АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА | АҚӘҴЫМҬА 12
Ақьырсианцәа рзы Амшаԥы ҵакыс иамоу
Ажәабатәи арыцҳара алҵшәа бааԥсқәа ирыцәцарц азы, израильаа Иегова имҩақәҵарақәа ирықәныҟәалар акәын (Ақәҵ. 12:28). Нисан 14 азы, амра анҭашәалак ашьҭахь израильтәи аҭаацәарақәа зегьы рыҩнқәа рҿы еизар акәын. Дара иалырхыр рыхәҭан шықәсык зхыҵуаз гра змамыз асыс (ма аӡыс), анаҩс иршьыр акәын. Уи ашьа ашәваз иақәдырԥҟҟар рыхәҭан. Анаҩс аԥстәы шеибгаз иӡтәын, насгьы ирласны ифатәын. Шьыжьынӡа аӡәгьы аҩны ддәылҵыр ҟалаӡомызт (Ақәҵ. 12:9—11, 22).
Иаага аҿырԥштәқәа, Иегова изыӡырҩра ҳшахьчо узырбо.