Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • mwb21 ианвар ад. 11
  • Иегова имаҵ аура алх

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Иегова имаҵ аура алх
  • Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2021
  • Иеиԥшу аматериал
  • Аҽӡаахра — иаԥсоу хықәкуп!
    Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
  • Аӡӡаахреи Анцәа иҩызахареи
    Иаҳнарҵаҵәҟьозеи Абиблиа?
  • Наӡаӡа Анцәа имаҵура хықәкыс ишьҭых
    Наӡаӡатәи аҧсҭазаарахь уназго адырра
  • Шәазхиоума шәара аҽӡаахра?
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2020
Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2021
mwb21 ианвар ад. 11

Уабанӡанеихьо аӡӡаахрахь узну амҩаҿы?

АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА

Иегова имаҵ аура алх

Иҟалап уара иӡаахым жәабжьҳәаҩызар, ма макьана Абиблиа аҵара уаҿызар. Иумоума хықәкыс аҽӡаахра? Избан уи аҩыза ахықәкы ақәыргылара заҭаху? Анцәа уҽанизукуа, анаҩс уҽанӡааухуа Иеговеи уареи иҷыдоу аизыҟазаашьақәа шәоуеит (Аԥсал. 91:1). Уи адагьы, уи уеиқәнархоит (1 Пиотр 3:21). Ҳҽазыҟаҳҵар шԥаҳалшо аҽазкреи аҽӡаахреи?

Аҵабырг шуԥшааз агәра ганы уҟаз. Азҵаарақәа анузцәырҵуа аҭҵаарақәа рымҩаԥгара уацәымаашьалан (Рим. 12:2). Уԥсҭазаараҿы иуԥсахша еилкааны, аҽыԥсахра уалага. Уи угәазҭазҵо Иегова иргәырӷьаразы иумоу агәаҳәара акәзар ауп (Ажәам. 27:11; Еф. 4:23, 24). Еснагь ацхырааразы уиҳәала. Иегова амч уиҭоит, иԥшьоу идоуҳа ӷәӷәа алагьы дуцхраауеит (1 Пиотр 5:10, 11). Уџьабаа ыӡӡом. Иегова имаҵ аура аԥсҭазаараҿы зегьы иреиӷьуп! (Аԥсал. 16:11).

УАХӘАԤШ АВИДЕОНҴАМҬА «АӠӠААХРАХЬ УНАЗГО АМҨА», АНАҨС ҴАҞА ИААГОУ АЗҴААРАҚӘА РҬАК ҞАҴА:

  • Иарбан уадаҩрақәоу шьоукы ирхыргаз аӡы рыҽӡаархырц азы?

  • Ишԥеизырҳалатәу агәрахаҵара ҳаԥсҭазаара Иегова изаҳкырц азы?

  • Ирыцхраазеи шьоукы аӡӡаахрахь уназго ашьаҿақәа рыҟаҵара?

  • Иарбан зылԥхарақәоу ироуз Иегова имаҵ аура зыӡбаз?

  • Иаанагозеи Иегова иҽизкреи аҽӡаахреи?

Аӡӡаахра иазку ажәахә ашьҭахь ажәахәҟаҵаҩ аӡы зыҽӡаазхырц згәы иҭоу иреиҳәоит рыбжьы ҭыганы абарҭ ҩ-зҵаарак рҭак ҟарҵарц:

Урыхьхәыма уара угәнаҳақәа, уҽизукма Иегова, насгьы агәра угома иара Иисус ила ахақәиҭра шҳаиҭаз?

Еилукаауама уара уҽӡааухыр, Иегова ишаҳаҭ шуакәхо, насгьы Иегова иорганизациа уҽшадукыло?

Ишьақәырӷәӷәаны иҟарҵаз аҭакқәа рыла аӡы зыҽӡаазхуа иаадырԥшуеит аҿыхрахь агәрахаҵара шаадырԥшуа, насгьы рыԥсҭазаара Иегова ишизыркыз (Рим. 10:9, 10).

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра