АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
Ҩнаҭацыԥхьаӡа ажәабжьҳәараан иаҭаху аҟазшьа бзиақәа
Ақьырсианцәа ари адунеи азы атеатртә спектакль иаҩызоуп (1 Кор. 4:9). Убри аҟынтә иџьашьатәӡам ауаа шьоукы аԥенџьыр аҟынтәи икылԥшны иахьҳахәаԥшуа, мамзаргьы ашә аамыртӡакәа иаҳҳәо иахьцәыҵаӡырҩуа. Аҩны авидеокамерақәеи амикрофонқәеи рымазар ауеит, убри аҟынтә ауаа ҳарбалар, иаҳзыӡырҩлар, мамзаргьы иҟаҳҵо ҭарҩыр алшоит. Абар ҩнаҭацыԥхьаӡа ажәабжь анаҳҳәо, иааҳарԥшыр ҳалшо ҟазшьа бзиақәак (2 Кор. 6:3).
АХЫМҨАԤГАШЬА (Флп. 1:27)
Ауаҩы ихала аанхара азин шимоу еилкаала, насгьы мыцхәы умкылԥш-кылӡырҩлан. Ашә аԥхьа уангыло акрыумфалан, акгьы умжәлан, аҭел уамыслан, насгьы аацҳарақәа умышьҭлан.
АЦӘАЖӘАРАҚӘА (Еф. 4:29)
Ашә аԥхьа уангыло, аԥшәма иаҳарц иуҭахым умҳәалан. Шьоукы ажәабжьҳәараҿы ирыцу рҩызеи дареи реицәажәара ааныркыларц рыӡбоит, ашә иасаанӡа ауаҩы иарҳәарц ирҭаху иазхәыцырц азы.