УАХӘАԤШ АВИДЕОНҴАМҬА «ИЕГОВА ИХЬӠ ЗЕГЬЫ ИРЕИҲАУП», АНАҨС АБАРҬ АЗҴААРАҚӘА РҬАК ҞАҴА:
Илыцхраазеи аиаҳәшьа Пиотцингерa абахҭа лхала дахьҭакыз ахгара?
Изықәшәазеи аиашьеи аиаҳәшьеи Пиотцингер аконцентрационтә лагерқәа рҿы?
Ирыцхраазеи уи зегь ахгара?
Ауадаҩрақәа уанрықәшәо, Иисус ишьҭа ухыланы уцала
a Мамзаргьы Пиотсингер.