Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w20 ииуль ад. 26—30
  • Сара исуалыз ҟасҵеит

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Сара исуалыз ҟасҵеит
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2020
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • АҴАБЫРГ ЕИЛЫСКААУЕИТ
  • СТЕНЛИ ИХЬӠ ЗХУ АТЕАТР АИҬАШЬАҚӘЫРГЫЛАРА
  • ШЬАДА АҼЫХӘЫШӘТӘРА ЗҬАХУ РЗИНҚӘА ҲАХЬЧОИТ
  • СҬААЦӘАРАТӘ ԤСҬАЗААРА
  • ИААЛЫРҞЬАНЫ СЗЫҚӘШӘАЗ
  • «Ари Иегова иеибашьра ауп»
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2025
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2020
w20 ииуль ад. 26—30

АБИОГРАФИА

Сара исуалыз ҟасҵеит

ЕИҬЕИҲӘЕИТ ДОН РИДЛИ

30 ШЫҚӘСА инареиҳаны Дональд Ридли аусӡбарҭақәа рҿы Иегова ишаҳаҭцәа рзинқәа ихьчон. Иара ачымазцәа шьада аҽыхәышәтәра азин шрымоу аҳақьымцәеи, аӡбаҩцәеи егьырҭ ауааи идеилиркаарц азы иҟаиҵаз рацәоуп. Иара Еиду Аштатқәа рҿы иреиҳаӡоу аусӡбарҭақәа рҿы имаҷымкәа аиааирақәа игахьан. Иҩызцәа Дон ҳәа иарҳәон, иара зус аҵыхәтәанынӡа иназыгӡоз, ахынраалара злаз, зхы иамеигӡоз уаҩын.

2019 шықәсазы Дон хәышәтәышьа змам ачымазара идырбалеит. Уи ачымазара ирласны аҽарцәгьон, убри аҟынтә Дон август 16, 2019 шықәсазы дыԥсит. Абар иара иҭоурых.

Сара сиит 1954 шықәсазы Сент-Пол ақалақь аҿы (аштат Миннесота, Еиду аштатқәа). Сҭаацәа католикцәан, ҳара ҳагьӷармызт ҳагьбеиамызт. Ҳҭаацәараҿы хәҩык ахәыҷқәа ҳаҟан. Сара еиҳабыз сишьҭанеиуан. Сара акатоликтә школ сҭан, насгьы ауахәамаҿы апап сицхраауан. Ус шакәызгьы, Абиблиа иазкны издыруаз даараӡа имаҷын. Сара еилыскаауан адунеи зшаз Анцәа дшыҟоу, аха ауахәама уаҳа агәра згомызт.

АҴАБЫРГ ЕИЛЫСКААУЕИТ

Иегова ишаҳаҭцәа сара сахь ианаа, Уильиам Митчелл ихьӡ зхыз аиуристцәа рколлеџь сҭан. Сара амаҭәа аӡәӡәара саҿын аҟынтә, дара ҽазны ҳааиуеит ҳәа сарҳәеит. Ианаа ҩ-зҵаарак рысҭеит: «Избан ауаа цәгьақәа еиҳа изрықәҿио ауаа бзиақәа раасҭа?», насгьы «Маӡас иамоузеи анасыԥ?». Дара исырҭеит ашәҟәы «Истина, ведущая к вечной жизни», насгьы ашьац ԥштәы змаз «Иԥшьоу Аҩыра — Адунеи ҿыц аиҭага». Сара Абиблиа аҵара салагеит, уи абзоурала сыблақәа хтит. Анцәа Иаҳра адгьыл зегь напхгара шазнауло анеилыскаа сгәы ҭгәырӷьааит, избанзар избон ауаа рнапхгара агәаҟреи, арыцҳареи, аиашамреи ада акгьы шаанамго.

1982 шықәса алагамҭазы сара Иегова сҽизыскит, дук мырҵыкәа, аконгресс «Аҳратә ҵабырг» аҿы аӡы сыҽӡаасхит. Уи мҩаԥысит аилацәажәарақәеи ақәгыларақәеи ахьымҩаԥыргоз Сент-пол иҟаз ахыбраҿы. Мчыбжьык ашьҭахь уахь аԥышәара сҭиирц азы схынҳәит. Октиабр алагамҭазы исарҳәеит аԥышәара ибзианы ишысҭииз, убри аҟынтә шьҭа дукатс аус зулар шсылшоз.

