АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА | МАРК 5, 6
Иисус илшоит иаҳзааигәоу ауаа рыԥсы аҭаҵара
Иаҳзааигәоу ауаҩы дахьыԥсыз азы ҳгәырҩозар, уи иаанагаӡом аԥсҭалара шыҟало агәра ҳгаӡом ҳәа (Аҟаз. 23:2).
Абиблиатә аамҭақәа раан зыԥсы ҭалаз ауаа ирызкны ҳанаԥхьо, насгьы уи ҳаназхәыцуа ҳаԥхьаҟа аԥсҭалара шыҟало аганахь ала иҳамоу агәрагара ҳарӷәӷәоит.
Иубарц иуҭахыда аԥсҭалара аныҟало?
Угәы ишԥаанаго, изеиԥшрахозеи шәеиԥылара?