АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
Аԥсҭалара ҳаблала иаҳбаанӡа
Иаҳзааигәоу ауаҩы дыԥсызар, аԥсҭалара шыҟало агәыӷра ҳгәы арҭынчуеит. Ус ишыҟоугьы агәнаҳаи аԥсреи ҳара зегьы аидара хьанҭа еиԥш ҳаҵоуп (Ис. 25:7, 8). Уи иахьа адунеи зегь згәаҟуа амзызқәа ируакуп (Рим. 8:22). Изыртәар алшозеи ҳхьаа аԥсҭалара ҳаблала иаҳбаанӡа? Анцәа Иажәа иану угәы зырҭынчуа азхәыцрақәа.
УАХӘАԤШ АВИДЕОНҴАМҬА «ИАҲЗААИГӘОУ АУАҨЫ ДАНԤСУА», АНАҨС ҴАҞА ИААГОУ АЗҴААРАҚӘА РҬАК ҞАҴА:
Рхы шԥарбоз Даниельи, Масахирои, Иосимии?
Ишԥарыцхрааи арҭ хә-лабжьарак?
Изылшода зегь раасҭа еиӷьны ҳгәы арҭынчра? (2 Кор. 1:3, 4).