Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w25 ииуль ад. 26—30
  • «Ари Иегова иеибашьра ауп»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • «Ари Иегова иеибашьра ауп»
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2025
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • АГӘАЦԤЫҲӘАРА ЗЛАЗ АҬААЦӘАРАҾЫ ИСЫЗҲАИТ
  • АДУНЕИЗЕГЬТӘИ ИХАДОУ АУСБАРҬАҾЫ АМАҴ АУРА САЛАГОИТ
  • АДҴА ҾЫЦ: АИУРИСТТӘ ҞӘША
  • АЖӘАБЖЬ БЗИА САДГЫЛОИТ, УИ ЗАКӘАНЛА АУАА РЫЛАҲӘАРА АЗИН ҲАРҬАРЦ АЗГЬЫ АЏЬАБАА ЗБОИТ
  • ИҬАБУП, ИЕГОВА!
  • Сара исуалыз ҟасҵеит
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2020
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2025
w25 ииуль ад. 26—30
Филип Брамли.

АБИОГРАФИА

«Ари Иегова иеибашьра ауп»

ЕИҬЕИҲӘЕИТ ФИЛИП БРАМЛИ

2010 ШЫҚӘСА, ианвар 28 рзы сара иԥшӡаз ақалақь Страсбург (Франциа) сыҟан. Аха уахь сызцаз сыԥсы сшьарц азы акәӡам. Егьырҭ аиуристцәеи сареи Иегова ишаҳаҭцәа рзинқәа ҳахьчарц азы Ауаҩы изинқәа зыхьчо европатәи аӡбарҭахь (ЕСПЧ) ҳцеит. Уа ихадаз азҵаара еилдыргон: франциатәи аҳәынҭқарцәа ирҭахын Иегова ишаҳаҭцәа ухаҿы иузаамго ашәахтә ршәарц. Уи ашәахтә 64 миллион евро рҟынӡа инаӡон. Ҳара ишьақәҳарӷәӷәар акәын аҳәынҭқарцәа иҟарҵоз азакәан ишаҵанамкуаз. Аха зегь раасҭа ихадаз, уи аус шыӡбахо Иегова ижәлари иареи рыхьӡ бзиа ианыԥшуан, иара убас Франциа инхо Иегова ишаҳаҭцәа ҭынч Иегова имаҵ аура алшара роуоу-ирмоуоу ианыԥшуан. Уи аҽны аусӡбарҭаҿы иҟалаз уи «Иегова иеибашьра» шакәыз шьақәнарӷәӷәеит (1 Сам. 17:47). Исҳәарц исҭаху уажәы ишәзеиҭасҳәоит.

1999 шықәсазы франциатәи аҳәынҭқарцәа ирҳәеит Франциа иҟоу ҳфилиал 1993 шықәса инаркны 1996 шықәсанӡа ироуз хатәгәаԥхарала иалаҵоу аԥаразы ашәахтә ршәароуп ҳәа. Ҳара франциатәи аусӡбарҭақәа рҿы ҳус ииашаны ирыӡбарц ҳашьҭалеит, аха акгьы алымҵӡеит. Анаҩс апеллиациа иаҳҭеит, аха уигьы ҳанаҵаха, франциатәи аҳәынҭқарцәа ҳфилиал абанк иалаҵаны ирымаз аԥара аҟынтә ԥшь-миллионки бжаки евро инареиҳаны иҭганы иргеит. Уажәшьҭа ҳзықәгәыӷуаз ЕСПЧ акәын. ЕСПЧ ҳус аӡбара иалагаанӡа франциатәи аҳәынҭқарцәеи ҳареи акахьы ҳаизааибагозар ҳәа Франциа аҳәынҭқарра аиуристцәеи, ЕСПЧ ахаҭарнаки, ҳареи ҳаиқәшәартә иҟарҵеит.

Ҳара еилаҳкаауан ЕСПЧ уи аус аусӡбарҭахь инамгаӡакәа франциатәи аҳәынҭқарцәа ирҭахыз аԥара ахәҭак ҳшәарц рҭаххар шалшоз. Аха ҳара иаҳдыруан евро заҵәык ҳшәаргьы, абиблиатә принципқәа шеилаҳгоз. Аишьцәеи аиҳәшьцәеи хатәгәаԥхарала аԥара заларҵо Аҳра аус иацхраарц азоуп, убри аҟынтә аҳәынҭқарцәа уи аԥара ҳамхра азин рымаӡамызт (Матф. 22:21). Аха уи аҽны апатуқәҵара аарԥшны аусӡбарҭахь ҳнеит.

Аишьцәеи сареи ЕСПЧ аҿаԥхьа. 2010-тәи ашықәс

Ҳус иԥшӡаз аконференц-зал аҿы имҩаԥысуан. ЕСПЧ ахаҭарнак иаразнак иҳалҳәеит франциатәи аҳәынҭқарцәа ишәықәырҵаз ашәахтә аҟынтә хәҭак шәшәар акәхоит ҳәа. Ҳара ус ҳлазҵааит: «Ижәдыруама франциатәи аҳәынҭқарцәа абанк иаҳзалоу аԥара аҟынтә ԥшь-миллионки бжаки евро инареиҳаны ишҭыргахьоу?» Уи аҳәара зынӡа ҳгәы иҭаӡамызт, аха Иегова уи лаҳҳәарц ҳгәазҭеиҵеит.

ЕСПЧ ахаҭарнак лхаҿсахьа ианубаалон акгьы шылзымдыруаз, насгьы илаҳаз шылгәамԥхаз. Франциатәи аиуристцәа уи ус шакәу анырҳәа, лара даҽакала ацәажәара далагеит. Лара илҳәеит урҭ шиашам, аиԥыларагьы хлыркәшеит. Сара еилыскааит Иегова уи аус ҳаиааирц анапхгара шаиҭаз. Иаҳбаз-иҳаҳаз агәра ҳазгомызт. Аусӡбарҭа аҟынтә ҳандәылҵуаз, ҳгәырӷьаҵәа ҳаҟан.

2011 шықәса, ииун 30 рзы ЕСПЧ иаӡбеит франциатәи аҳәынҭқарцәа иҳақәырҵаз ашәахтә азакәан ишаҵанамкуаз. Иара убас иҳамхны иргаз аԥара апроцент ацҵаны идырхынҳәыр шрыхәҭаз! Уи аус абас иахьеилгаз абзоурала Франциа инхо Иегова ишаҳаҭцәа иахьа уажәраанӡагьы ҭынч Иегова имаҵ рулар рылшоит. Ҳгәы иҭаӡамкәа ЕСПЧ ахаҭарнак илаҳҭаз азҵаара Голиаф ихы иаахаз ахаҳә иаҩызахеит. Избан уи аус ҳзаиааиз? Избанзар Давид ишиҳәаз еиԥш уи «Иегова иеибашьра» акәын (1 Сам. 17:45—47).

Ари аус еиԥш аусӡбарҭақәа рҿы ҳазиааихьоу аусқәа рацәоуп. Амчра змоу аҳәынҭқаррақәеи адинхаҵаратә организациақәеи шаҳҿагылогьы, Иегова ишаҳаҭцәа 70 тәыла рҟны иҟоу иреиҳаӡоу аусӡбарҭақәа рҿы, иара убас жәларбжьаратәи аусӡбарҭақәа рҿы 1 225 ус ириааихьеит. Урҭ аиааирақәа ҳзинқәа рыхьчоит. Иаҳҳәап, ҳара закәанла ишьақәырӷәӷәоу адинхаҵаратә организацианы ҳҟалартә, насгьы ҭынч ажәабжь ҳҳәалартә азин ҳамоуп. Уи адагьы, апатриоттә церемониақәа рыҽрылархәреи ашьалаҵареи мап рыцәкразы азин ҳамоуп.

Сара Еиду Аштатқәа рҿы иҟоу Иегова ишаҳаҭцәа адунеизегьтәи ихадоу русбарҭаҿы амаҵ зуеит. Сназгеи нас Европатәи аусӡбарҭахь?

АГӘАЦԤЫҲӘАРА ЗЛАЗ АҬААЦӘАРАҾЫ ИСЫЗҲАИТ

Сҭаацәа, Џьорџьи Лиуси́ли, Галаад ашкол 12-тәи акласс иалгеит, уи ашьҭахь Ефиопиаҟа ирышьҭит. Уаҟа ауп 1956 шықәсазы сахьизгьы. Сҭаацәа актәи ашәышықәсазы инхоз ауаа ажәабжь бзиа рылазҳәоз Филипп иаҳаҭыр азы Фи́лип сыхьӡырҵеит. 1957 шықәсазы ефиопиатәи аҳәынҭқарцәа ажәабжьҳәара азин ҳамырхит. Сара схәыҷын, аха ибзианы исгәалашәоит маӡала ажәабжь шаҳҳәоз, насгьы аиԥыларақәа шымҩаԥаҳгоз. Схәыҷымзи, уи зегь аинтерес аҵазшәа збон. 1960 шықәсазы аҳәынҭқарцәа атәыла ҳалҵны ҳцарц ҳарҳәеит.

Неитан Норр (арымарахь ала ахаҿы итәоу) Аддис-Абеба (Ефиопиа) сасра дҳазнеит. 1959-тәи ашықәс

Сҭаацәа Уи́читоҟа (аштат Канза́с, Еиду Аштатқәа) ииасит. Дара Африка миссионерцәас амаҵ аныруаз ирымаз агәацԥыҳәара дырӡӡомызт. Сара иаҳәшьаки иашьаки сымоуп. Саҳәшьеиҳаб Џьу́ди лыхьӡуп, сашьеиҵбы — Ле́сли. Урҭгьы Ефиопиа ауп иахьиз. Ҳҭаацәа Абиблиа иану инақәыршәаны инхон, ҳаргьы Иегова игәыбылра ҳдыркит, гәыкала имаҵ ҳауларцгьы ҳгәазҭарҵон. 13 шықәса анысхыҵуаз, аӡы сыҽӡаасхит. Хышықәса рышьҭахь ҳҭаацәара Ареки́пуҟа (Перу) ииасит. Уа ажәабжьҳәаҩцәа аҭахын.

1974 шықәсазы, 18 шықәса анысхыҵуаз, перуантәи афилиал аҟынтә аишьцәа ԥшьҩык аишьцәеи сареи иҷыдоу пионерцәас амаҵ аура ҳрышьҭит. Ҳара ажәабжь бзиа ахьырмаҳацыз Агәҭантәи Анда иҳаракыз аҭыԥқәа рҿы кечуа бызшәалеи аимара бызшәалеи ицәажәоз ауаа ажәабжь рзеиҭаҳҳәон. Ҳара абарбалқәа зҵаз аҩнаҿы ҳанхон, ҳазланыҟәозгьы уи ала акәын. Ҳаҩны бзиа иаҳбон, «аковчег» ҳәагьы ҳашьҭан, избанзар аиашьыкь ду иеиԥшын. Сара исгәаԥхон урҭ аҭыԥқәа рҿы инхоз ауаа аӷарреи, ачымазареи, аԥсреи иаарласны ишықәгахо атәы Абиблиаҿы ишану рзеиҭаҳәара (Аат. 21:3, 4). Иегова имаҵ аура иалагоз рацәаҩын. Урҭ аамҭақәа анысгәалашәо, сгәы ԥхаррак ныҵалоит.

Абарбалқәа зҵоу ҳаҩны аӡхыҵра ахьыҟалаз аҭыԥ аҿы аӡы иҭаланы ицоит.

«Аковчег». 1974-тәи ашықәс

АДУНЕИЗЕГЬТӘИ ИХАДОУ АУСБАРҬАҾЫ АМАҴ АУРА САЛАГОИТ

1977 шықәсазы Анапхгаратә хеилак аҿы амаҵ зуаз А́льберт Шриодер Перу даҭааит. Иара Вефиль аҿы амаҵ зуларц азы арзаҳал хасырҭәаарц сгәазҭеиҵеит. Сара убас иагьыҟасҵеит. Уи ашьҭахь дук мырҵыкәа 1977 шықәса, ииун 17 рзы, бруклинтәи Вефиль аҟны амаҵ аура салагеит. Ԥшьышықәса рыҩныҵҟа ацқьара аҟәшаҿи атехмаҵзура аҟәшаҿи амаҵ зуан.

