Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w20 декабр ад. 8—13
  • «Аԥсцәа рыԥсы злаҭалоузеи?»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • «Аԥсцәа рыԥсы злаҭалоузеи?»
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2020
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ИАРБАН ЦӘЕИЖЬУ ИРОУА?
  • АԤСРА АҾАԤХЬА АИААИРА
  • Ҳара аԥсҭалара шыҟало агәра ҳгоит!
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2020
  • «Агәыӷра сымоуп... Анцәа» иахь
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2017
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2020
w20 декабр ад. 8—13

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 50

«Аԥсцәа рыԥсы злаҭалоузеи?»

«Аԥсра! Иабаҟоу уара ушҳам-ҭархага... иабаҟоу уара уиааира?» (1 КОР. 15:55).

АШӘА 141 Аԥсҭазаара иџьашьахәу ҳамҭоуп

АХҲӘААa

1, 2. Избан ақьырсианцәа зегьы жәҩантәи аԥсҭалара аинтерес рымазар зрыхәҭоу?

ИАХЬА Иегова имаҵ зуа реиҳараҩык адгьыл аҿы наӡаӡа инхалоит ҳәа игәыӷуеит. Аха адгьыл аҿы иаанханы иҟоу иԥшьоу адоуҳала иалху ақьырсианцәа жәҩантәи аԥсҭазаара роуеит ҳәа игәыӷуеит. Ҳәарада, дара ирдыруазар рҭахуп ажәҩан аҿы рыԥсҭазаара зеиԥшрахо. Аха ирхаҳҳәаар ҳалшозеи наӡаӡа адгьыл аҿы анхара иақәгәыӷуа? Жәҩантәи аԥсҭалара урҭ рзгьы азылԥхара дуқәа аанагоит. Убри аҟынтә ҳара иҳамоу агәыӷра зеиԥшразаалакгьы, жәҩантәи аԥсҭалара аинтерес ҳамазароуп.

2 Актәи ашәышықәсазы инхоз Иисус иҵаҩцәа шьоукы Анцәа жәҩантәи аԥсҭалара аӡбахә рҩырц ргәазҭеиҵеит. Апостол Иоанн иҳәеит: «Уажәшьҭа ҳара Анцәа ихәыҷқәа ҳакәхеит, аха макьана ҳзеиԥшрахо еилкаам. Иаҳдыруа иара данааиуа ҳашиеиԥшхо ауп» (1 Иоанн 3:2, АдҾ). Излаҳбо ала, доуҳала иалху ақьырсианцәа ирыздырӡом ажәҩан аҿы рыԥсы анҭало изеиԥшрахо. Аха рҳамҭа анроулак лабҿаба Иегова дырбоит. Абиблиа жәҩантәи аԥсҭалара иадҳәалоу акәамаҵамарақәа зегь анӡам, аха апостол Павел уи маҷк далацәажәеит. Иԥшьоу адоуҳала иалху ақьырсианцәа Иисус ицзаауеит «еиҳабырас иҟоу зегьы, мычрас иҟоу зегьы» анаԥихло, иара убас «аҵыхәтәантәи иаӷагьы — аԥсра» анықәиго. Аҵыхәтәаны, зегьы Иисус инапы иананҵахо, аҳра ицзулогьы иаргьы Иегова инапы рҽанырҵоит (1 Кор. 15:24—28). Уи зеиԥшыҟам аамҭахоит!b

3. Хәарҭас изаанагози Павел аԥсҭалара агәра ахьигоз, 1 Коринфаа рахь 15:30—32 иану инақәыршәаны?

3 Павел аԥсҭалара агәра ахьигоз еиуеиԥшым ашәарҭарақәа рыхгара ицхраауан. (Шәаԥхьа 1 Коринфаа рахь 15:30—32.) Иара Коринф инхоз ақьырсианцәа есыҽны аԥсра абла сҭаԥшуан ҳәа реиҳәеит. Уи адагьы, иара Ефес агыгшәыгқәа срабашьуан ҳәа иҳәеит. Иҟалап Павел ефестәи астадион аҿы агыгшәыгҵәҟьақәа дырҿадыргылазар (2 Кор. 1:8; 4:10; 11:23). Мамзаргьы иара дызлацәажәоз агыгшәыгқәа иреиԥшыз иҿагылаз аиудеиааи егьырҭ ауааи ракәзар ауеит (Аус. 19:26—34; 1 Кор. 16:9). Ишыҟазаалакгьы, Павел иԥсҭазаара зныкымкәа ашәарҭара иҭагылахьан, ус шакәызгьы, иара агәырӷьара ицәыӡуамызт (2 Кор. 4:16—18).

