АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
Зықәрахь инеихьоу аҳәса шәанацәа реиԥш шәырзыҟаз, иқәыԥшу — шәаҳәшьцәа реиԥш
Абиблиа ҳаанаԥхьоит зықәрахь инеихьоу ақьырсианцәа ҳанацәеи ҳабацәеи реиԥш ҳарзыҟазарц, иқәыԥшу — ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи реиԥш. (Шәаԥхьа 1 Тимофеи иахь 5:1, 2.) Аизараҿы еиҳараӡак ахацәа рхы иацклаԥшлароуп аиҳәшьцәа пату рықәырҵаларц, насгьы ргәы рыдмырхьларц азы.
Аиашьа аиҳәшьцәа ицәыԥхашьалартә еиԥш ихы мҩаԥимгалароуп, дырмеиҽырбалароуп (Иов 31:1). Аиашьа аиаҳәшьа ԥҳәысс дигарц игәы иҭамзар ихы лгәаимырԥхалароуп.
Аизара аиҳабацәа хшыҩзышьҭрала, насгьы патуқәҵарала аиҳәшьцәа ирзыӡырҩлароуп, урҭ акы ианразҵаауа, ма ргәаанагара анрарҳәо. Еиҳараӡак хаҵа имцац аиҳәшьцәа рахь ақьиара аадырԥшлароуп, избанзар урҭ иреиҷаҳаша ахаҵа дрымаӡам (Руфь 2:8, 9).
УАХӘАԤШ АВИДЕОНҴАМҬА «АҚЬЫРСИАНТӘ ЕИЗАРАҾЫ АБЗИАБАРА ААҲАРԤШУЕИТ. АИБАЦӘЕИ АЕҬЫМЦӘЕИ РАХЬ», АНАҨС ҴАҞА ИААГОУ АЗҴААРАҚӘА РҬАК ҞАҴА:
Ишԥаадырԥши аишьцәеи аиҳәшьцәеи Мьинт лахь ахамеигӡара зныԥшуа абзиабара?
Ишԥаҳаранаки Иегова ихьыӡ аишьцәеи аиҳәшьцәеи Мьинт лҭаацәара рахь иаадырԥшыз абзиабара?
Ишԥарныри Мьинт лыԥҳацәа аишьцәеи аиҳәшьцәеи иаадырԥшыз абзиабара?
Ишԥаулшо уара уеизараҿы иҟоу аиҳәшьцәа рахь абзиабареи апатуқәҵареи раарԥшра?