Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • mwb23 март ад. 3
  • Аԥсабаратә рыцҳара иақәшәаз ҳрыцхраар шҳалшо

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Аԥсабаратә рыцҳара иақәшәаз ҳрыцхраар шҳалшо
  • Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2023
  • Иеиԥшу аматериал
  • Ҳашԥарыцхраауеи ҳашьцәа аԥсабаратә рыцҳарақәа раан?
    Иназыгӡода иахьа Иегова игәаԥхара?
  • Уазыҟаҵома уара?
    Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2020
  • Аишьцәеи аиҳәшьцәеи аамҭа цәгьақәа рыхгара шәрыцхраала
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022
Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2023
mwb23 март ад. 3

АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА

Аԥсабаратә рыцҳара иақәшәаз ҳрыцхраар шҳалшо

Аԥсабаратә рыцҳарақәа еиҳа-еиҳа ирацәахоит. Арыцҳара аныҟалалак даараӡа ихадоуп ацхыраара бзианы еиҿкаазарц, насгьы ацхыраара ҟазҵо иҟаҵатәу бзианы ирдыруазароуп. Убри аҟынтә Анапхгаратә хеилак аҿы аишьцәа ирыӡбеит, афилиалқәа зегь рҿы узқәымгәыӷуа аҭагылазаашьақәа раан ацхыраара ҟазҵо аҟәша ыҟазарц.

Уи аҟәшаҿы амаҵ зуа аишьцәа аԥсабаратә рыцҳара шыҟалаз анраҳалак, иаразнак аҭыԥантәи аизара аиҳабацәа ирзасуеит, аишьцәеи аиҳәшьцәеи иахьрыцхраатәу еилыркаарц азы. Аҭыԥантәи аишьцәеи аиҳәшьцәеи иҟалаз аԥхасҭа рымч ақәымхозар, афилиал аҿы ирыӡбоит ацхыраара иахылаԥшло аишьцәа уахь ирышьҭырц. Урҭ аишьцәа афилиал ахь иаарыцҳар рылшоит хатәгәаԥхарала ацхыраара ҟазҵо шаҭаху, мамзаргьы аишьцәеи аиҳәшьцәеи маҭәарқәаки афатәи шырҭаху. Иара убас дара ирылшоит аишьцәеи аиҳәшьцәеи ирҭаху амаҭәарқәа уи аҭыԥ аҿы иаахәаны, иазгәаҟуа ирзыршар.

Убри аҟынтә аишьцәеи аиҳәшьцәеи хазы ак аҟаҵара иалагар рыхәҭаӡам. Ацхыраара еиҿкааны ианымҩаԥырго ҳара ҩынтә ус ҳақәшәаӡом, ҳусқәа еилахәаӡом, насгьы аԥареи егьырҭ амаҭәахәқәеи баша инаҳхӡом.

Афилиал аҟынтә иаарышьҭыз аишьцәа ирыӡбар рылшоит, хатәгәаԥхарала ацхыраара ҟазҵо шаҟаҩ аҭаху, насгьы аԥхасҭа ариашаразы шаҟа аԥара аҭаху. Дара аҭыԥантәи аҳәынҭқарцәа рхаҭарнакцәа ирабадырны ирацәажәар ауеит, аишьцәа иҟарҵо ацхыраараҿы ирыдгыларц азы. Убри аҟынтә, ҳшәыҳәоит, ишәмыҳәазар, аԥара аизгара шәаламгалан, агуманитартә цхыраара шәмышьҭлан, насгьы аԥсабаратә рыцҳара ахьыҟалаз аҭыԥ ахь шәымцан.

Ишыҟазаалакгьы, аԥсабаратә рыцҳара аныҟалалак ацхыраара ҟаҳҵар ҳҭахуп, избанзар ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи бзиа иаҳбоит! (Аур 13:16). Иҟаҳҵар ҳалшозеи? Зегь раасҭа ихадоуп арыцҳара иақәшәази урҭ ирыцхраауеи рзы Анцәа ҳиҳәалар. Иара убас адунеизегьтәи аус азы аԥара алаҳҵалар ҳалшоит. Анапхгаратә хеилак зхылаԥшуа афилиалқәа урҭ аԥарақәа зыхҭынҵатәу еиҳа ибзианы ирдыруеит. Аха ҳара ҳхаҭа ацхыраара ҟаҳҵар ҳҭахызар, ихаҳарҭәаар ҳалшоит «Аҭыԥантәи аргыларатә ҟәша апрограммаҿы хатәгәаԥхарала амаҵ ауразы арзаҳал» (DC-50).

УАХӘАԤШ АВИДЕОНҴАМҬА «ЗЕГЬ ԤЫХХААСА ИҚӘЫЗҴАЗ БРАЗИЛИА ИҞАЛАЗ АӠХЫҴРАҚӘА», АНАҨС ҴАҞА ИААГОУ АЗҴААРА АҬАК ҞАҴА:

Иугәаԥхазеи еиҳарак 2020 шықәсазы Бразилиа иҟалаз аӡхыҵрақәа рышьҭахь Иегова ишаҳаҭцәа ацхыраара шыҟарҵоз аҟынтә?

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра