Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w20 ииуль ад. 14—19
  • «Санымчыдоу ауп сара саныӷәӷәоу»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • «Санымчыдоу ауп сара саныӷәӷәоу»
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2020
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • «САНҴӘЫЛЫРХУА... ГӘАХӘАРА СОУЕИТ»
  • ШӘХЫ ШӘАҚӘЫМГӘЫӶЛАН
  • АБИБЛИА ЗЫӠБАХӘ АҲӘО АУАА ШӘЫРҾЫԤШЛА
  • АЦХЫРААРА ШӘЫДЫШӘКЫЛАЛА
  • Ишԥаҳацхраауеи Абиблиа аԥышәарақәа рыхгара?
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
  • «Аӡәи-аӡәи... шәеибарӷәӷәала»
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022
  • «Иегова иқәгәыӷуа бзиарак рыгхараны иҟаӡам»
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022
  • Акгьы шәацәымшәан — Иегова шәыцхырааҩ иоуп!
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2020
Шәахәаԥш еиҳаны
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2020
w20 ииуль ад. 14—19

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 29

«Санымчыдоу ауп сара саныӷәӷәоу»

«Христос... [«ихьӡ азы», АдҾ] саныԥсыҽу, рыцҳарала саныҟоу [«санҵәылырхуа», АдҾ], иансышьҭазааҩу, ауадаҩрақәа санырҭагылоу — гәахәара соуеит» (2 КОР. 12:10).

АШӘА 38 Анцәа амч уиҭоит

АХҲӘААa

1. Ииҳәози Павел имӡакәа?

АПОСТОЛ Павел имӡакәа иҳәон зны-зынла уаҳа шилымшоз. Иара иҳәон дышкарахоз, абзиара аҟаҵара шицәыцәгьаз, насгьы зны-зынла Иегова иҳәарақәа иара ишиҭахыз еиԥш рҭак шыҟаимҵоз (2 Кор. 4:16; 12:7—9; Рим. 7:21—23). Уи адагьы, Павел еиликаауан иаӷацәа дыԥсыҽупb ҳәа шырыԥхьаӡоз. Аха иара ауаа изырҳәози зны-зынла агхақәа ахьыҟаиҵози иахҟьаны акгьы даԥсам ҳәа дхәыцуамызт (2 Кор. 10:10—12, 17, 18).

2. Иарбан ихадоу уроку Павел еиликааз, 2 Коринфаа рахь 12:9, 10 иану инақәыршәаны?

2 Павел ихадоу акы еиликааит: ауаҩы уаҳа наилымшо дыҟазаргьы, дыӷәӷәазар илшоит. (Шәаԥхьа 2 Коринфаа рахь 12:9, 10.) Иегова Павел иеиҳәеит «сымч-сылшара ахьаасырԥшуа аԥсыҽраҿ ауп» ҳәа. Иегова иҳәарц иҭахын Павел изымхоз амч ииҭар шилшоз. Шәааи зны еилаҳкаап ҳаӷацәа ацәгьа анаҳзырҳәо, ҳгәы каҳмыжьлар зҳахәҭоу.

«САНҴӘЫЛЫРХУА... ГӘАХӘАРА СОУЕИТ»

3. Избан ҳанҵәылырхуа гәахәара зҳауа?

3 Ишәгәаԥхома шәара шәанҵәылырхуа? Ҳәарада, уи згәаԥхо аӡәгьы дыҟам. Аха ҳаӷацәа ҳахьҵәылырхуа мыцхәы ҳгәы иаҳарсуазар, ҳгәы каҳар ауеит (Ажәам. 24:10). Ҳашԥазыҟазар акәу ҳаӷацәа иаҳзырҳәо? Павел иҳәеит: «Санҵәылырхуа... гәахәара соуеит» (2 Кор. 12:10). Ҳаргьы уи ҳаиҿыԥшлар ауп. Избан? Избанзар ауаа ацәгьа ҳзырҳәозар, насгьы иҳашьҭашәарыцозар, уи иаанарԥшуеит Христос иҵаҩцәа шҳакәҵәҟьоу (1 Пиотр 4:14). Иисус иҳәеит иҵаҩцәа ишрышьҭашәарыцало (Иоанн 15:18—20). Актәи ашәышықәсазгьы убас иҟан. Абырзен культура злаҽыз ауаа ақьырсианцәа хшыҩ дук змамыз арыцҳацәа реиԥш ирыхәаԥшуан. Ауриацәа ракәзар, ақьырсианцәа аҵара змамыз реиԥш ирыхәаԥшуан, апостолцәа Пиотри Иоанни ишрыхәаԥшуаз еиԥш (Аус. 4:13). Ақьырсианцәа аполитика рҽахьаладмырхәуаз, аҳәынҭқарра анырра ахьарымҭоз, арра иахьымцоз, иахьымеибашьуаз азы ак злымшоз, зхы ззымыхьчоз реиԥш ирыхәаԥшуан, убри аҟынтә пату рықәырҵомызт.

4. Ишԥазыҟаз раԥхьатәи ақьырсианцәа ауаа ацәгьа ахьырзырҳәоз?

4 Иаҟәыҵма раԥхьатәи ақьырсианцәа Христос ишьҭанеира, насгьы ажәабжь аҳәара, раӷацәа ахьырхыччоз азы? Мап. Иаҳҳәап, Пиотри Иоанни ҳаҭыр дуны ирыԥхьаӡон Иисус иахьишьҭанеиуаз, насгьы уи иӡбахә ауаа иахьырзеиҭарҳәоз иахҟьаны ашьҭашәарыцарақәа ахьырхыргоз (Аус. 4:18—21; 5:27—29, 40—42). Ақьырсианцәа зцәыԥхашьашаз ҳәа ак рымамызт. Раԥхьатәи ақьырсианцәа пату шрықәмызгьы, дара ауаа рзы иҟарҵаз рацәоуп. Урҭ иҟарҵаз ирышьҭашәарыцоз иҟарҵаз иузадкылом. Иаҳҳәап, урҭ ақьырсианцәа шьоукы ирҩыз ашәҟәқәа рыбзоурала иахьа уажәраанӡагьы миллионҩыла ауаа агәыӷреи ацхыраареи роуеит. Уи адагьы, дара зыӡбахә рҳәоз Аҳра уажәы ажәҩан аҿы напхгара ауеит, иаарласны адгьылгьы напхгара азнаулоит (Матф. 24:14). Ақьырсианцәа ирышьҭашәарыцоз амчра ду змаз Римтәи аҳәынҭқарра акәзар, аамҭа иалахәаша ицеит. Анцәа изиашаз урҭ ақьырсианцәа уажәы ажәҩан аҿы аҳра руеит, урҭ ирышьҭашәарыцоз анышә иафахьеит. Ҳаԥхьаҟа урҭ рыԥсы ҭалар, ирцәымӷыз ақьырсианцәа напхгара ахьыруа Аҳра аҵаҟа инхалоит (Аат. 5:10).

5. Избан адунеи иатәу ауаа Иегова ишаҳаҭцәа затәарымбо, Иоанн 15:19 иану инақәыршәаны?

5 Иахьагьы ҳара, Иегова ишаҳаҭцәа, ҳатәамбакәа иҳахәаԥшуеит, ацәгьа ҳзырҳәоит, хшыҩ дук змам, иԥсыҽу шьоук реиԥш иаҳзыҟоуп. Избан? Избанзар ҳара дара ҳреиԥшӡам. Ҳара ахынраалареи, аҟәымшәышәреи, аӡырҩреи ааҳарԥшуеит. Аха ари адунеи иатәу ауаа ҳаҭыр зқәырҵо иԥагьоу, зегьы зҳәатәы иазырго ауаа роуп. Уи адагьы, ҳара аполитика ҳҽалаҳархәӡом, насгьы ҳахьынхозаалакгьы, арра ҳцаӡом. Ажәакала, ҳара адунеи анырра ҳҽаҳҭаӡом, убри аҟынтә дара акгьы иаԥсам реиԥш иҳахәаԥшуеит. (Шәаԥхьа Иоанн 15:19; Рим. 12:2).

6. Иарбан ус дуу Иегова ижәлар рыла инаигӡо?

