АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
Аҭаацәа, шәхәыҷқәа рыԥсҭазаараҿы ииашоу алхра ҟарҵарц азы шәрыцхраа
Ақьырсиантә ҭаацәа рхәыҷқәа зиашарыла Иегова имаҵ руларц рҭахуп. Уи азы дара рхәыҷқәа абиблиатә ҵабырг бзиа абара ирыцхраалароуп (Ҩынтә. 6:7; Ажәам. 22:6). Имариоума уи аҟаҵара? Мап. Аха уи азы аџьабаа абара иаԥсоуп (3 Иоанн 4).
Аҭаацәа Иосифи Мариеи ирҿырҵаар рылшо рацәоуп. Дара «есышықәса Амшаԥ ныҳәазы Иерусалимҟа ицон», уи имаҷымкәа амчи ахарџьи шаҭахызгьы (Лука 2:41). Ари аҭаацәаразы Иегова изааигәахара зегь раҵкыс ихадан. Убас еиԥш иахьа аҭаацәа рхәыҷқәа иаҭаху ахырхарҭа рырҭалар, насгьы алшарақәа зегьы рхы иархәаны ражәеи рҿырԥши рыла ирааӡалар рылшоит (Аԥсал. 126:3—5 [127:3—5, АдҾ]).
УАХӘАԤШ АВИДЕОНҴАМҬА «ДАРА ЛШАРАС ИҞАЗ ЗЕГЬ РХЫ ИАДЫРХӘОН», АНАҨС АБАРҬ АЗҴААРАҚӘА РҬАК ҞАҴА:
Излоубарҭоузеи Шиллер рҭаацәара рзы Иегова имаҵ аура зегь реиҳа ишхадаз?
Избан аҭаацәа рзы изхадоу ахәыҷы хаҭала изнеишьа аԥшаара?
Ишԥарылшо аҭаацәа рхәыҷқәа рыгәрахаҵара ԥызшәо аҭагылазаашьақәа риааира иазыҟарҵалар?
Иарбан мыругақәоу Иегова иорганизациа ишәнаҭо, шәхәыҷқәа Анцәа иахь рыбзиабара аизырҳараҿы ишәыцхраауа?
Адоуҳатә усқәа шәҭаацәараҿы зегь реиҳа ихадоу аҭыԥ ааныркылалааит