АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА | ЛУКА 14—16
Иҟьалаз аԥа изку ажәамаана
Ари ажәамаана иаҳнарҵо:
Ихадоуп бзиа ҳазбо жәҩантәи Ҳаб ихьчара змоу Анцәа ижәлар рыгәҭа еснагь аҟазаара.
Анцәа имҩа ҳацәыхҟьаргьы, ахынраалара аарԥшны Иегова иахь ҳхынҳәыроуп, иара гәыҭбаарала ишҳанаижьуа агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит.
Ҳара амҩа иаша иацәыхҟьаз, аха анаҩс аизарахь ихынҳәыз Иегова иеиԥш гәыкала иҳадаҳкылалароуп.