Ашьҭашәарыцарақәа ахьыҟоу инхо ақьырсиантә ҭаацәара Иегова имҵахырхәара иаҟәыҵӡом. Дара Анцәа ирацәаны азылԥхарақәа шрызирхиаз агәра ганы иҟоуп. (Шәахәаԥш абзац 4.)

4. Хәарҭас ирзаанагозеи иахьа ақьырсианцәа аԥсҭалара иадҳәалоу агәыӷра? (Шәахәаԥш ацәаҿы иаагоу асахьа.)

4 Ҳара аамҭа цәгьа ҳҭагылоуп. Аишьцәеи аиҳәшьцәеи шьоукы ацәгьоурақәа ирықәшәоит. Егьырҭ аибашьрақәа ахьцо аҭыԥқәа рҿы инхоит аҟынтә, рыԥсҭазаара ашәарҭара иҭагылоуп. Даҽа шьоукы ажәабжьҳәаратә ус закәанла иахьшьақәырӷәӷәам, мамзаргьы мап ахьацәку атәылақәа рҿы Иегова имаҵ руеит аҟынтә, рхақәиҭреи рыԥсҭазаареи ашәарҭара иҭагылоуп. Ус шакәугьы, ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи Иегова имаҵ аура иаҟәыҵӡом, уи ала аҿырԥш бзиагьы ҳдырбоит. Дара шәаӡом избанзар ирдыруеит рыԥсҭазаара рцәыӡыргьы, Иегова уажәтәи рыԥсҭазаара аасҭа акырӡа еиӷьу ак шрызирхиаз.

5. Иарбан ишәарҭоу хәыцшьоу аԥсҭаларахь иҳамоу агәрахаҵара зырԥсыҽыр алшо?

5 Павел ихаан инхоз ақьырсианцәа ишәарҭаз ахәыцшьа аҟынтә ргәырҽаниҵон, избанзар шьоукы ирҳәон: «Афара-ажәра ҳҽаҳҭап, уеизгьы уаҵәы ҳаԥсраны ҳаҟоуп». Аха уи ахәыцшьа анцәырҵыз Павел ихаан акәӡамызт. Иҟалап иара Исаиа 22:13 иану ажәақәа еиҭеиҳәазар, усҟан инхоз израильаагьы убас ихәыцуан. Анцәа иахь ирымаз абзиабара арӷәӷәара аҭыԥан, дара зышьҭаз агәырҿыхара акәын. Даҽакала иуҳәозар, дара ирҳәон «иахьа аԥсҭазаара иаҳзалхуа зегь алаҳхыроуп, избанзар уаҵәы иҟало ҳаздырӡом». Иахьагьы аӡәырҩы убасоуп ишхәыцуа. Абиблиа иануп уи аҩыза ахәыцшьа израильаа ахьнанагаз (2 Аш. 36:15—20).

6. Ишьҭаҳхлода ҩызцәас аԥсҭалара агәра ҳгозар?

6 Иегова иԥсхьоу рыԥсы шҭеиҵо ҳахьақәиргәыӷуа ҳара ҳзы акраҵанакуеит аҟынтә, ҩызцәас ишьҭаҳхуа зусҭцәоу ҳацклаԥшлароуп. Коринф инхоз ақьырсианцәа аԥсҭалара агәра зымгоз ҩызцәас ишьҭырымхлар акәын. Уи ҳаргьы ихадоу ак ҳнарҵоит: ҳаԥхьаҟа иҟало хьаас измам, насгьы зхы агәырҿыхарақәа мацара ҭоу ауаа ирацәаны аамҭа рыцаҳхаҳгалар, уи ҽеик алҵуам. Ҳара ҳқьырсиантә гәазыҟашьеи ҳҟазшьа бзиақәеи ҳцәыӡыр ауеит. Дара ирыхҟьаны Анцәа ицәымӷу аусқәа ҳаҽрылаҳҟьашьыргьы алшоит. Убри азоуп Павел изиҳәаз: «Шәхы шәнапаҿы иаажәга, ишахәҭоу аиԥш шәыблақәа хышәт, агәнаҳа шәаламлан» (1 Кор. 15:33, 34).

ИАРБАН ЦӘЕИЖЬУ ИРОУА?

7. Иарбан зҵаароу шьоукы аԥсҭалара иазкны иҳарҭар алшо, 1 Коринфаа рахь 15:35—38 иану инақәыршәаны?

7 Шәаԥхьа 1 Коринфаа рахь 15:35—38. Аԥсҭаларахь иҳамоу агәрахаҵара зырԥсыҽыр зҭаху шьоукы ус иҳазҵаар ҟалоит: «Аԥсцәа рыԥсы злаҭалоузеи, мшәан?» Павел уи азҵаара аҭак шыҟаиҵаз ҳахәаԥшыр бзиахон, избанзар иахьа ауаҩы даныԥслак ашьҭахь иҟало иазкны ауаа еиуеиԥшым агәаанагарақәа рымоуп. Аха иаҳнарҵозеи Абиблиа?

Ажәлеи аҵиааи ҿырԥштәыс иааганы Павел иҳаилиркааит Анцәа зыԥсы ҭеиҵо иахәҭоу ацәеижь риҭар шилшо. (Шәахәаԥш абзац 8.)

8. Иарбан ҿырԥштәу жәҩантәи аԥсҭалара зеиԥшроу аилкаара иҳацхраауа?

8 Ауаҩы даныԥсуа ицәеижь баауеит. Аха адунеи ду зшаз Анцәа Иегова уи иахәҭоу ацәеижь иҭаны иԥсы ҭеиҵар илшоит (Аҟаз. 1:1; 2:7). Павел жәҩантәи аԥсҭалара аӡбахә аниҳәоз иааигаз аҿырԥштәы иаҳнарбоит Анцәа ауаҩы иԥсы анҭеиҵо даҽа цәеижьк ииҭар шилшо. Иаҳҳәап, ауаҩы ажәла анылаиҵо, уи аизҳара иалагоит, насгьы аҵиаа ахылҿиаауеит. Уи аҵиаа ажәла хәыҷ зынӡаск иеиԥшӡам. Павел ари аҿырԥштәы ихы иархәаны иаҳирбеит Анцәа ауаҩы иԥсы анҭеиҵо ииҭаху ацәеижь ииҭар шалшо.

9. Иҳаилнаркаауазеи 1 Коринфаа рахь 15:39—41 иану?

9 Шәаԥхьа 1 Коринфаа рахь 15:39—41. Павел иазгәеиҭеит Анцәа ишамҭақәа зегьы даараӡа ишеиԥшым. Иаҳҳәап, аԥстәқәеи, аҵарақәеи, аԥсыӡқәеи рцәеижь еиԥшӡам. Уи адагьы, иара иазгәеиҭеит ҳара ажәҩан икыду амреи амзеи шеиԥшым шаҳбо. Иара убас Павел иҳәеит «аеҵәақәагьы лашарала, елаарцыррала аки-аки еиԥшым, еиҟарам» ҳәа. Уи ҳаблақәа рыла ишаҳамбогьы, ус ауп ишыҟаҵәҟьоу. Аҵарауаа ирҳәоит ишыҟоу идуӡӡоу иҟаԥшьу аеҵәақәа, ихәыҷқәоу ишкәакәоу аеҵәақәа, насгьы ҳамреиԥш иҩеижьу аеҵәақәа. Уи адагьы, Павел иҳәеит «иҟоуп ижәҩантәу ацәеижьқәа, иҟоуп идгьылтәу» ҳәа. Ииҳәарц ииҭахызи иара? Адгьыл аҿы инхо идгьылтәу ацәеижь рымоуп, ажәҩанаҿ инхо — ижәҩантәу, амаалықьцәа реиԥш.

10. Иарбан цәеижьу жәҩантәи аԥсҭазааразы зыԥсы ҭало ироуа?

10 Анаҩс Павел иҳәеит: «Убас ауп ишыҟало аԥсцәа ргылараангьы: иларҵауа ацәеижь — ибаауа, ихәаш-хәаша, еимытта ицо акоуп, абзахаратәи агыларатәи ацәеижь — баара-ԥсра ақәым». Ҳара иаҳдыруеит ауаҩы даныԥсуа ицәеижь шбаауа, дызлыху асабахь дшыхынҳәуа (Аҟаз. 3:19). Нас ҵакыс ирымоузеи «ацәеижь — баара-ԥсра ақәым» ҳәа Павел ииҳәаз ажәақәа? Ара Павел зыӡбахә иҳәоз Ильиеи, Елисеии, Иисуси адгьыл аҿы зыԥсы ҭарҵаз ауаа ракәӡамызт. Аха жәҩантәи аԥсҭазааразы зыԥсы ҭало, «идоуҳатәу» ацәеижь зауа роуп (1 Кор. 15:42—44).

11, 12. Зҽызыԥсахзеи Иисус иԥсы анҭала, зҽызыԥсахуазеи иԥшьоу адоуҳала иалху ақьырсианцәагьы рыԥсы анҭало?

11 Иисус адгьыл аҿы даныҟаз иаабац ацәеижь иман, аха иԥсы анҭала адоуҳатә цәеижь иоуит, ажәҩан ахьгьы дхалеит. Убас еиԥшҵәҟьа иԥшьоу адоуҳала иалхыз ақьырсианцәа жәҩантәи аԥсҭазааразы рыԥсы ҭалараны иҟан. Павел иҳәоит: «Идгьылтәу рхаҿра шҳамаз аиԥш, убасҵәҟьа ижәҩантәқәоу рхаҿра ааҳхәараны ҳаҟоуп» (1 Кор. 15:45—49).

12 Ҳара иаҳхаҳмыршҭлароуп Иисус иԥсы анҭала ауаҩытәыҩсатә цәеижь шимоуз. Павел ари атема аныхиркәшоз уи ус закәыз ҳаилиркааит. Иара иҳәеит: «Ашьеи ацәеижьи ракәым Анцәа Иаҳра иаџьынџьхо» (1 Кор. 15:50). Убри аҟынтә апостолцәеи иԥшьоу адоуҳала иалхыз егьырҭ ақьырсианцәеи жәҩантәи аԥсҭазааразы рыԥсы анҭалоз ашьа злоу ибаауа ацәеижь акәӡамызт ироуаз. Рыԥсы ҭалараны ианбаҟаз дара? Павел иҳәеит дара анԥслак ашьҭахь иаразнак акәымкәа, аамҭак ашьҭахь рыԥсы шҭалоз. Павел коринфаа актәи асаламшәҟәы анырзиҩуаз аҵаҩцәа шьоукы ԥсхьан, иаҳҳәап, апостол Иаков (Аус. 12:1, 2). Ԥыҭрак ашьҭахь егьырҭ апостолцәагьы иԥшьоу адоуҳала иалхыз ақьырсианцәагьы ԥсит (1 Кор. 15:6).

АԤСРА АҾАԤХЬА АИААИРА

13. Иарбан хҭысқәоу Христос данаалак ашьҭахь иҟалараны иҟаз?

13 Иисус иеиԥш Павелгьы иҳәеит ауаҩытәыҩсатә ҭоурыхаҿы иҷыдоу аамҭа шыҟалоз — Христос иаара аамҭа. Христос данаалак ашьҭахь адгьылаҿы аибашьрақәеи, адгьылҵысрақәеи, ачымазараҿкқәеи, егьырҭ арыцҳарақәеи ҟалар акәын. Ҳара иаҳбоит ари аԥааимбаражәа 1914 шықәсазы анаӡара ишалагаз. Уи адагьы, Иисус иҳәеит уи аамҭазы иҷыдоу даҽакгьы шыҟалоз: Анцәа Иаҳра шышьақәыргылаз иазку ажәабжь бзиа адунеи аҿы ажәларқәа зегьы ишрылаҳәахоз, убасҟан ишааиуаз аҵыхәтәа (Матф. 24:3, 7—14). Иара убас Павел иҳәеит Иҳақәиҭу данаауа ашьҭахь доуҳала иалхыз ақьырсианцәа рыԥсы шҭалоз (1 Фес. 4:14—16; 1 Кор. 15:23).

14. Рыԥсы анбаҭало Христос иҟазаара аамҭазы иԥсуа доуҳала иалху ақьырсианцәа?

14 Ҳаамҭазы доуҳала иалху ақьырсианцәа аныԥсуа иаразнак жәҩантәи аԥсҭазаара роуеит. Уи ус шакәу ҳдырбоит 1 Коринфаа рахь 15:51, 52 ирну Павел иажәақәа: «Ҳарҭ зегьы ҳаԥсуам, аха ҳарҭ зегьы ҳҽаҳаԥсахраны ҳаҟоуп. Иаалырҟьаны, еимгеимцарак иалагӡаны, аҵыхәтәантәи абыкьыбжь анго аамҭазы». Павел иажәақәа ҳаамҭазы анаӡара иаҿуп! Христос иашьцәа рыԥсы анҭало агәырӷьара ду роуеит, избанзар наӡаӡа Иҳақәиҭу ицҟазаауеит (1 Фес. 4:17).

Иԥшьоу адоуҳала иалху ақьырсианцәа Иисус ивагыланы адгьыл аҟынтә ауаа цәгьақәа ықәыргоит. (Шәахәаԥш абзац 15.)

15. Иарбан усу жәҩантәи аԥсҭазааразы зыԥсы ҭаҵахо ақьырсианцәа ирзыԥшу?