6 Ари адунеи ус ишҳахәаԥшуагьы, Иегова ҳара ҳала аус дуқәа наигӡоит. Иара аҭоурых аҿы зеиԥшҟамлацыз ажәабжьҳәаратә ус ҳадиҵеит. Иегова имаҵзуҩцәа Абиблиа рхы иархәаны адунеи ахьынӡанаӡааӡо инхо миллионҩыла ауаа рыԥсҭазаара аԥсахра ирыцхраауеит. Ҳорганизациа иҭнажьуа ажурналқәа реиԥш бызшәа рацәала еиҭарго, насгьы адунеи иалаҵәо даҽа журналк ыҟам. Уи азы хьӡи-ԥшеи иаԥсоу, ҳәарада, Иегова иоуп. Иара иԥсыҽуп ҳәа ирыԥхьаӡо ауаа ихы иархәаны, аус дуқәа ҟаиҵоит. Аха иаҳҳәар ҳалшозеи ҳаҭала ҳара ҳзы? Илшома Иегова амч ҳаиҭар? Ааи акәзар, иҟаҳҵар акәзеи уи ҳаурц азы? Шәааи ҳарзааҭгылап апостол Павел иҿырԥшы иаҳнарҵар алшо х-урокк.

ШӘХЫ ШӘАҚӘЫМГӘЫӶЛАН

7. Иаҳнарҵозеи Павел иҿырԥштәы?

7 Павел иҿырԥштәы иаҳнарҵо актәи аурок, уи Иегова имаҵ аураҿы ҳхы ақәгәыӷра шҳахәҭам ауп. Ауаҩы ихәаԥшышьала Павел ихы дахыҽхәартә, ихы дақәгәыӷыртә дыҟан. Иара Римтәи апровинциа аҳҭнықалақь Тарс аҿы изҳаит. Тарс ишәҭыкакаҷуаз қалақьын, уа зегь еицырдыруаз ауниверситет ыҟан. Уи адагьы, Павел аҵара ду иман, иара аиудеиатә жәлар рҿы ҳаҭыр ду змаз Гамалиил иҿы аҵара иоуит (Аус. 5:34; 22:3). Павел аиудеиатә жәлар рҿы ҳаҭыр зқәыз уаҩын. Абар иара иажәақәа: «Иудеиаа рҵара-дырра, рҵас-қьабз ашьҭкаараҿы, ҳабацәа ражәа акамыршәраҿ, уи ахьчараҿ сықәлацәа рыбжьара цлаб дсымамызт» (Гал. 1:13, 14; Аус. 26:4). Ус шакәызгьы, иара ихы дақәгәыӷуамызт.

Павел Христос ишьҭанеира даналага еиликааит ари адунеи аҿы хьӡи-ԥшеи изаазгоз зегьы «ҟьамсарк» ишаҩызаз. (Шәахәаԥш абзац 8.)c

8. Дышԥазыҟаз Павел қьырсианс дҟаларц азы иаанижьыз зегьы, Филиппаа рахь 3:8 иану инақәыршәаны? Избан иара «Саныԥсыҽу... гәахәара соуеит» ҳәа зиҳәаз?

8 Павел дымлакҩакӡакәа иаанижьит ари адунеи аҿы хьӡи-ԥшеи изаазгоз зегьы. Иара еиликааит уи зегьы «ҟьамсарк» ишаҩызаз. (Шәаԥхьа Филиппаа рахь 3:8.) Христос ишьҭанеира дахьалагаз азы иара ихигаз рацәоуп. Иара дзылҵыз ажәлар дырцәымӷхеит (Аус. 23:12—14). Тәылак аҿы ицынхоз Римаа дрыпҟон, абахҭагьы дҭаркуан (Аус. 16:19—24, 37). Уи адагьы, Павел игәы канажьуан инамӡара иахҟьаны зны-зынла ииашаны ахымҩаԥгара ахьицәыцәгьаз (Рим. 7:21—25). Аха иара аҿагыларақәа дахьрықәшәоз, насгьы иламыс дахьаргәаҟуаз иахҟьаны Иисус ишьҭанеира сылшом ҳәа дымхәыцӡеит. Уи аҭыԥан Павел иҳәеит: «Саныԥсыҽу... гәахәара соуеит». Избан иара ус зиҳәаз? Избанзар усҟан иара Анцәа иҟынтә амч шиоуаз ибон (2 Кор. 4:7; 12:10).

9. Иҟаҳҵалар ҳахәҭоузеи ҭагылазаашьақәак ирыхҟьаны ҳаԥсыҽушәа ҳбозар?

9 Иегова амч ҳаиҭаларц ҳҭахызар, ҳара ҳамхәыцуазар ауп иара зыхә ишьо ҳамчи, ҳҵареи, ҳкультуреи, ҳмали роуп ҳәа. Уи акәӡам иара изы ихадоу. Апостол Павел Анцәа ижәлар ирызкны иҳәеит: «Имаҷҩын шәыбжьара иҟәыӷаз, зымч-зылшара наӡаз, иӷәӷәаз... инагаз». Иегова иалихыз ари аԥсҭазаараҿы еиҳа икәадаз, имчыдаз роуп (1 Кор. 1:26, 27). Убри аҟынтә абзац алагамҭаҿы еиқәыԥхьаӡаз зегь шәымамзаргьы, Иегова имаҵ аура шәылшоит. Усҟан шәара еиҳагьы ижәбалоит Иегова амч шшәиҭо. Иаҳҳәап, шәыгәрахаҵара иахыччо ауаа шәрыцәшәозар, уи ахьчаразы Иегова агәымшәара шәиҭарц шәиҳәала (Еф. 6:19, 20). Ачымазара ӷәӷәа шәаргәаҟуазар, Иегова шәиҳәала амаҵзураҿы ишәылшо зегь аҟаҵара дшәыцхрааларц азы. Иегова дышшәыцхраауа жәбацыԥхьаӡа, шәыгәрахаҵара еиҳагьы иӷәӷәахалоит, насгьы амч шәоулоит.

АБИБЛИА ЗЫӠБАХӘ АҲӘО АУАА ШӘЫРҾЫԤШЛА

10. Избан Ауриацәа рахь 11:32—34 рҿы зыӡбахә ану, насгьы егьырҭ Анцәа имаҵзуҩцәа рҿырԥштәқәа ҭаҳҵаалар зҳахәҭоу?

10 Павел Иԥшьоу Аҩыра инарҵауланы иҭиҵаауан. Уи абзоурала уа зыӡбахә ану Анцәа имаҵзуҩцәа ирҿиҵааз рацәахеит. Иауриаз ақьырсианцәа асаламшәҟәы анырзиҩуаз, Павел урҭ Анцәа Иажәаҿы зыӡбахә ҳәоу Анцәа имаҵзуҩцәа ирҿыԥшларц ргәазҭеиҵон. (Шәаԥхьа Ауриацәа рахь 11:32—34.) Ҳахәаԥшып урҭ ируаӡәкыз аҳ Давид иҿырԥштәы. Иара иаӷацәа рҟынтә адагьы, ҩызцәас ииԥхьаӡоз шьоук рҟынтәгьы аҿагылара дақәшәеит. Давид иҿырԥштәы ҭаҳҵаар, ҳара еилаҳкаауеит уи Павел амч инаҭар залшоз, уи адагьы, еилаҳкаауеит Павел ҳаиҿыԥшлар шҳалшо.

Давид дқәыԥшын, насгьы дыӷәӷәамызшәа убар алшон, аха иара Голиаф дицәымшәаӡеит. Давид Иегова диқәгәыӷит, избанзар идыруан Голиаф дишьырц азы уи амч шииҭоз, убас иагьыҟалеит. (Шәахәаԥш абзац 11.)

11. Избан Давид дыԥсыҽызшәа убар залшоз? (Шәахәаԥш ацәаҿы иаагоу асахьа.)

11 Иӷәӷәаз аибашьҩы Голиаф диҿурԥшуазар, Давид акгьы злымшоз, иԥсыҽыз ҷкәынан. Убри аҟынтә Голиаф Давид датәаимбеит. Голиаф Давид иаасҭа акырӡа ддуун, бџьарла деиқәных деибыҭан, аибашьышьагьы идыруан. Давид иакәзар, иара дқәыԥшын, аибашьраҿы аԥышәа имамызт, бџьарлагьы деибыҭамызт. Аха ииашаҵәҟьаны Давид амч ду иман — иара Иегова диқәгәыӷуан, уи ицхырааралагьы аиааира игеит (1 Сам. 17:41—45, 50).

12. Иарбан уадаҩроу Давид еиҭа имаз?

12 Давид дыԥсыҽызшәа изырбар алшоз даҽа уадаҩракгьы иман. Раԥхьа израильтәи аҳ Саул Давид пату иқәиҵон, аха нас дахьԥагьахаз иахҟьаны диҵашьыцуа далагеит, Давид уи дышизиашазгьы. Саул Давид иҽеимкәа дизныҟәо далагеит, дишьырцгьы иҭаххеит (1 Сам. 18:6—9, 29; 19:9—11).

13. Иҟаиҵози Давид аҳ Саул ииашамкәа дышизныҟәозгьы?

13 Саул ииашамкәа ихы шымҩаԥигозгьы Давид уи пату иқәҵара даҟәымҵӡеит, избанзар еиликаауан далызхыз Иегова шиакәыз (1 Сам. 24:6). Давид Саул иус цәгьақәа Иегова ихараимҵаӡеит. Иара агәра игон Иегова уи аԥышәара ӷәӷәа ахгара дышицхраауаз (Аԥсал. 18 ахҳәаа; 18:1).

14. Излеиԥшызи Павели Давиди рҭагылазаашьақәа?

14 Апостол Павелгьы уи аҩыза аҭагылазаашьа дақәшәеит. Иаӷацәа иара иаасҭа акырӡа иӷәӷәан. Адиннапхгаҩцәагьы аиҳабыраагьы дырцәымӷын. Урҭ ирыхҟьаны изныкымкәа дрыпҟахьан, абахҭагьы дҭаркхьан. Давид иеиԥш Павелгьы ацхыраара изҭашаз ииашамкәа изныҟәон. Аизара иалахәыз шьоукгьы иҿагылон (2 Кор. 12:11; Флп. 3:18). Аха Павел урҭ ауадаҩрақәа зегь дыриааит. Избан ус ҳҳәар зҳалшо? Избанзар иара ашьҭашәарыцарақәа дышрықәшәозгьы ажәабжь иҳәон. Иашьцәеи иаҳәшьцәеи зны-зынла игәы шидырхьуазгьы, иара урҭ бзиа ибон. Аха зегь раасҭа ихадоу, иара иԥсы ахьынӡаҭаз Анцәа дизиашан (2 Тим. 4:8). Павел арҭ ауадаҩра ӷәӷәақәа рыхгара ахьилшаз иара дахьыӷәӷәаз азы акәӡам, аха Иегова дахьиқәгәыӷуаз азы ауп.

Шәыгәрахаҵара шәыцеиҩызымшо азҵаарақәа аншәырҭо, ҳаҭырла, насгьы қьиарала аҭак рышәҭала. (Шәахәаԥш абзац 15.)d

15. Ҳашԥаиааиуеи ҳара ацәгьара, насгьы ишԥаҟаҳҵо уи?

15 Ишәхыччома ма ишәҿагылома шәара аҵара шәыцызҵо, аус шәыцызуа, ма шәыгәрахаҵара шәыцеиҩызымшо шәҭынхацәа? Шәгәы шәирхьхьома аизараҿы аӡәы? Ааи акәзар, Давиди Павели рҿырԥштәқәа шәрызхәыцла. Шәара ацәгьара бзиарала шәаиааилар шәылшоит (Рим. 12:21). Ҳара Давид Голиаф ахаҳә игәыдҵаны дшииааиз еиԥш акәӡам ацәгьара ҳшаиааиуа. Ҳара ацәгьара ҳаиааиуеит ауаа Иегова иӡбахә анырзеиҭаҳҳәо, Абиблиа иаҳәо андеилҳаркаауа, рызҵаарақәа рҭак Абиблиа ала ианраҳҭо, ииашамкәа иҳазныҟәо рахь аҳаҭыри ақьиареи анааҳарԥшуа, насгьы зегьы, ҳаӷацәагьы, абзиара анырзыҟаҳҵо (Матф. 5:44; 1 Пиотр 3:15—17).

АЦХЫРААРА ШӘЫДЫШӘКЫЛАЛА

16, 17. Ихаимыршҭуази Павел ахаангьы?

16 Апостол Павел дқьырсианхаанӡа Иисус иҵаҩцәа гәымбылџьбарала дрышьҭашәарыцон (Аус. 7:58; 1 Тим. 1:13). Аха Иисус ихаҭа усҟан Савл ҳәа изышьҭаз Павел дааникылеит. Павел ажәҩан аҟынтә Иисус ибжьы иаҳаит, убри аминуҭ азгьы длашәхеит. Павел иблабара хынҳәырц азы дзышьҭашәарыцоз ауаа рҟынтә ацхыраара идикылар акәын. Убас иагьыҟаиҵеит. Павел Ананиа зыхьӡыз Иисус иҵаҩ иҟынтә ацхыраара идикылеит, иблақәагьы ирбо иалагеит (Аус. 9:3—9, 17, 18).

17 Ԥыҭрак ашьҭахь Павел ақьырсиантә еизараҿы аус хадақәа рынагӡара далагеит, аха иара ахаангьы ихаиршҭуамызт Дамаскҟа амҩа данықәыз иҟалаз. Иара ахынраалара аарԥшны еснагь аишьцәеи аиҳәшьцәеи рҟынтә ацхыраара идикылон. Иара иҳәон «урҭ гәырҭынчганы» ишизыҟаз (Кәал. 4:10, 11).

18. Избан ацхыраара адкылара ҳцәыцәгьахар залшо?

18 Иаҳнарҵозеи Павел иҿырԥштәы? Раԥхьа Иегова ишаҳаҭцәа ҳанрабадыр урҭ иҳарҭоз ацхыраара ҳгәырӷьаҵәа иҳадаҳкылозар ауан, избанзар еилаҳкаауан доуҳала ҳашсабицәаз, насгьы иаҳзымдыруаз шырацәаз (1 Кор. 3:1, 2). Аха ишԥаҳадаҳкыло уажәы ацхыраара? Иегова имаҵ ҳуеижьҭеи акыр ҵуазар, насгьы аԥышәа ду ҳамазар, аӡәы иҟынтә ацхыраара адкылара ҳцәыцәгьахар ҟалоит, еиҳарак уи ҳадызгало Иегова имаҵ аура ҳара ҳашьҭахь далагазар. Аха Иегова дҳацхраарц азы ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи роуп лассы-лассы ихы иаирхәо (Рим. 1:11, 12). Убри аҟынтә Иегова амч ҳаиҭаларц ҳҭахызар, ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рҟынтә ацхыраара ҳадаҳкылалароуп.

19. Избан Павел ақәҿиара зимаз?

19 Павел ақьырсианра анидикыла ашьҭахь иҟаиҵаз рацәоуп. Излаилшазеи уи? Иара еиликааит ауаҩы ақәҿиара изҭо амчи, аҵареи, амали, агәабзиареи, иҭынхацәеи шракәым. Ақәҿиара зауа Иегова иқәгәыӷуа, ахынраалара злоу ауаа роуп. Шәааи Павел иеиԥш 1) Иегова ҳиқәгәыӷлап, 2) Абиблиа зыӡбахә аҳәо ауаа ҳарҿыԥшлап, 3) ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рҟынтә ацхыраара ҳадаҳкылалап. Усҟан ҳаԥсыҽушәа ҳбозаргьы, Иегова амч ҳаиҭоит!

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Избан ҳанҵәылырхуа гәахәара зҳауа?

  • Избан ари адунеи иатәу ауаа шаҳзыҟоу мыцхәы ахьаагара изаԥсам?

  • Ҳаиҿыԥшлар шԥаҳалшо Павел, Иегова амч ҳаиҭаларц азы?

АШӘА 71 Иегова ируаа ҳауп!

a Ари астатиаҿы ҳара апостол Павел иҿырԥштәы еилҳаргоит. Иара убас еилаҳкаауеит ҳаӷацәа анаҳхыччо, насгьы ҳхаҭа ҳаԥсыҽушәа анаҳбо, Иегова амч шҳаиҭо. Аха уи азы ахынраалара ҳалазар ауп.

b ЖӘАҚӘАК РҴАКЫ. Ҳара ҳаԥсыҽушәа ҳхы ҳбалар алшоит, иаҳҳәап, ҳахьынаӡам, амал ахьҳамам, ҳахьычмазаҩу, аҵара ахьҳамам иахҟьаны. Уи адагьы, ҳаӷацәа ацәгьа ахьаҳзырҳәо ма иахьаҳзыруа иахҟьаны ҳаԥсыҽушәа ҳбар ауеит.

c АСАХЬАҾЫ ИАҲБО: Павел ауаа Христос иӡбахә рзеиҭаҳәара дцоит, аха фарисеис даныҟаз ихы иаирхәоз аикәарҳәқәеи егьырҭ амаҭәарқәеи игаӡом.

d АСАХЬАҾЫ ИАҲБО: Аиашьа аус ицызуа амшира рыцазгәеиҭарц идыргалоит.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра