АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
Уазыҟаҵома уара?
Уазыҟаҵома уара аԥсабаратә рыцҳара? Адгьылҵысрақәа, аԥшацәгьақәа, амцакрақәа, аӡхыҵрақәа, урҭ угәуҽанӡамкәа иҟалар алшоит, насгьы аԥхасҭа ӷәӷәа узааргар ауеит. Уи адагьы, адунеи аҿы еиуеиԥшым аҭыԥқәа рҿы иаалырҟьаны аилаҩынтрақәеи, атерактқәеи ирылагар ҟалоит, мамзаргьы ачымазара бааԥсқәа цәырҵыр алшоит (Еккл. 9:11). Уара уахьынхо аҭыԥ аҿы уи аҩыза ахаан иҟалаӡом ҳәа ахәыцра иашаӡам.
Хаҭала зегьы иҳахәҭоуп ишәарҭоу аҭагылазаашьақәа заа ҳҽырзыҟаҳҵар (Ажәам. 22:3). Иегова иорганизациа аҟынтә ацхыраара ҳақәгәыӷлар шҳалшогьы, ҳара зегьы хаҭала аҭакԥхықәра ҳадуп аԥсабаратә рыцҳара аҽазыҟаҵаразы (Гал. 6:5).
УАХӘАԤШ АВИДЕОНҴАМҬА «ШӘАЗЫҞАҴОМА ШӘАРА АԤСАБАРАТӘ РЫЦҲАРА?» АНАҨС ҴАҞА ИААГОУ АЗҴААРАҚӘА РҬАК ҞАҴА:
Ишԥаҳацхраауеи Иеговеи ҳареи ҳаизыҟазаашьа бзиақәа аԥсабаратә рыцҳара аан?
Избан изхадоу:
• аизара аиҳабацәеи ҳареи аимадара ҳабжьазар, арыцҳара ҟалаанӡа, арыцҳара аан, насгьы уи ашьҭахь?
• зда ԥсыхәа ҳамам рхианы иҳамазар? (g17.5-U 6).
• азхәыцра ҳахьынхо аҭыԥ аҿы иҟалар алшо аԥсабаратә рыцҳарақәа, насгьы ҳхы шымҩаԥаҳгаша?
Ишԥаҳалшо х-лшарак ҳхы иархәаны аԥсабаратә рыцҳарақәа ирықәшәаз рыцхраара?