15 Абиблиаҿы иануп иԥшьоу адоуҳала иалху ақьырсианцәа ажәҩан аҿы иҟарҵало. Абар Иисус урҭ иреиҳәаз: «Аиааира зманы иҟоу, сгәаҳәара аҵыхәтәанынӡа иназыгӡо ауаҩы Анцәа Ҵабырг дыззымдыруа инапаҿы излааигаша амчра исҭоит. Уи — амчра иадыргоу иеихатә лабакьаҿ аанкыланы урҭ дырхагылоит; даргьы анышәаԥшь ҳаԥшьа аиԥш ихәаш-хәашоит — рыҽирҭоит, абас еиԥш ауп Саргьы Саб иахьтә амчра шсоуз» (Аат. 2:26, 27). Дара Иисус ивагыланы аихатә лабакьаҿ аанкыланы ажәларқәа ирхагылоит (Аат. 19:11—15).

16. Ишԥаиааиуеи аԥсра доуҳала иалху ақьырсианцәеи Анцәа изиашоу егьырҭ ауааи?

16 Иԥшьоу адоуҳала иалху ақьырсианцәа жәҩантәи аԥсҭазаара анроуалак аԥсра иаиааиуеит (1 Кор. 15:54—57). Рыԥсы ахьҭало абзоурала даргьы аибашьра Армагеддон аҿы адгьыл ацәгьара аҟынтә идрыцқьоит. Миллионҩыла егьырҭ ақьырсианцәа арыцҳара ду иацәынхоит, насгьы адунеи ҿыц аҿы инхалоит (Аат. 7:14). Дара рыблала ирбоит миллиардҩыла иԥсхьаз ауаа рыԥсы шҭало. Уи аԥсра аҿаԥхьа даҽа иааирак акәхоит. Шәхаҿы иаажәг уи шаҟа гәырӷьара рзаанаго! (Аус. 24:15). Гәыкала Иегова изиашазаауа Адам иҟынтә иаҳҭынхаз аԥсрагьы иаиааиуеит. Дара наӡаӡа инхалар рылшоит.

17. Иҟаҳҵалар ҳахәҭоузеи ҳара 1 Коринфаа рахь 15:58 иану инақәыршәаны?

17 Ҳара рыхә ҳаракны иаҳшьозароуп Павел аԥсҭалара иазкны Коринфаа ирзиҩыз агәҭынчра ҳазҭо ажәақәа. Павел иҳәеит «шәымч-шәылшара зегьы Иҳақәиҭу имаҵура иазышәк» ҳәа. (Шәаԥхьа 1 Коринфаа рахь 15:58.) Ҳара ари алабжьара ақәныҟәаразы амзызқәа рацәаны иҳамоуп. Анцәа имаҵзураҿы ҳхы ҳамеигӡаӡакәа аџьабаа ҳбалар, ҳаԥхьаҟа зеиԥшыҟам аԥсҭазаара ҳауеит. Уи уажәы ҳхаҿы иааҳго аԥсҭазаара иузадкылом. Усҟан ҳара иаҳбоит «Иҳақәиҭу иҿаԥхьа и[аҳ]бо аџьабаа бжьаӡраны ишыҟам».

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Ишԥаҳацхраауеи аԥсҭалара агәра ахьаҳго, ҳаԥсҭазаара ашәарҭара ианҭагыло?

  • Иарбан усу иԥшьоу адоуҳала иалху ақьырсианцәа Христос ицнарыгӡало?

  • Избан 1 Коринфаа рахь 15:58 иану алабжьара инақәыршәаны ҳанхалар зҳахәҭоу?

АШӘА 140 Абар, наӡаӡатәи аԥсҭазаара!

a 1 Коринфаа рахь ирхаз асаламшәҟәы 15-тәи ахы аҩбатәи ахәҭа аԥсҭалара иазкны иҳаилнаркаауа маҷым, еиҳараӡак жәҩантәи аԥсҭалара иазкны. Аха уа Павел ииҩыз егьырҭ ауасақәа рзгьы аинтерес аҵоуп. Ари астатиа аҟынтә ҳара еилаҳкаауеит аԥсҭалара иадҳәалоу агәыӷра уажәнатә ҳаԥсҭазаашьа ианырлар шакәу, насгьы ҳаԥхьаҟа насыԥла иҭәу аԥсҭазаара аиура ишҳацхраауа.

b Ари аҭыжьымҭаҿы иаагоу «Аԥхьаҩцәа рызҵаарақәа» аҿы 1 Коринфаа рахь 15:29 иану Павел иажәақәа еилыргоуп.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра