Асасдкылара аарԥшра даара ихадоуп!
«Асасдкылара шәылаз... гәамҵрак азыҟамҵакәа» (1 ПИОТР 4:9).
1. Иарбан уадаҩрақәоу ақьырсианцәа актәи ашәышықәсазы ирымаз?
ХЫНҨАЖӘИ ҩбатәи хынҩажәи ԥшьбатәи ашықәсқәа рыбжьара апостол Пиотр «Понт, Галатиа, Каппадокиа, убас Асиеи Вифаниеи рҭыԥҿацәқәа» рҿы аамҭала инхоз ақьырсианцәа асаламшәҟәы рзиҩит (1 Пиотр 1:1). Урҭ ақьырсианцәа ркультуреи рыԥсҭазаашьеи еиԥшымызт. Дара «аԥышәаратә мцаԥшьқәа», ма ашьҭашәарыцарақәа, ирықәшәон, убри аҟынтә агәышьҭыхреи амҩақәҵареи рҭахын. Иара убас урҭ даара ишәарҭаз аамҭазы инхон. Пиотр иҩуан: «Лассы зегьы рҵыхәа ԥызҵәо, еилзырго аамҭа ааираны иҟоуп». Иерусалим еилабгаанӡа жәа шықәсагьы бжьамызт. Ирыцхраар алшози дара уи имариамыз аамҭа ахгара? (1 Пиотр 4:4, 7, 12).
2, 3. Избан Пиотр аишьцәа асасдкылара аарԥшра ргәы зазҭеиҵоз? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.)
2 Пиотр аишьцәа ргәазҭеиҵон асасдкылара аарԥшра (1 Пиотр 4:9). «Асасдкылара» ҳәа еиҭагоу абырзен ажәа иаанагоит «иузымдыруа иахь абзиабара ма ақьиара» аарԥшра. Аха Пиотр аишьцәа дара дара рахь акәын асасдкылара аарԥшра ргәы зазҭеиҵоз, урҭ шеибадыруазгьы. Ишԥарыцхраар алшоз уи?
3 Асасдкылара аишьцәеи аиаҳәшьцәеи еиҳагьы еиднакылон. Шәаргьы уи шәақәшаҳаҭзар алшоит. Ишәгәалашәома шаҟа гәахәарала аамҭа еицышәхыжәгаз, аӡәы ааԥхьара аншәиҭа? Шәаргьы аӡәы ааԥхьара анишәҭо шәеиҩызара шәырӷәӷәоит. Асасдкылара ҳацхраауеит ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ибзианы рабадырра. Ауадаҩрақәа еиҳахацыԥхьаӡа Пиотр ихаан инхоз аишьцәеи аиаҳәшьцәеи еиҳагьы еизааигәахалар акәын. Арҭ «аҵыхәтәантәи амшқәа» рзы ҳаргьы ус ҟаҳҵалар ауп (2 Тимофеи иахь 3:1).
4. Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?
4 Иарбан лшарақәоу ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рахь асасдкылара аарԥшразы иҳамоу? Иарбан уадаҩрақәоу асасдкылара аарԥшра иаҳԥырхагахар алшо, насгьы иҳацхраауазеи урҭ риааира? Иҳацхраауазеи сасра ҳанаарыԥхьо ииашаны ахымҩаԥгара?
АСАСДКЫЛАРА ААРԤШРАЗЫ АЛШАРА
5. Ишԥаҳалшо ҳара аизараҿы асасдкылара аарԥшра?
5 Аизарақәа рҿы. Иегова иорганизациеи иареи аизарақәа рахь ҳаарыԥхьоит. Ҳара иаҳҭахуп ҳаизарақәа ирҭаауа зегьы ҳашреигәырӷьо рбаларц, еиҳарак раԥхьаӡакәны иааиуа (Римаа рахь 15:7). Дара Иегова исасцәа роуп, убри аҟынтә ҳара иаҳҭахуп урҭ гәык-ԥсыкала иҳадаҳкыларц, рҭеиҭыԥши реилаҳәашьеи зеиԥшразаалакгьы (Иаков 2:1—4). Ауаҩы ихала дшааз шәбазар, ишәылшома шәицтәар? Иҟалап иара игәы иахәар аизара шымҩаԥысуа изеиҭашәҳәар, насгьы абиблиатә жәеинраалақәа рыԥшаара шәицхраар. Ари асасдкылара аарԥшразы ибзиоу знеишьоуп (Римаа рахь 12:13).
6. Иззааҳарԥшлар ҳахәҭада еиҳарак асасдкылара?
6 Акреицфаразы ааԥхьара. Абиблиатә аамҭақәа раан асасцәа ачеиџьыка рызцәырыргон, уи ала иаадырԥшуан асас иҿы аиҩызареи аҭынчреи ишашьҭаз (Аҟазаара 18:1—8; Аӡбаҩцәа 13:15; Лука 24:28—30). Иззааҳарԥшлар ҳахәҭада ҳара еиҳарак асасдкылара? Ҳаизара иатәу аишьцәеи аиаҳәшьцәеи. Ари адунеи еицәахацыԥхьаӡа ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рыда ԥсыхәа ҳамамкәа ҳҟалоит, убри аҟынтә ҳаиҩызара ҳарӷәӷәалар ауп. 2011 шықәсазы Анапхгаратә хеилак Америка иҟоу вефильтәи аҭаацәара аҵаразы астатиа ианахысуа аамҭа рыԥсахит, 18:45 аҟынтә 18:15 ахь ииаргеит. Избан? Алаҳәараҿы ишҳәаз еиԥш, уи абзоурала аиԥылара заа ихыркәшахон, насгьы Вефиль амаҵ зуа аишьцәеи аиаҳәшьцәеи аиҭанеиааиразы алшара роуан. Егьырҭ атәылақәа рҿы иҟоу афилиалқәагьы убас ҟарҵеит. Ари аԥсахра вефильтәи аҭаацәара еиҳагьы еиднакылеит.
Ишәылшома шәеизарахь ииасызи шәареи акреицышәфарц, мамзаргьы џьара шәеиццарц иаашәыԥхьар?
7, 8. Ишԥаҳалшо ажәахә зманы ҳаизара иаҭаауа аишьцәа рахь асасдкылара аарԥшра?
7 Аамҭа-аамҭала даҽа еизарак иатәу ажәахәҟаҵаҩ, ма араионтә хылаԥшҩы, мамзаргьы афилиал ахаҭарнак ажәахә иманы ҳаизара даҭаауеит. Иҳалшома арҭ аишьцәа рахь асасдкылара аарԥшра? (Шәаԥхьа 3 Иоанн 5—8.) Иаҳҳәап, ҳара иҳалшоит акреицаҳфарц азы урҭ ҳаҩныҟа иааҳаԥхьар.
8 Еиду Аштатқәа рҿы инхо аиаҳәшьа илгәалашәоит: «Ашықәсқәа рыҩныҵҟа схаҵеи сареи ажәахәҟаҵаҩцәа рыҳәсеи дареи аҩныҟа иааҳаԥхьон». Лара илҳәоит убас ала асасдкылара анаадырԥшуаз уи еснагь рыгәрахаҵара шарӷәӷәоз, уи адагьы, агәахәара шроуаз. Анаҩс иацылҵоит: «Ҳара уи ахаан ҳахьхәуамызт».
9, 10. а) Изҭаххар алшода аангыларҭа ҭыԥ? б) Ирылшома аҩн дуқәа змамгьы асасдкылара аарԥшра? Иаажәга аҿырԥштәы.
9 Аангыларҭа ҭыԥ зҭаху аишьцәеи аиаҳәшьцәеи. Абиблиатә аамҭақәа раан асас изы ауада дырхион (Иов 31:32; Филимон иахь 22). Иахьагьы ус аҟаҵара аҭаххар алшоит. Араионтә хылаԥшыҩцәа ҳаизара ианаҭаауа иахьынхаша аҭыԥ анырҭаххо ыҟоуп. Уи аҩыза ацхыраара рҭаххар алшоит атеократиатә школқәа рҿы аҵара зҵо, мамзаргьы аргыларақәа ирылахәу аишьцәеи аиаҳәшьцәеи. Иара убас аԥсабаратә рыцҳарақәа ирыхҟьаны зыҩнқәа зцәыӡыз аишьцәа рыҩнқәа еиҭашьақәдыргылаанӡа иахьынхаша аҭыԥ рҭахуп. Ҳара ҳамхәыцлароуп ацхыраара зылшо аҩн дуқәа змоу рымацара роуп ҳәа. Иҟалап дара акырынтә ус иагьыҟарҵахьазар. Ишәылшома аӡәы шәыцхыраара идыжәгалар, шәыҩны хәыҷызаргьы?
10 Аладатәи Кореиа инхо аиашьа игәалашәоит атеократиатә школқәа рҿы аҵара зҵоз аишьцәеи аиаҳәшьцәеи иара иҿы ианаангылоз. Иара иҩуеит: «Раԥхьа сара слакҩакуан, избанзар сыԥҳәыси сареи ҿыц ҳаибаганы ҳаҟан, насгьы ҳахьынхоз аҩны хәыҷын. Аха аишьцәа ахьҳадаҳкылаз агәырӷьара ду ҳзаанагеит. Ҿыц еибагаз реиԥш, ҳара иаҳбон хаҵеи-ԥҳәыси Иегова имаҵ анеицыруа, насгьы адоуҳатә хықәкқәа анрымоу уи шаҟа насыԥ рзаанаго».
11. Избан шәеизарахь ииасыз рахь асасдкылара заарԥшлатәу?
11 Шәеизарахь ииасыз аишьцәеи аиаҳәшьцәеи. Аишьцәеи аиаҳәшьцәеи шьоукы, мамзаргьы аҭаацәарақәа егьырҭ аизарақәа рҟынтә шәеизарахь ииасзар алшоит. Иҟалап урҭ шәеизара иацхраарц азы ииасзар. Мамзаргьы дара шәеизараҿы пионерс амаҵ руларц ирыҳәазар ауеит. Дара рзы уи мариамзар алшоит. Урҭ иҿыцу аҭыԥи, абызшәеи, акультуреи ирышьцылар ауп. Ишәылшома шәара акреицышәфарц, мамзаргьы џьара шәеиццарц иаашәыԥхьар? Уи дара ирыцхраар алшоит аҩызцәа рырҳара, насгьы иҿыцу аҭагылазаашьақәа рышьцылара.
12. Иаажәга асасдкылара мыцхәы аҽазыҟаҵара шаҭахым узырбо аҿырԥштәы.
12 Аӡәы сасра даашәыԥхьарц азы мыцхәы аҽазыҟаҵара аҭахӡам. (Шәаԥхьа Лука 10:41, 42.) Иашьак игәалашәоит иԥҳәыси иареи миссионерцәас амаҵ аура ианалага изықәшәаз ахҭыс. Иара иҳәоит: «Ҳара ҳқәыԥшын, аԥышәа ҳамамызт, насгьы ҳаҩны гәхьааҳгон. Хәылбыҽхак азы сыԥҳәыс даара ҳаҩны лгәы иҵаланы иҟан, сара слыцхраарц сҭахын, аха акгьы алымҵит. Ус, ааба рыбжа шыҟаз ҳашә аӡә дасит. Уи Абиблиа зҵоз аԥҳәыс лакәын. Лара дҳабадырырц дааит, насгьы х-патырқалк ҳзаалгеит. Аҩныҟа дыҩнаҳгалан ҵәыцак аӡы лыдаҳгалеит. Анаҩс ачеи ҳаршит, насгьы ашоколад ршы ҟаҳҵеит. Ҳара макьана суахили бызшәа ҳамҵаӡацызт, лара англыз бызшәа лыздыруамызт». Уи аиашьа иҳәоит ари ахҭыс аҭыԥантәи аишьцәа рҩызахара ишрыцхрааз.
АСАСДКЫЛАРА ААРԤШРА ИАҲԤЫРХАГАХАР АЛШО
13. Хәарҭас ишәзаанагар алшозеи асасдкылара?
13 Ишәцәыцәгьоума шәара асасдкылара аарԥшра? Ааи акәзар, агәахәара шәзаазго аиҿцәажәареи аҩызцәа рырҳара алшареи шәаҩшәыжьуазар алшоит. Асасдкылара анааурԥшуа, ухы заҵәны иубаӡом. Избан шьоукы асасдкылара аарԥшра зырцәыцәгьоу? Иҟоуп еиуеиԥшым амзызқәа.
14. Иҟаҵатәузеи асасцәа рыдкыларазы ма сасра ацаразы аамҭеи амчи ҳамамшәа ҳбозар?
14 Аамҭеи амчи. Иегова имаҵзуҩцәа даара еилахоуп, насгьы имаҷымкәа аҭакԥхықәрақәа рыдуп. Шьоукы асасцәа рааԥхьаразы аамҭеи амчи рымамшәа рбозар ауеит. Шәаргьы ус шәгәы иаанагозар, аԥсахрақәа ҟашәҵароуп, насгьы сасра ацареи асасцәа рааԥхьареи рзы аамҭа алышәхлароуп. Уи даара ихадоуп, избанзар Абиблиа асасдкылара ааҳарԥшларц ҳаанаԥхьоит (Ауриацәа рахь 13:2). Ишаҳбаз еиԥш, асасдкылара аарԥшра даара ибзиоуп. Аха уи азы уиаҟара ихадам аусқәа ирацәаны аамҭа рықәшәмырӡлар ауп.
15. Избан шьоукы асасдкылара аарԥшра рылшом ҳәа ргәы изаанаго?
15 Шәхы шәанақәымгәыӷуа. Иҟалап шәара асасдкылара аашәырԥшырц шәҭахызар, аха уи шәылшом ҳәа шәгәы иаанагозар. Иаҳҳәап, шәыԥхашьаҩызар ауеит, убри аҟынтә шәысасцәа ирашәҳәо шәмоур ргәы ҿыӷьыр ҳәа шәшәоит. Мамзаргьы уиаҟара аԥара ахьшәымам азы егьырҭ аишьцәеи аиаҳәшьцәеи иҟарҵо аҟара шәылымшар ҳәа шәшәоит. Ишәхашәмыршҭын, шәыҩны ахан иеиԥшзар акәӡам. Шәысасцәа даара ргәы иахәоит шәыҩны цқьазар, насгьы гәаартыла урҭ шәыдышәкылозар.
16, 17. Иҟашәҵар шәылшозеи асасцәа рааԥхьара агәҭынчымра шәызцәырнагозар?
16 Асасцәа рааԥхьара агәҭынчымра шәызцәырнагозар, ус иҟоу шәымацара шәакәӡам. Великобританиа инхо аизара аиҳабы иҳәоит: «Асасцәа анаауԥхьо маҷк угәы хыҭ-хыҭуеит. Аха Анцәа имаҵ аураҿы ишыҟоу еиԥш, аҵыхәтәаны иуоуа агәырӷьара угәҭынчымрақәа ириааиуеит. Сара агәахәара сзаанагоит асасцәа баша акаҳуа рыцыжәреи рацәажәареи». Иара убас еснагь ибзиоуп хаҭала ауаҩ иахь аинтерес аарԥшра (Филиппаа рахь 2:4). Аӡәырҩы иргәаԥхоит рыԥсҭазаараҿы изықәшәоз ахҭысқәа реиҭаҳәара. Убри аҟынтә ҳанеидтәало ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ирызкны еилаҳкаауа рацәоуп. Аизара аиҳабыс амаҵ зуа даҽа иашьак иҳәоит: «Сыҩныҟа аизараҟынтәи аӡә данаасыԥхьо, алшара соуеит иааигәаны иабадырра, еиҳарак аҵабырг ахь дшааз аилкаара, уи сыцхраауеит иара иахь еиҳа еиӷьны аилкаара аарԥшра». Шәысасцәа рахь аинтерес аашәырԥшуазар, агәра ганы шәыҟазар шәылшоит шәыҿцәажәара агәахәара шырзаанаго.
17 Пионерс амаҵ зуа аиаҳәшьа атеократиатә школқәа рҿы аҵара зҵо аишьцәеи аиаҳәшьцәеи лыдылкылон. Лара илҳәоит: «Раԥхьа сара маҷк слакҩакуан, избанзар смазара дуум, исзыҩнагылоу аҩнымаҭәагьы ҿыцым. Аха ашкол аҿы аҵара дзырҵоз аиашьа иԥҳәыс сгәы лырҭынчит. Лара илҳәеит араионтә маҵзураҿы ианыҟоу, доуҳала ишәу аишьцәеи аиаҳәшьцәеи рҿы аангылара зегь раасҭа ишыргәаԥхо. Урҭ амал рымам, аха рдоуҳатә хықәкқәа еиқәшәоит — Иегова имаҵ аура, насгьы имариоу аԥсҭазаара амҩаԥгара. Уи ҳан ҳаныхәыҷқәаз иҳалҳәоз сгәаланаршәеит: „Ауҭраҭых иалху афатә еиҳа еиӷьуп, уи абзиабара ацзар“» (Ажәамаанақәа 15:17). Шәысасцәа рахь гәык-ԥсыкала абзиабара аашәырԥшуазар, даҽаказы агәҭынчымра аарԥшра иаԥсам.
18, 19. Ишԥаҳацхраауеи асасдкылара егьырҭ ҳшырзыҟоу аԥсахра?
18 Егьырҭ ҳшырзыҟоу. Иҟалап шәеизараҿы ишәгәамԥхо аӡә дыҟазар. Урҭ ацәаныррақәа риааиразы акгьы ҟашәымҵозар, рхала ииасӡом. Иҟалап ишәгәамԥхо ауаҩы сасра иааԥхьара шәҭахымзар. Мамзаргьы аӡәы зны шәиргәаахьазҭгьы, аха уи шәхамышҭуазар алшоит.
19 Абиблиаҿы иануп асасдкылара егьырҭи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа реиӷьтәра ишҳацхраауа, урҭ ҳаӷацәа ракәзаргьы. (Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 25:21, 22.) Ауаҩы шәыҩныҟа сасра даашәыԥхьар, уи иҽеим ацәаныррақәа риааира ишәыцхраауеит, шәеизыҟазаашьақәагьы еиӷьышәтәуеит. Иҟалап уи ауаҩ илоу Иегова иибаз аҟазшьа бзиақәа шәаргьы игәашәҭар (Иоанн 6:44). Гәык-ԥсыкала ауаҩы ааԥхьара анишәҭо, еиҳарак иара уи дазыԥшымзар, аҩыза бзиа дшәырҳар шәылшоит. Ишԥашәылшо уи аҟаҵара шәгәазҭазҵо абзиабара шакәу аилкаара? Иаҳҳәап, Филиппаа рахь 2:3 аҿы иану алабжьара шәықәныҟәозар: «Ахӡырымгара шәашьҭаз шәызлоу ауааԥсыра раҵкыс еиҳаны шәгылоушәа шәгәы иаанашәмырган». Ҳара аишьцәеи аиаҳәшьцәеи злаҳаиӷьу ҳазхәыцлар ауп. Иҟалап агәрахаҵареи, ахачҳареи, егьырҭ аҟазшьа бзиақәеи раарԥшраҿы рҿыԥшра иаԥсазар. Урҭ рҟазшьақәа ҳанрызхәыцуа, дара рахь ҳабзиабара еизҳауеит, уи асасдкылара аарԥшра иҳацхраауеит.
САСРА ҲАНААРЫԤХЬО ҲХЫ ШЫМҨАԤАҲГАЛАША
Ишаԥу еиԥш, аԥшәмацәа асас иаара ибзианы рҽазыҟарҵоит (Шәахәаԥш абзац 20.)
20. Ишԥаҳалшо сасра ааԥхьара анҳарҭо ҳажәа шынаҳагӡо ааҳарԥшыр? Избан уи зхадоу?
20 Аԥсаломшәаҳәаҩ Давид иҳәеит: «Нцәа Ҳазшаз! Изылшарыдашь Уара унхарҭаҿ аҟазаара?» (Аԥсалом 14:1 [15:1, АдҾ]). Уи ашьҭахь иара еиқәиԥхьаӡеит уи зылшо илазар ихәҭоу аҟазшьақәа. Урҭ аҟазшьақәа руак иуҳәаз ажәа анагӡара ауп. Давид иҩит: «Ииҳәаз ажәа дацәхьаҵӡом, уи иара аԥырхага изаанагаргьы» (Аԥсалом 15:4, АдҾ). Ааԥхьара ҳадаҳкылазар, иаҳҳәаз ажәа наҳагӡароуп, ҭагылазаашьа цәгьак ҳақәымшәазар. Аԥшәмацәа ҳнеира рҽазыҟарҵахьазар ауеит, убри аҟынтә рџьабаа пату ақәаҳҵар ҳҭахуп (Матфеи 5:37). Шьоукы ааԥхьара анрыдыркыла ашьҭахь ражәа еиларгоит, избанзар еиҳа еиӷьыршьаз ааԥхьара рыдыркылоит. Аха иаҳҳәар ҳалшома уи аҩыза ахымҩаԥгашьа абзиабареи апатуқәҵареи аныԥшуеит ҳәа? Аԥшәмацәа рылшара зеиԥшразаалакгьы, ҳара аџьшьара аарԥшны рааԥхьара ҳадаҳкылоит (Лука 10:7). Ҳаззыԥшымыз ҭагылазаашьақәак ирыхҟьаны ҳзымцозар, иахьынӡазалшо иаарласны аԥшәмацәа ҳашзымнеиуа раҳҳәар ауп. Уи ала абзиабара ааҳарԥшуеит.
21. Ишԥаҳалшо аҭыԥантәи аҵасқәа пату шрықәаҳҵо ааҳарԥшыр?
21 Даара ихадоуп аҭыԥантәи аҵасқәа пату рықәҵара. Ҭыԥқәак рҿы аӡә сасра ушизнеиуа заа иаҳәара аҭахӡам. Аха иҟоуп сасра унеиаанӡа уи ахьҳәатәу аҭыԥқәа. Џьара асас иреиӷьу афатә имҵадыргылоит, даҽаџьара асас ихәы ҷыдала идырхиаӡом. Ҭыԥқәак рҿы сасра ианнеиуа рнапы ҭацәны инеиӡом. Егьырҭ аҭыԥқәа рҿы аԥшәмацәа асас акгьы неимгар еиҳа еиӷьыршьоит. Џьара-џьара асас ааԥхьара анирҭо раԥхьа знык-ҩынтә раҟара мап ацәикуеит. Аха даҽаџьара уи аҩыза ахымҩаԥгашьа ԥшӡам ҳәа рыԥхьаӡоит. Ҳара сасра ҳаазыԥхьаз дҳаигәырӷьартә еиԥш еснагь ҳхы мҩаԥаҳгалар ауп.
22. Избан асасдкылара аарԥшра даара изхадоу?
22 Пиотр иҳәеит: «Зегьы рҵыхәа ԥызҵәо, еилзырго аамҭа ааираны иҟоуп» (1 Пиотр 4:7). Ҳара адунеи ахаан изқәымшәацыз агәырҩа ду ашәхымс ҳалагылоуп. Убри аҟынтә иахьа Пиотр илабжьара ақәныҟәара еиҳагьы ихадоуп: «Асасдкылара шәылаз» (1 Пиотр 4:9). Ааи, асасдкылара агәырӷьара ҳзаанагоит, насгьы уи аарԥшра даара ихадоуп, иахьагьы, ҳаԥхьаҟагьы.