Уи аконгресс аҿы сиабадырит бруклинтәи Вефиль аҿы амаҵ зуаз Маик Ричардсон. Иара исеиҳәеит ихадоу аусбарҭаҿы аиуристтә ҟәша шеиҿыркааз. Сара исгәалашәеит Аусқәа 8:36 иану ефиопиатәи ахаҵа иажәақәа, насгьы схы сазҵааит: «Исԥырхагоузеи аиуристтә ҟәшаҿы амаҵ аура?» Убас ала Вефиль аҿы амаҵ ауразы арзаҳал хасырҭәааит.

Сҭаацәа Иегова имаҵ аура сахьалагаз ргәамԥхаӡеит. Саб дсазҵааит: «Иухәома укариераҿы Вефиль аҿы аус ахьууло?» Сара иасҳәеит уа хәыда-ԥсада аус шызуло, аха есымза иҟасҵало ахарџь ахҩаразы 75 доллар шсоуло. Убри аҟара акәын усҟан вефильтәи аҭаацәараҿы есымза ироуаз.

Сара аусӡбарҭаҿы аусура сақәшаҳаҭхахьан аҟынтә, иаразнак Вефиль ахь сызмиасит, аха 1984 шықәсазы бруклинтәи Вефиль аҿы амаҵ аура салагеит. Сара аиуристтә ҟәшахьы срышьҭит. Аусӡбарҭаҿы исоуз аԥышәа даараӡа исыхәеит.

СТЕНЛИ ИХЬӠ ЗХУ АТЕАТР АИҬАШЬАҚӘЫРГЫЛАРА

Стенли ихьӡ зху атеатр ааҳхәаанӡа изеиԥшраз

1983 шықәсазы, ноиабр мзазы ҳорганизациа Џьерси-Сити ақалақь аҿы (аштат Ньиу-Џьерси) Стенли ихьӡ зху атеатр аанахәеит. Аишьцәа аҳәара ҟарҵеит афымца лашара цәаҳәақәеи аҩныҵҟа аӡы назгоз атрубақәеи рыԥсахырц азы. Ақалақь ахадацәеи дареи анеиқәшәа, аишьцәа ирҳәеит атеатр аҿы Иегова ишаҳаҭцәа рконгрессқәа мҩаԥыргаларц шырҭаху. Уи ауадаҩра цәырнагеит. Џьерси-Сити иҟаз азакәан инақәыршәаны ауаа Анцәа имҵахырхәаразы еизалар ахьрылшоз ауаа ахьынхоз аҭыԥқәа рҿы игылаз ахыбрақәа мацара рҿы акәын. Аха Стенли ихьӡ зху атеатр ақалақь агәҭаҵәҟьа акәын иахьгылаз, убри аҟынтә ақалақь ахадацәа аишьцәа рыҳәара мап ацәыркит. Аишьцәа ашшыԥхьыӡ аларҵеит, аха аиҳабыраа уи ахәаԥшра рҭахымхеит.

Вефиль аҿы амаҵ аура саналага раԥхьаӡатәи амчыбжь азы аишьцәа ари аус аусӡбарҭа аҟынӡа инаргеит. Уа амаҵ аура салагаанӡа Сент-Пол (аштат Миннесота) иҟаз усӡбарҭак аҿы аус зуан аҟынтә, уи аус иацыз акәамаҵамарақәа здыруан. Ҳдукатцәа руаӡәк иҳәеит уаанӡа Стенли ихьӡ зху атеатр аҿы афильмқәа шудырбоз, арок-концертқәа шымҩаԥыргоз, уҳәа убас иҵегьы. Избан нас уа адинхаҵара иадҳәалоу ахҭысқәа рымҩаԥгара зыҟамло? Аусӡбарҭаҿы ҳус еилдыргеит, насгьы Џьерси-Сити ҳзинқәа шеиланагаз шьақәдырӷәӷәеит. Аусӡбарҭа излаӡбаз ала, ақалақь анапхгаҩцәа иаҳҭахыз аҟаҵаразы азин ҳарҭар акәхеит. Убасҟан сара избеит Аҳра аус анагӡаразы Иегова ижәлар аиааирақәа ргара дышрыцхраауа. Уи аус сыхәҭа аласҵар ахьсылшоз сгәы ҭгәырӷьаауан.

Аишьцәа атеатр узымдырыртә иҟарҵеит. Уи аус дара шықәсыкгьы иадымхалаӡеит. Сентиабр 8, 1985 шықәсазы Аконгресстә зал аҿы Галаад ашкол 79-тәи акласс аушьҭын. Аиуристә ҟәшаҿы амаҵ зуаз аишьцәа срывагыланы Аҳра аинтересқәа рыхьчара ахьсылшаз сгәы ҭгәырӷьаауан. Вефиль аҿы амаҵ аура салагаанӡагьы дукатс аус анызуаз сзыргәырӷьоз ыҟан, аха уажәы исоуаз агәырӷьара уи иузадкыломызт. Усҟан Иегова исызирхиаз схаҿгьы исзаагомызт.

ШЬАДА АҼЫХӘЫШӘТӘРА ЗҬАХУ РЗИНҚӘА ҲАХЬЧОИТ

1980-тәи ашықәсқәа рзы ахәышәтәырҭақәеи аҳақьымцәеи шьада аҽыхәышәтәра зҭахыз зықәра наӡаз Иегова ишаҳаҭцәа рыҳәара мап ацәыркуан. Ахшара дзоураны иҟаз аҳәса ауадаҩра ӷәӷәа иақәшәон, избанзар аӡбаҩцәа ргәаанагарала дара ашьалаҵара мап ацәкразы азин рымамызт. Аӡбаҩцәа ргәы иаанагон ахшара дзоуа аԥҳәыс ашьа лылалымҵар дыԥсуеит, насгьы ахәыҷы аныда даанхоит ҳәа.

Декабр 29, 1988 шықәсазы аиаҳәшьа Дениз Николо ахшара данлоу ашьҭахь ирацәаны ашьа лцәыӡит. Лгемоглобин 50 рҟынӡагьы инеиуамызт аҟынтә, лҳақьым ашьа лылаҵатәуп ҳәа иӡбеит. Дениз уи дақәшаҳаҭымхеит. Адырҩаҽны ахәышәтәырҭа аусуцәа аусӡбарҭахь ицаны аиаҳәшьа Николо ашьа лыларҵарц азы азин рырҭарц иаҳәеит. Аӡбаҩ аусӡбара мҩаԥимгаӡеит. Уи адагьы, аиаҳәшьа Николо лхаҵеи лареи акгьы рамҳәаӡакәа, аҳақьымцәа ашьа лыларҵарц азин риҭеит.

Ахәаша, декабр 30 рзы, ахәышәтәырҭа аусзуцәа аиаҳәшьа Николо лхаҵеи илыдтәалаз лыуацәеи ражәа иахыԥаны, ашьа лыларҵеит. Уи ауха Дениз лҭынхацәа ԥыҭҩыки аизара аиҳабацәеи иҟам-ианым рызҳәаны иҭаркит. Дара аҳақьымцәа Дениз ашьа лыларымҵарц азы лааигәа инармышьҭуазшәа рзырҳәеит. Адырҩаҽны ақалақь Ниу-Иорки уи акәша-мыкәшеи иҭыҵуаз агазеҭқәеи, ателедырраҭарақәеи, арадио-дырраҭарақәеи рҿы уи ада ҳәатә рымамызт.

Брамли Филипи сареи ҳанқәыԥшыз

Ашәахьаҽны шьыжьымҭан уи аус аҵыхәала иреиҳаӡоу аусӡбарҭаҿы аус зуаз аӡбаҩ Милтон Моллен сиацәажәеит. Сара уи изеиҭасҳәеит даҽа усӡбарҭак аҿы аус зуаз аӡбаҩ аусӡбара мҩаԥымгаӡакәа, аиаҳәшьа Николо ашьа лыларҵарц азы аҳақьымцәа азин шриҭаз. Аӡбаҩ Моллен дсыҳәеит уи аус ахи-аҵыхәеи еилҳаргарц, насгьы иадҳәалоу азакәанқәа ҳрылацәажәарц азы шьыбжьышьҭахь еиҭах сизнеирц. Амаҵ ахьызуаз аҟәша хылаԥшҩыс иамаз Филип Брамли ахәылбыҽха уахь дсыццеит. Аӡбаҩ Моллен ахәышәтәырҭа адукатгьы уи аиқәшәарахь дааиԥхьеит. Ҳаицәажәараан ҳабжьы духо иалагеит. Аиашьа Брамли иблокнот аҿы «уҽырҭынч» ҳәа анҵаны исирбеит. Уи лабжьара бзиан, избанзар ахәышәтәырҭа адукат дышиашамыз аасырԥшырц азы сгәы ԥжәаны сшыҟаз мҩашьо ацәажәара саҿын.

Арымарахьынтәи арыӷьарахь: Ричард Моук, Грегори Олдз, Пол Полидоро, Филип Брамли, сара, Марио Морено — Еиду Аштатқәа рҿы иреиҳаӡоу аусӡбарҭаҿы, «Ахьчаратә бааш аилазаара аҳабла Страттон иазашшуеит» захьӡыз аус аилыргара амш аҽны. (Шәахәаԥш ианвар 8, 2003 шықәсазы иҭыҵыз ажурнал «Пробудитесь!», астатиақәа «Как все началось», «Верховный суд принимает дело на рассмотрение», «Первый шаг. Прения в Верховном суде», насгьы «Верховный суд защищает свободу слова».)

Сааҭк аҟара анҵы аӡбаҩ Моллен иҳәеит адырҩаҽны уи аус зегь раԥхьа иргыланы ишеилдырго. Уи адагьы, ҳаиԥырҵаанӡа иара ус иҳәеит: «Ахәышәтәырҭа адукат уаҵәы аус цәгьа изыԥшуп». Уи иаанагоз ахәышәтәырҭа аусзуцәа аиаҳәшьа Николо ашьа лылаҵаразы азин шрымаз ашьақәырӷәӷәара даараӡа ишырцәыцәгьахо акәын. Убри нахыс Иегова аиааира шәара ижәгоит ҳәа сеиҳәазшәа сгәы иабеит. Ҳәашьа сзаҭом изакәытә зылԥхара дууз са сзы Иегова игәаԥхара анагӡаразы ихы сахьаирхәоз.

Адырҩаҽны иаҳзыԥшыз аус ибзианы ҳҽазыҟаҳҵарц азы ҵхагәазынӡа аус ҳуан. Бруклинтәи Вефиль аҟынтә аусӡбарҭаҟынӡа ҩ-шьаҿак ракәын ибжьаз, убри аҟынтә аиуристә ҟәшаҿы амаҵ зуаз реиҳараҩык уахь инеит. Ԥшьҩык аӡбаҩцәа анаҳзыӡырҩ ашьҭахь ирҳәеит аҳақьымцәа аиаҳәшьа Николо ашьа лылаҵаразы азин шрымамыз. Дара аиаҳәшьа илыдгылеит, иагьышьақәдырӷәӷәеит ауаҩы уизымӡырҩӡакәа ашьа илаҵаразы аҳақьымцәа азин рыҭара шыҟамло, уи ауаҩы изинқәа ишырҿагыло.

Дук мырҵыкәа, аштат Ниу-Иорк аҿы иреиҳаӡоу аусӡбарҭагьы ишьақәнарӷәӷәеит аиаҳәшьа Николо шьада аҽыхәышәтәразы азин шлымаз. Ари иеиԥш ашьалаҵара иадҳәалаз сызлахәыз даҽа х-уск ыҟан. Урҭ еиуеиԥшым аштатқәа рҿы иреиҳаӡоу аусӡбарҭақәа рҿы еилҳаргон, ари раԥхьатәи акәын. (Шәахәаԥш арамка «Иреиҳаӡоу аусӡбарҭақәа рҿы иаҳгаз аиааирақәа».) Вефиль аҿы амаҵ сыцызуаз адукатцәеи сареи иара убас еилҳаргон ахәыҷқәа ааӡара ргареи аилыҵреи ирыдҳәалаз аусқәа, иара убас адгьылқәеи ахыбрақәеи рхархәара иадҳәалоу азакәанқәа.

Иреиҳаӡоу аусӡбарҭақәа рҿы иаҳгаз аиааирақәа

1989 шықәсазы Ернестин Грегори иусӡбара аан аштат Иллиноис иҟоу Иреиҳаӡоу аусӡбарҭа ишьақәнарӷәӷәеит 18 шықәса зхымҵыц ауаҩгьы азин шимоу ихатә ӡбара адкылара, насгьы ашьалаҵара мап ацәкра.

Убри ашықәс азы даҽа усӡбарак аан аштат Флорида иҟоу Иреиҳаӡоу аусӡбарҭа ишьақәнарӷәӷәеит 18 шықәса ирҭысхьоу ауаҩы ашьалаҵара мап ацәкра азин шимоу.

1990 шықәсазы аиаҳәшьа Николо лусӡбара аан Ниу-Иорк иҟоу Иреиҳаӡоу аусӡбарҭа ишьақәнарӷәӷәеит 18 шықәса ирҭысхьоу ауаҩы азин шимоу ииҭаху аҽыхәышәтәышьатә метод алхра, иара убас ашьалаҵара мап ацәкра.

1996 шықәсазы Коннектикут иҟоу Иреиҳаӡоу аусӡбарҭа ишьақәнарӷәӷәеит Иегова ишаҳаҭу ан азин шлымоу лцәеижь иазыруа аӡбара, насгьы ашьалаҵара мап ацәкра.

СҬААЦӘАРАТӘ ԤСҬАЗААРА

Сыԥҳәыс Доуни сареи

Раԥхьаӡакәны Доун санлабадыр, лара лхаҵа дилҵхьан, хҩык ахәыҷқәагьы лыман. Лара аусгьы луан, пионерсгьы амаҵ луан. Уамашәа избеит лыԥсҭазаара шымариамызгьы, Иегова имаҵ аура шаҟа дазыҳаҵҳаҵоз. 1992 шықәсазы Ниу-Иорк имҩаԥысуаз аконгресс ҳаҭааит. Аконгресс иахьӡын «Алашара казырԥхо». Уи аконгресс аҿы Доун еиӷьны ҳаибадырырц шысҭаху ласҳәеит. Шықәсык ашьҭахь ҳаибагеит. Иегова доуҳала ишәыз, насгьы алафҳәара бзиа избоз аԥҳәыс ҳамҭас дсиҭеит. Ҳаԥсҭазаара еилаҳҵеижьҭеи лара сара сзы дзылԥхара дууп (Ажәам. 31:12).

Доуни сареи ҳанеибага ахәыҷқәа ирхыҵуан 11, 13, насгьы 16 шықәса. Сара ибзиоу абыс сырзыҟалар сҭахын аҟынтә, ҳпубликациақәа рҿы абԥсара иазкны ианыз зегь саԥхьон, анаҩс схы иасырхәон. Ҳәарада, ауадаҩрақәагьы ҳаман, аха даараӡа сеигәырӷьоит ахәыҷқәа ҩызак, насгьы абык иаҳасабала сахьрыдыркылаз. Ҳхәыҷқәа рҩызцәа рзы ҳаҩнашәқәа есымша иаартын. Илахҿыхыз аҿар ҳахьрылаз ахаан агәҿыӷь ҳагомызт.

2013 шықәсазы Доуни сареи зықәрахь инеихьаз ҳҭаацәа ҳархылаԥшларц азы Висконсинҟа ҳаиасит. Даараӡа иџьасшьеит Вефиль аҿы смаҵзура иацысҵаларц азин ахьсырҭаз. Еиуеиԥшым аусқәа рҿы ҳорганизациа сацхрааларц азы аамҭа-аамҭала аус зуларц исыҳәеит.

ИААЛЫРҞЬАНЫ СЗЫҚӘШӘАЗ

Сентиабр 2018 шықәсазы игәасҭо салагеит лассы-лассы аимҳәа цәгьа шсызҵысуаз. Аҳақьым дсыхәаԥшит, аха изыхҟьаз изеилымкааит. Ԥыҭрак ашьҭахь, даҽа ҳақьымк анервчымазара зхәышәтәуа аҳақьым иахь сцарц сеиҳәеит. Ианвар 2019 шықәсазы анервчымазара зхәышәтәуа аҳақьым адиагноз сзықәиргылеит. Иара иҳәеит уаҩ иимбац ачымазара шсымоу, насгьы уи ачымазара ауаҩы дшафо.

Хымш рышьҭахь аҵаа узлақәгыло ашьаҵақәа сышьаҵаны санышьқьыруаз сарӷьа напы ԥысҵәеит. Сара еснагь уи аспорт хкы бзиа избон, ибзиангьы исзалҵуан, убри аҟынтә еилыскааит ачымазара аҽшарцәгьаз, снапқәеи сшьапқәеи сзымӡырҩуа ишалагаз. Счымазара абас ирласны аҽарцәгьоит ҳәа сыҟамызт. Сара еиҳа-еиҳа исцәыцәгьахон ацәажәара, аныҟәара, насгьы ак албаадара.

Сара сзы ҳаҭыр дууп дукатк иаҳасабала Иегова иорганизациа сацхраалар ахьсылшоз. Сара иара убасгьы сеигәырӷьоит аҳақьымцәеи, аиуристцәеи, аӡбаҩцәеи зыԥхьоз ажурналқәа рзы астатиақәа рыҩра ахьсылшаз, насгьы Иегова ишаҳаҭцәа шьада аҽыхәышәтәра азин шрымоу шьақәсырӷәӷәаларц азы еиуеиԥшым атәылақәа рҿы асеминарқәа рҿы ажәахәқәа сыманы ақәгылара ахьсылшаз. Ус шакәугьы, сара Лука 17:10 ишану еиԥш исҳәар сҭахуп: «Сара акгьы иаԥсам тәык иаҳасабала исуалыз ҟасҵеит».

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра