АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
Ухы ианаужьма уара?
Шьоукы Иегова иранаижьхьоу агәнаҳақәа хьааргоит. Ари атема еилырган 2016 шықәсазы имҩаԥысыз «Будьте преданы Иегове!» ҳәа хьӡыс измаз арегионалтә конгресс аҿы иҟаз ажәахәи авидеонҵамҭеи рҿы. Апрограмма JW Library ухы иархәаны уи авидеонҵамҭа уахәаԥш, насгьы анаҩстәи азҵаарақәа рҭак ҟаҵа.
Шаҟаамҭа далцази Сониа аизара?
Иарбан жәеинраалоу аизара аиҳабацәа Сониа илдырбаз, насгьы ишԥалыхәеи уи лара?
Ишԥақәҿырҭи аизараҿы аишьцәеи аиаҳәшьцәеи Сониа еиҭа Иегова ишаҳаҭ лакәны дахьыҟалаз?
Иарбан цәаныррақәоу Сониа дызҿагылоз, насгьы дышԥалыцхрааи уи лаб?