Ажәабжьҳәаҩцәа рызҵаарақәа
◼ Илыхәҭоума ажәабжьҳәаҩ лхы ахҩара ахаҵа ажәабжьҳәаҩ данлыцу, аҩнашә аԥхьа Абиблиа аҵара мҩаԥылгозар?
Ажәабжьҳәаҩ заа еицәажәан иахьыҟоу абиблиатә ҵара мҩаԥылгозар, ахаҵа ажәабжьҳәаҩ дышлыцу, лара лхы хылҩар лыхәҭоуп (1 Кор. 11:3—10). 2002 шықәса ииуль 15 рзы иҭыҵыз «Ахьчаратә Бааш» адаҟьа 27 аҿы ианын: «Ари заа еибыҳәаны имҩаԥырго ҵароуп, насгьы уи аҵара мҩаԥызго, днапхгаҩуп. Абасала, абиблиатә ҵара аизара иаҵанакуа усмҩаԥгатәхоит. Ари аҩыза абиблиатә ҵара иӡааху аиаҳәшьа имҩаԥылгозар иӡааху аиашьа дышлыцу, лара лхы хылҩар лыхәҭоуп». Ари апринцип шыҟоу инхоит лара ажәабжьҳәара илыцу аиашьа дӡаахымзар. Убас аныҟаҵатәу абиблиатә ҵара аҩны, аҩнашә аԥхьа, ма егьырҭ аҭыԥқәа рҿы ианымҩаԥысуа ауп.
Ганкахьала, аҩнашә аԥхьа ацәажәара макьана абиблиатә ҵароуп ҳәа иԥхьаӡамзар, аиаҳәшьа лхы хылҩар акәӡам ахаҵа ажәабжьҳәаҩ длыцзар, абиблиатә ҵара шымҩаԥысуа дырбара, ма аҵара зламҩаԥаҳго даҽа публикациак аҟынтәи аматериал аилыргара хықәкыс илымазаргьы. Ҩынтә аҭаарақәа, ишаԥу еиԥш, абиблиатә ҵарахьы ииасуеит аҟынтә, ажәабжьҳәаҩцәа аҭагылазаашьақәа ирызхәыцроуп, насгьы иаадырԥшыроуп аҭышәынтәалара рхы ахҩара ианалагатәу анырыӡбо.