АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
«Ишәымоу маҷшәымшьалан»
Ақьырсиан имоу аарла ҳәа изхозар, адоуҳатә усқәа ааныжьны еиҳаны аԥара арҳара дашьҭаларц иҭаххар ауеит. Ус еиԥш иҟоу аҭагылазаашьаҿы Ауриацәа рахь 13:5 иану ажәақәа ирызхәыцтәуп.
«Аԥара бзиа ишәымбалан»
- Иегова шәиҳәа, аԥара шәшазыҟоу, насгьы шәхәыҷқәа ҿырԥшыс ирышәҭо шәазхәыц (g-U 9/15 6). 
«Ишәымоу маҷшәымшьалан»
- Зда ԥсыхәа шәымаҵәҟьам шәазхәыц (w16.07 9, абз. 1, 2). 
«Ахаангьы уаансыжьуам, ахаангьы укасыжьуам»
- Агәра ганы шәыҟаз шәыԥсҭазаараҿы Аҳра раԥхьатәи аҭыԥ аҿы ишәыргылалар, Иегова ицхыраарала зда ԥсыхәа шәымам зегь шшәымазаауа (w14-U 15/4 21, абз. 17). 
УАХӘАԤШ АВИДЕОНҴАМҬА «ҲАШЬЦӘЕИ ҲАҲӘШЬЦӘЕИ ҲАРЕИ АҬЫНЧРА ҲАМОУП», АНАҨС ҴАҞА ИААГОУ АЗҴААРА АҬАК ҞАҴА:
Иунарҵозеи аиашьа Мигель Новоа иҿырԥшы?