Ҳчара амш аҽны. 1979-тәи ашықәс

1978 шықәса, ииун мзазы Орлеа́н ҿыц (аштат Луизиа́на) жәларбжьаратәи аконгресс мҩаԥысуан. Уа Ели́забет Авалло́н слабадырит. Сҭаацәа реиԥш лара лтәқәагьы гәыкала Иегова имаҵ руан. Ԥшьышықәса ҵуан Елизабет пионерс амаҵ луеижьҭеи. Лара илҭахын лыԥсы ҭанаҵы лаамҭа зегьы Иегова имаҵ аура иазылкларц. Аконгресс ашьҭахьгьы лареи сареи аицәажәара ҳаҟәымҵӡеит, ибзиангьы ҳаибадырит. Иаарласны ӷәӷәала бзиа ҳаибабеит. 1979 шықәса, октиабр 20 рзы ҳаибагеит. Нас ларгьы Вефиль аҿы амаҵ аура далагеит.

Раԥхьа амаҵ ахьаҳуаз «Бруклин, Испаниатәи» аизара акәын. Уа аишьцәеи аиҳәшьцәеи гәаартыла ҳрыдыркылеит. Ԥыҭрак ашьҭахь даҽа х-еизарак рҿы амаҵ ҳуан. Урҭ аизарақәа зегьы рҿы бзиа ҳшырбо, насгьы Вефиль аҿы иаҳбо аџьабаа ахә ҳаракны ишыршьо ҳбон. Ҳара идуӡӡаны иҭабуп ҳәа раҳҳәоит зықәрахь инеихьаз ҳҭаацәа ирхылаԥшуаз ҳдоуҳатә ҭаацәареи, ҳҩызцәеи, ҳҭынхацәеи.

Филипи Вефиль аҿы амаҵ зуаз егьырҭ аишьцәеи аиҳәшьцәеи аизараҿы.

Вефиль аҿы амаҵ зуаз «Бруклин, Испаниатәи» аизара иатәыз аишьцәеи аиҳәшьцәеи. 1986-тәи ашықәс

АДҴА ҾЫЦ: АИУРИСТТӘ ҞӘША

Ианвар, 1982 шықәсазы сара сшазыԥшымыз аиуристтә ҟәшахьы сиаргеит. Хышықәса рышьҭахь ауниверситет сҭаланы аиуристтә ҵара соурц исыҳәеит. Аишьцәа дукатс сҟаларц рҭахын. Аҵара анысҵоз еилыскааит Еиду Аштатқәеи егьырҭ атәылақәеи рҿы иахьа ауаа еиуеиԥшым азҵаарақәа рҿы ахақәиҭра зрымоу Иегова ишаҳаҭцәа аусӡбарҭақәа рҿы аиааирақәа ахьыргоз абзоурала шакәу. Уи даараӡа сгәы ҟанаҵеит. Акласс аҿы ҳара Иегова ишаҳаҭцәа иргаз аиааирақәа инарҵауланы ҳрылацәажәон.

1986 шықәсазы, 30 шықәса анысхыҵуаз, аиуристтә ҟәша ахылаԥшҩыс сҟарҵеит. Аишьцәа абас сыгәра ахьыргоз сгәы иахәон. Аха сара еилыскаауан уи адҵа шымариамыз, уиаҟара аԥышәа шсымамыз, исзымдыруазгьы шырацәаз. Убри аҟынтә сгәы ҭынчӡамызт.

1988 шықәсазы адиплом соуит. Аха аҵара Иеговеи сареи ҳаиҩызара шыбжьнахыз сызгәамҭаӡеит. Аҵара ду ауаҩы дарԥагьар алшоит, егьырҭ раасҭа деиӷьушәагьы ихы ибо далагар ауеит. Сыԥшәма Елизабет даараӡа дсыцхрааит. Лара адоуҳатә усқәа уаанӡа еиԥш раԥхьатәи аҭыԥ аҿы рыргылара дсыцхрааит. Хәыҷы-хәыҷла Иеговеи сареи ҳаиҩызара еиҭашьақәсыргылеит. Сара еилыскааит аԥсҭазаараҿы ихадоу шаҟа дырра умоу шакәым. Аԥсҭазаараҿы агәырӷьара умазарц азы Иегова уиҩызазароуп, насгьы ижәлари иареи бзиа иубозароуп.

АЖӘАБЖЬ БЗИА САДГЫЛОИТ, УИ ЗАКӘАНЛА АУАА РЫЛАҲӘАРА АЗИН ҲАРҬАРЦ АЗГЬЫ АЏЬАБАА ЗБОИТ

Аҵара саналга ашьҭахь, иуристк иаҳасабала Вефиль ацхраареи аусӡбарҭақәа рҿы Иегова иорганизациа азинқәа рыхьчареи салагеит. Уи аус мариамызт, аха аинтерес аҵан, избанзар лассы-лассы аԥсахрақәа ҟалон. Иаҳҳәап, уаанӡа ауаа алитература анрыдаҳгалоз, ирылшоз ак ахыршәаарц ҳрыҳәон. Аха 1990-тәи ашықәсқәа рылагамҭазы аишьцәа ус аҟаҵара ҳаҟәыҵырц рыӡбеит. Аишьцәа ҳаҳәеит уи еиҳа еиӷьны ишыҟаҳҵаша аганахь ала анапхгара раҳҭарц. Убри инаркны Иегова ишаҳаҭцәа ауаа хәыда-ԥсада алитература рыдгалара иалагеит. Уи аԥсахра ажәабжьҳәаҩцәа руси Вефиль инанагӡо ауси армариеит, ашәахтә иадҳәаланы иҳазцәырҵыр алшоз ауадаҩрақәа рҟынтәгьы ҳахьчеит. Шьоукы ргәы иаанагон иҟалаз аԥсахрақәа ирыхҟьаны ҳлитература аҭыжьразы аԥара ҳазхалаӡом ҳәа, уи ажәабжь бзиа ауаа рылаҳәараҿы иаҳԥырхагахоит ҳәа. Аха ус иҟамлаӡеит. 1990 шықәсазы Иегова ишаҳаҭцәа рхыԥхьаӡара ҩынтә аасҭа еиҳаны еизҳаит. Иахьа дарбанзаалак Абиблиа шьаҭас измоу апубликациақәа хәыда-ԥсада иоур илшоит. Иегова имаҵ зуеижьҭеи ари аԥсахра заҵәык акәӡам иҟалахьоу. Схатә ԥышәала еилыскааит ақәҿиара зҳамоу, Иегова дахьҳацхраауа, насгьы узықәгәыӷыртә иҟоу амаҵуҩ ҟәыш имҩақәҵарақәа ҳахьрықәныҟәо азы шакәу (Ақәҵ. 15:2; Матф. 24:45).

Аусӡбарҭақәа рҿы иаҳго аиааирақәа зыбзоуроу адукатцәа бзиақәа ахьҳамоу мацара акәӡам. Лассы-лассы аӡбаҩцәеи егьырҭ ачынуааи ҳхымҩаԥгашьа бзиа гәаҭаны иҳадгылоит. Иаҳҳәап, 1998 шықәсазы, Куба иҷыдаз аконгрессқәа анымҩаԥысуаз, Анапхгаратә хеилак иалахәыз хҩык аишьцәа рыҳәсеи дареи урҭ аконгрессқәа ирҭааит. Уаанӡа ҳара зныкымкәа аҳәынҭқарцәа ҳрацәажәахьан, Иегова ишаҳаҭцәа аполитика рыҽшаладмырхәуа агәра дҳаргарц азы. Аха уи ус шакәу еиҳараӡак агәра дзыргаз ҳажәақәа ракәӡамызт, Анапхгаратә хеилак иалахәыз аишьцәа иаадырԥшыз ақьиареи апатуқәҵареи ракәын.

Ажәабжь бзиа закәанла ауаа рылаҳәара азин ҳарҭарц азы зны-зынла аусӡбарҭақәа рахь ҳамцар ада ԥсыхәа ҳамаӡам (Флп. 1:7). Иаҳҳәап, акыршықәса рыҩныҵҟа европатәи тәылақәак рҿы, насгьы Аладатәи Кореиа арратә маҵура мап ацәкра азин ҳамаӡам ҳәа рыԥхьаӡон. Убри аҟынтә ҳашьцәа — Европа 18 000-ҩык раҟара, Аладатәи Кореиа 19 000-ҩык инареиҳаны — арра иахьымцаз азы абахҭа иҭакын.

