АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
Уазыҟаҵоума уара уахьынхо атәылаҿы аилаҩынтрақәа ирылагар?
Ари адунеи аҵыхәтәа ааигәахоит, убри аҟынтә аилаҩынтрақәеи, атерактқәеи, аибашьрақәеи еиҳагьы ишырацәахо ҳдыруеит (Аат. 6:4). Ҳҽырзыҟаҳҵар шԥаҳаршо урҭ?
Доуҳала уҽырӷәӷәала. Иегова иахь, насгьы иорганизациа ахь угәрагара зырӷәӷәо, иара убас анеитралитет ахьчара иуцхраало абиблиатә принципқәеи ахҭысқәеи ԥшаа (Ажәам. 12:5; jr-U 125—126, абз. 23, 24). Уажәы уашьцәеи уаҳәшьцәеи уареи шәеизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара иаамҭоуп (1 Пиотр 4:7, 8).
Зда ԥсыхәа ыҟам ҵәахны иумаз. Аҩны уздәылымҵуа иҟалар, ухы шухьчаша уазхәыцны аплан шьақәыргыл, насгьы зда ԥсыхәа ыҟам рхианы иумаз. Уи адагьы ирласны удәылҵыр акәхар, иҟауҵало уазхәыцны аплан шьақәыргыл. Ухазы ирхианы иумоу ашәыра иҭоу уахәаԥш, — уа ахыхьчаразы амыругақәеи (иаҳҳәап, анапҭырԥақәеи асабрадақәеи) аԥареи ҭазароуп. Аизара аиҳабацәа уԥшаар шулшо еилкаа, насгьы уҭел рымоу-ирымаму уразҵаа (Иса. 32:2; g17.5-U 3—7).
Аилаҩынтрақәа раангьы Анцәеи уареи шәеизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара уаҟәымҵын (Флп. 1:10). Уҽахьуҵәахуа аҭыԥ аҟынтә џьаргьы умцан, еиҳа ишәарҭам аҭыԥ ахь ургарц имаазар (Матф. 10:16). Афатәи ушәыра иҭоу зда ԥсыхәа ыҟам амаҭәақәеи егьырҭ ирыцеиҩшала (Рим. 12:13).
УАХӘАԤШ АВИДЕОНҴАМҬА «УАЗЫҞАҴОУМА УАРА АРЫЦҲАРА?», АНАҨС ҴАҞА ИААГОУ АЗҴААРАҚӘА РҬАК ҞАҴА:
Дышԥаҳацхраауеи Иегова арыцҳарақәа раан?
Иҟаҳҵар ҳахәҭоузеи уи ҳазыҟаҵазарц азы?
Ҳрыцхраар шԥаҳалшо арыцҳара иақәшәаз?