Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w15 1/2 ад. 31
  • Аԥхьаҩцәа рызҵаарақәа

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Аԥхьаҩцәа рызҵаарақәа
  • Ахьчаратә бааш 2015
  • Иеиԥшу аматериал
  • Ажәабжьҳәаҩцәа рызҵаарақәа
    Иԥшьоу ҳмаҵзура 2013
  • Иарбан мчроу аизара аиҳабацәа ирымоу?
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
  • Ианбахәҭоу, насгьы избан изахәҭоу ахы ахҩара?
    «Анцәа ибзиабараҿ шәыҟаз»
Ахьчаратә бааш 2015
w15 1/2 ад. 31

АԤХЬАҨЦӘА РЫЗҴААРАҚӘА

Ишьақәдырӷәӷәома ибиблиатәым ахыҵхырҭақәа Понти Пилат дшыҟаҵәҟьаз?

Пилат ихьӡ латын бызшәала изну ахаҳә

Абиблиа аԥхьаҩцәа Понти Пилат дырдыруеит Иисус иқәыӡбареи ишьреи иазку аацҳара аҟынтә (Матф. 27:1, 2, 24—26). Уи ихьӡ акырынтә иҳәан усҟантәи аамҭақәа рҭоурых аҿы. Библиатә жәарк ишаҳәо ала, Пилат изкны ибиблиатәым аҭоурыхтә документқәа «еиҳа еиҳауп, дарбанзаалак даҽаӡәы Иудеиа анапхгаҩы иаасҭа» (The Anchor Bible Dictionary).

Пилат ихьӡ еиҳа лассы-лассы иуԥылоит аҭоурыхҭҵааҩ Иосиф Флави иусумҭақәа рҿы. Иара дрылацәажәеит хыхҭыск, Пилат Иудеиа анапхгара анеиҭоз дзықәшәаз ауадаҩрақәа ирыдҳәалаз. Аԥшьбатәи ахҭыс аӡбахә иҩит аҭоурыхҭҵааҩ Филон Александриатәи. Ажәытәтәи Рим аҭоурых зыҩуаз римтәи аҭоурыхҭҵааҩ Тацит ишьақәирӷәӷәеит Иисус дшыршьыз Понти Пилат идҵала, Тибери анапхгара аниуаз.

1961 шықәсазы Кесариа ажәытәтәи атеатр аҭыԥан археологиатә нышәжрақәа рымҩаԥгараан, археологцәа ахаҳә ду рыԥшааит, уаҟа Пилат ихьӡ латын шрифтла еилыкка ианын. Адҩыла (асахьаҿы иаагоуп) хәҭа-хәҭала ауп ишеиқәхаз, аха изларҳәо ала уа иануп: «Тибериум... Понти Пилат, Иудеи аперфект ... ирзикит». Уи адҩылаҿы иану римтәи аимператор Тибери ихьӡ ала иргылаз ауахәама аӡбахә акәхап.

Иаҭахума ақьырсиан ԥҳәыс лхы ҵалкларц, Абиблиа аҵара ахьымҩаԥылго ақьырсиантә иашьа дыҟазар?

2002 шықәса ииуль 15 рзы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» аҿы иану арубрика «Аԥхьаҩцәа рызҵаарақәа» аҟны ианын аиаҳәшьа лхы ҵалклароуп абиблиатә ҵара анымҩаԥылго ажәабжьҳәаҩ ахаҵа длыцзар, уи аӡы дӡаахзаргьы, дӡаахымзаргьы ҳәа. Уи азҵаара инарҵауланы аҭҵаара иаанарԥшит ари анапхгара ариашара шаҭаху.

Ақьырсиан ԥҳәыс иааиԥмырҟьаӡакәа Абиблиа аҵара мҩаԥылгозар аӡы иӡааху ажәабжьҳәаҩ ахаҵа длыцны, усҟан лхы ҵалклароуп. Уи ала лара Иегова ақьырсиантә еизарақәа рҿы ишьақәиргылаз атеократиатә хадара ахь апатуқәҵара аалырԥшуеит, избанзар лара иналыгӡоит аишьцәа ирыду аҭакԥхықәра (1 Кор. 11:5, 6, 10). Мамзаргьы иара илшозар, насгьы аҭагылазаашьа имазар, лара аиашьа диҳәар лылшоит Абиблиа аҵара иара имҩаԥигарц.

Аха иааиԥмырҟьаӡакәа Абиблиа аҵара амҩаԥгараан аиаҳәшьа иӡаахым ажәабжьҳәаҩ ахаҵа длыцзар, насгьы уи лара лхаҵа иакәымзар, усҟан абиблиатә принципқәа инарықәыршәаны лхы ҵалклар аҭахӡам. Ус шакәугьы, аиаҳәшьцәа шьоукы рыламыс ирыҵанаҳәар алшоит ус еиԥш иҟоу аҭагылазаашьаҿы рхы ҵаркларц.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра