АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА | ЛУКА 10, 11
Иқьиоу самариатәи ахаҵа изку ажәамаана
Иисус ари ажәамаана еиҭеиҳәеит хаҵак «исзааигәоу дарбану?» ҳәа даниазҵаа (Лука 10:25—29). Иара идыруан ақьырсиантә еизара ажәларқәа зегь рҟынтә ауаа рыла ишышьақәгылахо, самариааи амурҭаҭцәеи уахь иналаҵаны (Иоанн 12:32). Ари ажәамаана Иисус иҵаҩцәа иднарбеит рхы аус адырулалар шрыхәҭаз дара иреиԥшмыз ауаа рахьгьы абзиабара аадырԥшларц азы.
УХЫ УАЗҴАА:
- Сышԥарзыҟоу сара еиуеиԥшым акультурақәа ирыҵанакуа аишьцәеи аиаҳәшьцәеи? 
- Аамҭа зыцсхызго еиҳарак сара исеиԥшу аишьцәеи аиаҳәшьцәеи роума? 
- Исылшома хылҵшьҭрала исеиԥшым аишьцәеи аиаҳәшьцәеи рҩызахара, насгьы еиӷьны реилкаара? (2 Кор. 6:13). 
Иаасыԥхьарц исҭахыда сара
- ажәабжьҳәарахьы? 
- сыҩныҟа акреицаҳфарц азы? 
- ҳҭаацәаратә мҵахырхәарахьы?