2011 шықәса, ииуль 7 рзы ЕСПЧ «Баиатиан Ермантәыла дазашшуеит» аус аганахь ала аҭоурых аҿы ихадахаз аӡбара аднакылеит. Уи аӡбара инақәыршәаны, европатәи атәылақәа зегьы ртәылауаа арратә маҵура аҭыԥан инарыгӡо амаҵура иахыслартә алшара рырҭалароуп. Ԥыҭрак ашьҭахь, 2018 шықәса, ииун 28 рзы, Аладатәи Кореиа аконституциатә аӡбарҭагьы уи иеиԥшыз аӡбара аднакылеит. Анеитралитет еилазгаз ҳашьцәа ԥыҭҩык ҟалазҭгьы, аӡбарҭақәа рҿы арҭ аҩиааирак ҳазгарымызт.

Ихадоу аусбарҭеи адунеи зегь аҿы иҟоу афилиалқәеи рҿы аишьцәеи аиҳәшьцәеи аиуристтә ҟәшақәа рҿы рхы иамеигӡаӡакәа аџьабаа рбоит. Дара ҭынч Иегова имаҵ ауреи Аҳра иазку ажәабжь ауаа рзеиҭаҳәареи алшара ҳамазарц азы ҳзинқәа рыхьчоит. Ҳара ҳзы ҳаҭыр дууп ашьҭашәарыцарақәа ирықәшәо аишьцәеи аиҳәшьцәеи рыцхраара. Аусӡбарҭақәа рҿы аиааира ҳгозаргьы-иҳамгозаргьы, уахь ҳаннанаго, анапхгаҩцәеи, аҳцәеи, егьырҭ ажәларқәеи Аҳра иазку ажәабжь бзиа раҳартә алшара роуеит (Матф. 10:18). Аӡбаҩцәеи, ачынуааи, ажурналистцәеи, ҳус шеилго еилызкаарц зҭаху егьырҭ ауааи ҳус аилыргаразы иалаҳҵо адокументқәа рҿы иаҳаҩуа, насгьы аусӡбарҭақәа рҿы ҳанықәгыло иаҳҳәо Абиблиа иану ажәақәа ирыԥхьоит, насгьы ирзыӡырҩуеит. Гәыкала иҟоу ауаа Иегова ишаҳаҭцәа зусҭцәоу, насгьы ҳхаҵара шьаҭас иамоу еилыркаартә алшара роуеит. Урҭ рҟынтә шьоукы Иегова имаҵ аура иалагоит.

ИҬАБУП, ИЕГОВА!

40 шықәса инареиҳаны иҵуеит иуристк иаҳасабала адунеи ахьынӡанаӡааӡо иҟоу афилиалқәа аус рыцызуеижьҭеи. Сара аусӡбарҭақәа рҿы ирацәаны сықәгылахьеит, зныкымкәагьы ачынуаа срацәажәахьеит. Ихадоу аусбарҭаҿи егьырҭ атәылақәа рҿы иҟоу аиуристтә ҟәшақәа рҿи амаҵ зуа аишьцәеи аиҳәшьцәеи аус рыцура даара исгәаԥхоит. Ирбо аџьабаагьы ахә ҳаракны исшьоит. Сара азылԥхарақәа рацәаны исымоуп, сыԥсҭазаарагьы гәырӷьарала иҭәуп.

Филипи Елизабети Брамли.

Елизабети сареи ҳаибагеижьҭеи 45 шықәса ҵуеит. Ҳаԥсҭазаараҿы ибзиаз аамҭақәагьы, ицәгьаз аамҭақәагьы ыҟан. Уи адагьы, Елизабет илымоу ачымазара лымчқәа лылнахуеит. Урҭқәа зегь дырмыхәаԥшӡакәа дсывагыланы гәыкала аџьабаа лбоит. Уи сара даараӡа ахә ҳаракны исшьоит.

Ҳара зныкымкәа иаҳбахьеит ихадоу иҳалоу аҟазара шакәым, амчи аиааиреи ҳазҭо Иегова иоуп. Уи ауп Давидгьы ииҳәаз: «Иегова ижәлар мчыс ирымоу иара иоуп» (Аԥсал. 28:8). Шаҟа ибзианы иҳәоузеи Абиблиаҿы: «Ари Иегова иеибашьра ауп»!

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра