Давид Голиаф диҿагылеит
АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА
Ари — Иегова иеибашьра ауп
Давид Иегова иахь игәрахаҵара ӷәӷәан, избанзар адырреи аԥышәеи иман (1 Сам. 17:36, 37; wp16.5-U 11, абз. 2, 3).
Давид Голиаф ихы иҿирԥшӡомызт. Уи Иегова иакәын дзыҿирԥшуаз (1 Сам. 17:45—47; wp16.5-U 11, абз. 8, 9).
Иегова Давид аиааира ииргеит узыцәшәартә иҟаз аӷа иҿаԥхьа (1 Сам. 17:48—50; wp16.5-U 12, абз. 4; уахәаԥш ацәаҿы иану асахьа).
Зны-зынла ҳаԥсҭазаараҿы ауадаҩра цәгьақәа ҳрықәшәоит. Иаҳҳәап, ашьҭашәарыцарақәа ҳрықәшәазар ауеит, мамзаргьы шьцылара бааԥск ҳаҿагылозар алшоит. Урҭ ауадаҩрақәа риааира ҳалшом ҳәа ҳгәы иаанагозар, иаҳхаҳмыршҭлап: урҭ ҳара зиааира ҳалшо реиԥш акәымкәа, Иегова зиааира илшо реиԥш ҳрыхәаԥшлароуп. Иегова илымшо ыҟаӡам (Иов 42:1, 2).