Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • mwb21 ианвар ад. 3
  • Аҭаацәа, шәхәыҷқәа адыррақәа рышәҭала!

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Аҭаацәа, шәхәыҷқәа адыррақәа рышәҭала!
  • Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2021
  • Иеиԥшу аматериал
  • Иҟарҵалар рыхәҭоузеи аҭаацәеи ахәыҷқәеи, насыԥ рымазарц азы?
    Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
  • Аҭаацәа, шәхәыҷқәа Иегова бзиа ибара шәрыцхраала
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022
  • Аҭаацәа, шәхәыҷқәа Иегова иахь абзиабара рылашәааӡала
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2019
  • Шәҭаацәа иҽеим анырра аҟынтә ишәыхьчала
    Аҭаацәаратә насыԥ амаӡа
Шәахәаԥш еиҳаны
Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2021
mwb21 ианвар ад. 3

АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА

Аҭаацәа, шәхәыҷқәа адыррақәа рышәҭала!

Ҳара ҳанхоит абзиара цәгьараны, ацәгьара бзиараны иахьырыԥхьаӡо адунеи аҿы (Ис. 5:20). Ауаа Иегова ицәымӷу аусқәа ҟарҵоит. Иаҳҳәап, аӡӷабцәа шьоукы аромантикатә еизыҟазаашьақәа еиздырҳауеит аӡӷабцәа рахь, аҷкәынцәагьы убас. Ҳхәыҷқәа ашкол аҿы рықәлацәа, ма еицырдыруа ауаа иреиԥшхарц агәазыҳәара роур рылшоит. Аҭаацәа, ишԥашәылшо шәхәыҷқәа ус еиԥш иҟоу ауадаҩрақәа риааира рыцхраара?

Шәхәыҷқәа Иегова инормақәа реилшәыркаала (Алев. 18:3). Шәхәыҷы изеиҭашәҳәала ацәеижьтә еизааигәахара иазкны Абиблиа иану, аха ахәыҷы иқәрагьы шәазхәыцла (Ҩынтә. 6:7). Шәхы шәазҵаа: «Идыруама схәыҷы иарбан цәаныррақәоу иаарԥшлатәым? Еиликаауама иара иӡыргацәамкәа аҽеилаҳәара зхадоу, насгьы иҽаникәабо, иҽанеилаиҳәо-иҽанеилихуа, даныцәо, ма даҽа ҭагылазаашьак аҿы илакьысра аӡәгьы азин шимам? Идыруама схәыҷы ихы шымҩаԥигаша аӡәы апорнографиа иирбозар, ма Иегова игәамԥхо акы аҟаҵара диҳәозар?» Ари аҩыза ааӡара шәхәыҷы ашәарҭарақәа рҟынтә дахьчоит (Ажәам. 27:12; Еккл. 7:12). Аҭаацәа, ахәыҷқәа Иегова ишәиҭаз ҳамҭоуп. Урҭ бзианы ианышәааӡо, Иегова иҳамҭа ахә ҳаракны ишышәшьо аашәырԥшуеит (Аԥсал. 127:3).

УАХӘАԤШ АВИДЕОНҴАМҬА «АХААН ИХЫМБГАЛО АҨНЫ ШӘЫРГЫЛАЛА. ШӘХӘЫҶҚӘА ШӘЫХЬЧАЛА», АНАҨС ҴАҞА ИААГОУ АЗҴААРАҚӘА РҬАК ҞАҴА:

  • Избан аҭаацәа шьоукы рхәыҷқәа ацәеижьтә еизааигәахара иазкны рацәажәара изацәыԥхашьо?

  • Избан аҭаацәа рхәыҷқәа «Иҳақәиҭу игәаҳәаратә реилыркаауа» рааӡара зрыхәҭоу? (Еф. 6:4).

  • Адырра уахьчоит

    Иарбан информациоу Иегова иорганизациа иҳанаҭо, аҭаацәа рхәыҷқәа ацәеижьтә еизааигәахара иазкны рацәажәара ирыцхраауа? (w19.05 12, арамка)

  • Избан ҳхәыҷқәа ауадаҩра рызцәырҵаанӡа заа рацәажәара зҳахәҭоу?

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра