АҴАРАЗЫ АСТАТИА 13
«Бзиа шәеибабала гәык-ԥсыкала»
«Бзиа шәеибабала гәык-ԥсыкала, гәҭыӷьӷьаала» (1 ПИОТР 1:22).
АШӘА 109 «Бзиа шәеибабала гәык-ԥсыкала»
АХҲӘААa
Иисус иԥсра уахык шагыз иҵаҩцәа данрыдтәалаз, абзиабара аарԥшра шхадоу инаҵшьны иҳәеит (Шәрыхәаԥш абзацқәа 1, 2.)
1. Иарбан иҷыдоу дҵоу Иисус иҵаҩцәа ириҭаз? (Шәахәаԥш ацәаҿы иаагоу асахьа.)
ИИСУС иԥсра уахык шагыз иҵаҩцәа иҷыдаз адҵа риҭеит. Иара иҳәеит: «Сара бзиа шәшызбаз аиԥш, шәарҭгьы бзиа шәеибабала». Анаҩс иациҵеит: «Шәара сҵаҩцәа шшәакәу злардыруа, шәара-шәара ишәыбжьоу абзиабарала ауп» (Иоанн 13:34, 35).
2. Изхадоузеи ҳара-ҳара ҳабжьара абзиабара аарԥшра?
2 Иисус иҳәеит иҵаҩцәа иара иааирԥшуаз абзиабара аҩыза аадырԥшлар, иҵаҩцәа шракәу зегьы ишеилыркаало. Ус иҟан актәи ашәышықәсазы, ус иҟоуп иахьагьы. Убри аҟынтә даараӡа ихадоуп ианымариамгьы гәык-ԥсыкала абзиабара аарԥшра.
3. Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?
3 Ҳанамӡара иахҟьаны зны-зынла гәык-ԥсыкала абзиабара аарԥшра ҳцәыцәгьахар ауеит. Ус шакәугьы, ҳара Христос ҳаиҿыԥшлар ауп. Ари астатиа иаҳнарбоит абзиабара ацхыраарала ҳара ишҳалшо аимак анҳабжьало аинышәара, аишьцәеи аиҳәшьцәеи реилымхра, насгьы асасдкылара аарԥшра. Астатиа шәҽаназыҟашәҵо шәхы шәазҵаа: «Исдырҵар алшозеи ианымариамызгьы абзиабара аазырԥшуаз аишьцәеи аиҳәшьцәеи рҿырԥштәқәа?»
АИНЫШӘАРА ШӘАШЬҬАЗ
4. Избан, Матфеи 5:23, 24 иану инақәыршәаны, аиашьа дҳазгәаан дыҟазар, аинышәара зҳахәҭоу?
4 Иисус иҳәеит аӡәы дҳазгәаан дыҟазар, уи ҳаинышәар шҳахәҭоу. Уи даараӡа ихадоуп. (Шәаԥхьа Матфеи 5:23, 24.) Иара иҳәеит Анцәа дҳаргәырӷьаларц ҳҭахызар, егьырҭ ауааи ҳареи аизыҟазаашьа бзиақәа ҳамазар шҳахәҭоу. Аинышәаразы иҳалшо зегь ҟаҳҵозар, Иегова даараӡа дҳаргәырӷьоит. Ҳашьа ҳизгәааны ҳаҟазар, насгьы инышәара зынӡаск ҳгәы иҭамзар, Иегова ҳмаҵзура идикылаӡом (1 Иоанн 4:20).
5. Изицәыцәгьахазеи Марк аиашьа инышәара?
5 Аинышәара мариамхар алшоит. Избан? Ҳахәаԥшып Маркb иҿырԥштәы. Иара даараӡа игәы иалсит аизараҿы иашьак зегь рҿаԥхьа дахьирџьаз, насгьы иара ианимаҳауаз иҟоу зегь ахьизиҳәаз. Иҟаиҵазеи Марк? Иара иҳәоит: «Сара сгәы ԥжәеит, насгьы сыҽсызнымкылеит». Ԥыҭрак ашьҭахь Марк иҟаиҵаз даараӡа дахьхәит. Иара аҭамзаара шьҭеиҵеит, насгьы аинышәара иҽазишәеит, аха уи аиашьа аинышәара иҭахымызт. Раԥхьа Марк игәы иаанагеит: «Иара аинышәара иҭахымзар, сара соума нас уи зҭаххаша?» Аха араионтә хылаԥшҩы Марк игәазҭеиҵеит игәы камыжькәа анаҩсгьы аинышәара дашьҭазарц. Иҟаиҵазеи нас Марк?
6. а) Иҽшԥазишәоз Марк аиашьа инышәара? б) Ихы ишԥаирхәеи Марк Ефесаа рахь 4:2, 32 иану апринцип?
6 Марк ихы даназхәыц еиликааит ахынраалара шизымхоз, зны-зынлагьы егьырҭ раасҭа деиӷьызшәа шибоз. Иара еиликааит аҽыԥсахра шихәҭаз (Кәал. 3:8, 9, 12). Марк ахынраалара аарԥшны еиҭах уи аиашьа иҿаԥхьа аҭамзаара шьҭеиҵеит. Иара убас асаламшәҟәқәа изиҩит, уа иара ианиҵеит иҟаиҵаз даара дшахьхәуаз, насгьы ҩаԥхьа еиҩызцәахарц шиҭахыз. Уи адагьы, Марк уи аиашьа игәы иахәоит ҳәа ииԥхьаӡоз аҳамҭақәа ииҭеит. Аха уи аиашьа уеизгьы иҽырчны дныҟәон. Ус шакәызгьы, Марк, Иисус ишиҳәаз еиԥш, абзиабара ааирԥшуан, насгьы иашьа игхақәа ианаижьуан. (Шәаԥхьа Ефесаа рахь 4:2, 32.) Аӡәы дҳазгәаан дыҟазар, насгьы аинышәара иҭахымзар, ақьырсиантә бзиабара ҳгәазҭанаҵоит анаҩсгьы ианажьра, насгьы ҳаизыҟазаашьақәа еиӷьхарц азы Анцәа иҳәара (Матф. 18:21, 22; Гал. 6:9).
Иҳазгәаан иҟоу ауаҩы инышәаразы зныкымкәа аџьабаа батәхар ҟалоит (Шәрыхәаԥш абзацқәа 7, 8.)c
7. а) Ииҭахузеи Иисус? б) Иарбан ҭагылазаашьоу Лариса дзықәшәаз?
7 Иисус иҭахуп ҳара иҳазныҟәаларц шаҳҭаху еиԥш егьырҭ ҳрызныҟәаларц. Иара иҳәеит бзиа ҳазбо рымацара шракәым бзиа иаҳбалаша (Лука 6:31—33). Аха иҟаҳҵарызеи аизараҿы аӡәы еснагь ҳимбошәа ҟаиҵозар, насгьы аԥсшәа ҳаимҳәозар? Ари аҩыза аҭагылазаашьа уамашәа иубар алшоит, аха Лариса зыхьӡу аиаҳәшьа уи дақәшәеит. Лара илҳәоит: «Аизараҿы иаҳәшьак слымбошәа аҟаҵара далагеит. Сара сзыхҟьаз сзеилкаауамызт, даараӡа сгәы сыхьуан. Аизарақәа уаҳа агәырӷьара сзааргомызт». Раԥхьа Лариса абас дхәыцуан: «Сара акгьы лзысмуӡеит. Уи адагьы, сара сыда егьырҭгьы ирбоит лара акалашәа лхы шымҩаԥылго».
8. Лыҽшԥазылшәоз Лариса аинышәара, насгьы иаҳнарҵозеи уи лҿырԥштәы?
8 Лариса аинышәара дашьҭан. Лара Анцәа диҳәеит, насгьы уи аиаҳәшьа длацәажәарц лыӡбеит. Дара еицәажәеит, игәыдибаҳәҳәалеит, иагьеинышәеит. «Аха ԥыҭрак ашьҭахь,— илҳәоит Лариса,— уи аиаҳәшьа еиҭах усҟан лхы шымҩаԥылгоз еиԥш ахымҩаԥгара далагеит. Сара иҟасҵара сыздыруамызт». Раԥхьа Лариса лгәы иаанагон: «Уи аиаҳәшьа лҽанылыԥсахлак ауп сгәы ансырҭынчуа». Аха нас еилылкааит лҭагылазаашьаҿы зегь реиҳа ишеиӷьхоз уи аиаҳәшьа лахь уеизгьы абзиабара аарԥшра, иара убас анаҩсгьы ланажьра (Еф. 4:32—5:2). Лариса еилылкааит ақьырсиантә бзиабара агәаара шазымдыруа, уи «зегьы рыхьчара-рҿыхра иазыхиоуп, зегьы рыгәра агоит, зегьы ирықәгәыӷуеит, зегьы ахҭнагоит» (1 Кор. 13:5, 7). Лара уи аҩныҵҟатәи аҭынчра аиура илыцхрааит. Аамҭак ашьҭахь уи аиаҳәшьеи лареи реизыҟазаашьақәа еиҳа еиӷьхеит. Шәаргьы аинышәара шәашьҭазар, насгьы абзиабара аашәырԥшуазар, агәра ганы шәыҟаз: «Абзиабареи амшхәыбзазареи [«аҭынчреи», АдҾ] Рынцәа шәара дшәыцҟазаауеит» (2 Кор. 13:11).
АИШЬЦӘЕИ АИҲӘШЬЦӘЕИ ЕИЛЫШӘЫМХЛАН
9. Избан Аусқәа 10:34, 35 иану инақәыршәаны ауаа зегьы еиԥшны ҳарзыҟазар зҳахәҭоу?
9 Иегова ауаа еилихӡом. (Шәаԥхьа Аусқәа 10:34, 35.) Ҳаргьы ауаа еилаҳамхуазар, иара ихәыҷқәа шҳакәу шьақәҳарӷәӷәоит. Ҳара ҳхы бзиа ишаҳбо еиԥш иаҳзааигәоугьы бзиа даҳбоит, избанзар уи Анцәа иҳадиҵаз ԥҟароуп. Уи абзоурала ҳашьцәеи ҳареи аизыҟазаашьа бзиақәа ҳамоуп (Рим. 12:9, 10; Иак. 2:8, 9).
10, 11. Дышԥариааи иаҳәшьак иҽеимыз лцәаныррақәа?
10 Аха шьоукы ауаа зегьы еиԥшны рбара рцәыцәгьоуп. Ҳахәаԥшып аиаҳәшьа Рита лҿырԥштәы. Рита данхбыџыз даҽа тәылак иатәыз аԥҳәыс лҭаацәа ацәгьара иақәлыршәеит. Ишԥалныри уи Рита? Лара илҳәоит: «Сара уи атәыла иатәыз зегь сцәымӷын. Сгәы иаанагон уи атәылаҿы инхо зегьы ацәгьара ҳзызуз илеиԥшуп ҳәа, ҳашьцәагьы уахь иналаҵаны». Илыцхраазеи Рита лцәаныррақәа риааира?
11 Рита еилылкааит лхәыцшьа лыԥсахырц азы аџьабаа шбатәыз. Лара ашәҟәы «Ежегодник» аҿы уи атәыла иазкны ианыз ахҭысқәеи аҳасабрбақәеи дрыԥхьеит. Лара илҳәоит: «Сара схы аус адызулон уи атәылаҿы инхо ауаа ибзианы срызхәыцларц азы. Анаҩс игәасҭо салагеит уи атәылаҿы инхо аишьцәеи аиҳәшьцәеи гәык-ԥсыкала Иегова имаҵ шыруа. Сара еилыскааит даргьы адунеизегьтәи ҳаиашьара ишахәҭаку». Ԥыҭрак ашьҭахь Рита еилылкааит абзиабара аарԥшрагьы шлыхәҭоу. Лара илҳәоит: «Уи атәыла аҟынтә аишьцәеи аиҳәшьцәеи анызбоз, даараӡа сҽазысшәон абзиабара аарԥшра — срацәажәон, насгьы еиӷьны реилкаара сашьҭан». Иалҵшәахазеи уи? Рита илҳәоит: «Хәыҷы-хәыҷла иҽеим ацәаныррақәа наҟ ицеит».
Ҳаиашьара зегьы гәык-ԥсыкала бзиа иаҳбозар, ҳгәаҿы атәамбара еизҳартә алҳаршаӡом (Шәрыхәаԥш абзацқәа 12, 13.)d
12. Иарбан уадаҩроу Сариа илымаз?
12 Шьоукы егьырҭ тәамбарала ишрызныҟәо рызгәамҭозар алшоит. Иаҳҳәап, Сариа зыхьӡу аиаҳәшьа ауаа еилылхӡом ҳәа лгәы иаанагон, избанзар ауаҩы ираса, шаҟа аԥара имоу, насгьы аизараҿы инаигӡо аҭакԥхықәра дахәаԥшӡомызт. Лара илҳәоит: «Аха сара игәасҭо салагеит уеизгьы атәамбара шаасырԥшуаз». Ишԥа? Лара аҵара змаз аҭаацәараҿы илызҳаит, убри аҟынтә аҵара змаз рацәажәара еиҳа илгәаԥхон. Зны Сариа лҩыза иалҳәеит: «Сара еиҳарак аҵара змоу аишьцәеи аиҳәшьцәеи роуп сзацәажәо, егьырҭ уиаҟара срацәажәаӡом». Ҳәарада, Сариа лгәазыҟашьа лыԥсахыр акәын. Иҟалҵазеи нас лара?
13. Иаҳнарҵозеи Сариа лҿырԥштәы?
13 Араионтә хылаԥшҩы Сариа длыцхрааит лгәазыҟашьа аԥсахра. Лара илҳәоит: «Иара сирҽхәеит зиашарала Анцәа имаҵ ахьызуаз, аҭакқәа бзианы иахьыҟасҵоз, насгьы Абиблиа ибзианы иахьыздыруаз азы. Анаҩс иара исеилиркааит иҳамоу адыррақәа еизҳарҳацыԥхьаӡа ахынраалареи, ахӡырымгареи, агәшаҭареи реиԥш иҟоу ақьырсиантә ҟазшьақәагьы еизҳарҳалар шҳахәҭоу». Сариа араионтә хылаԥшҩы ииҳәаз дазыӡырҩит. Лара илҳәоит: «Сара еилыскааит еиҳараӡак ихадоу абзиабареи ақьиареи раарԥшра шакәу». Убри нахыс лара аишьцәеи аиҳәшьцәеи даҽакала дрыхәаԥшуа далагеит. Лара иацылҵоит: «Сара сҽазысшәон Иегова дара рҿы игәеиҭаз аҟазшьақәа рбара». Ҳашԥарзыҟоу ҳара аишьцәеи аиҳәшьцәеи? Ҳара ҳгәы иаанамгалароуп аҵара ҳамазар, ҳашьцәа раасҭа ҳаиӷьуп ҳәа! Ҳаиашьара зегьы гәык-ԥсыкала бзиа иаҳбозар, ҳгәаҿы атәамбара еизҳартә алҳаршаӡом (1 Пиотр 2:17).
АСАСДКЫЛАРА ААШӘЫРԤШЛА
14. Иарбан цәаныррақәоу Иегова изцәырҵуа асасдкылара анааҳарԥшуа, Ауриацәа рахь 13:16 иану инақәыршәаны?
14 Иегова даараӡа игәы иахәоит асасдкылара анааҳарԥшуа. (Шәаԥхьа Ауриацәа рахь 13:16.) Иара уи ҳамҵахырхәара иахәҭаку ак еиԥш иԥхьаӡоит, еиҳараӡак ацхыраара иазгәаҟуа рахь ианааҳарԥшуа (Иаков 1:27; 2:14—17). Убри азоуп Абиблиа изҳанаҳәо: «Асасдкылара аашәырԥшла» (Рим. 12:13). Асасдкылара аазырԥшуа ауаҩы егьырҭ рзы иаамҭа деигӡаӡом, дреиҷаҳауеит, насгьы бзиа ибоит. Иегова игәы иахәоит ҳара егьырҭ иҳамоу анрыцеиҩаҳшо, насгьы аамҭа анрыцаҳхаҳго (1 Пиотр 4:8—10). Аха асасдкылара аарԥшра зегьы ирзымариам.
«Уаанӡа сара асасдкылара сыламызт, аха сҽысыԥсахит. Уи агәырӷьара ду сзаанагоит» (Шәахәаԥш абзац 16.)e
15, 16. а) Избан шьоукы асасдкылара аарԥшра зырцәыцәгьоу? б) Илыцхраазеи Едита асасдкылара аарԥшра?
15 Мзызқәак ирыхҟьаны ҳара асасдкылара ааҳмырԥшуазар алшоит. Ҳахәаԥшып Едита зыхьӡу аԥҳәысеиба лҿырԥштәы. Иегова ишаҳаҭ лакәхаанӡа лара ауаа лҽырцәылыхьчон. Едита асасдкылара лара илтәым ҳәа лыԥхьаӡон.
16 Аха Едита аҵабырг анеилылкаа, даҽакала дхәыцуа далагеит. Лара асасдкылара аалырԥшларц лыӡбеит. Абар лара илҳәо: «Аҳратә зал ҿыц анҳаздыргылоз аизара аиҳабы дсыҳәеит ацхырааразы иааиуа хаҵеи-ԥҳәыси сыдыскыларц. Дара ҩымчыбжьа иаангылар акәын. Сара исгәалашәеит Иегова Сарепта иатәыз аԥҳәыс дшылзылԥхаз, убри аҟынтә сақәшаҳаҭхеит» (1 Аҳ. 17:12—16). Дылзылԥхама Иегова Едита? Лара илҳәоит: «Сара даараӡа сеигәырӷьеит дара ҩымчыбжьа ракәымкәа, ҩымз сыҩны иахьаанхаз. Ҳара ҳаиҩызцәа бзиахеит». Едита аизараҿгьы ирацәаны аҩызцәа лырҳаит. Уажәы лара пионерс амаҵ луеит, насгьы даараӡа деигәырӷьоит амаҵ зцылуа маҷк рыԥсы ршьарц сасра иахьлызнеиуа. Лара илҳәоит: «Егьырҭ рзы ак аныҟасҵо, сгәы ҭгәырӷьаауеит, насгьы ирацәаны азылԥхарақәа соуеит!» (Аур. 13:1, 2).
17. Елыркаазеи Лиук иԥҳәыси иареи?
17 Иҟалап ҳара асасдкылара аарԥшра ҳцәыцәгьамзар, аха иҳалшома уи аганахь ала еиҳагьы ҳҽеиӷьаҳтәыр? Лиук иԥҳәыси иареи еснагь асасдкылара аадырԥшуан. Дара еснагь рыҩныҟа иаарыԥхьон рҭаацәа, рыуацәа, рҩызцәа, насгьы араионтә хылаԥшҩы иԥҳәыси иареи. Лиук иҳәоит: «Аха ҳара еилаҳкааит сасра иааҳаԥхьоз иҳазгәакьоу рымацара шракәыз». Ирыӡбазеи нас Лиук иԥҳәыси иареи?
18. Ирыцхраазеи Лиук иԥҳәыси иареи еиҳаны асасдкылара аарԥшра?
18 Зегь аҽаԥсахит Лиук иԥҳәыси иареи Иисус иажәақәа ианрызхәыц: «Мшәан шәара бзиа шәызбауа бзиа иахьыжәбо азы иарбан ҳамҭоу ишәыхәҭоу?» (Матф. 5:45—47). Дара еилыркааит Иегова зегь рахь агәыҭбаара ааирԥшуазар, даргьы уи ҟарҵалар шрыхәҭоу. Убри аҟынтә ирыӡбеит уаанӡа иаармыԥхьацыз аишьцәеи аиҳәшьцәеи аарыԥхьарц. Лиук иҳәоит: «Ҳасасцәагьы ҳаргьы аамҭа ахьеицаҳхаҳго даараӡа иаҳгәаԥхоит. Ҳара ҳагәқәа шьҭибахуеит, Иеговагьы еиҳа ҳаизааигәахоит».
19. Ишԥашьақәҳарӷәӷәо ҳара Иисус иҵаҩцәа шҳакәу, насгьы шәзызхиоузеи шәара?
19 Ҳара еилҳаргеит абзиабара шҳацхраауа аимак анҳабжьало аинышәара, аишьцәеи аиҳәшьцәеи реилымхра, насгьы асасдкылара аарԥшра. Шәааи ҳашьцәа гәык-ԥсыкала бзиа рбара ак ҳԥырхагахартә алҳмыршалап. Усҟан насыԥ ҳамазаауеит, насгьы Иисус иҵаҩцәа шҳакәҵәҟьоу шьақәҳарӷәӷәалоит (Иоанн 13:17, 35).
АШӘА 88 Умҩақәа сзаарт
a Иисус иҳәеит ииашаҵәҟьоу ақьырсианцәа иаадырԥшуа абзиабарала егьырҭ ишрылукаало. Аишьцәеи аиҳәшьцәеи рахь иҳамоу абзиабара ҳгәазҭанаҵоит аимак анҳабжьало аинышәара, аишьцәеи аиҳәшьцәеи реилымхра, насгьы асасдкылара аарԥшра. Зны-зынла уи мариамзар ҟалоит. Ари астатиа иаҳнаҭо алабжьарақәа ҳацхраауеит еснагь гәык-ԥсыкала абзиабара аарԥшра.
b Ари астатиаҿы хьыӡқәак ԥсахуп.
c АСАХЬАҚӘА РҾЫ ИАҲБО: аиаҳәшьа аинышәара дашьҭоуп, аха раԥхьа акгьы алҵуам. Ус шакәугьы, лара лгәы калыжьуам, абзиабара аарԥшра даҟәыҵӡом. Аҵыхәтәаны лҽазышәарақәа алҵшәа бзиа ааргоит.
d АСАХЬАҾЫ ИАҲБО: зықәрахь инеихьоу аиашьа дырҭахымшәа ибоит.
e АСАХЬАҾЫ ИАҲБО: асасдкылара аарԥшра зцәыцәгьаз аиаҳәшьа лхәыцшьа лыԥсахуеит, уи агәырӷьара ду лзаанагоит.