АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА | АҚӘҴЫМҬА 21, 22
Аԥсҭазаара аҳамҭа Иегова иеиԥш уазыҟаз
Иегова изы ауаҩы иԥсҭазаара ахә ҳаракуп. Ишԥаҳалшо ҳаргьы аԥсҭазаарахь убри аҩыза ахәаԥшышьа аизырҳара?
- Егьырҭ рахь абзиабареи апатуқәҵареи еизырҳала (Матф. 22:39; 1 Иоанн 3:15). 
- Убзиабара аарԥшла ажәабжьҳәара гәацԥыҳәарала уҽалархәуа (1 Кор. 9:22, 23; 2 Пиотр 3:9). 
- Ашәарҭара уацәызыхьчо аԥҟарақәа урықәныҟәала, насгьы урҭ зхадоу ухоумыршҭлан (Ажәам. 22:3). 
Ҳашԥахьчо аԥсҭазаарахь апатуқәҵара ашьакаҭәара ахара аҟынтә?